Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи идиныҳәалеит. Адныҳәаларатә цҳамҭаҿы, иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәа лашеи! 2024-тәи ашықәс ҿыц Урыстәылатәи Афедерациа Шәара шәнапхгарала иаԥылоит аиашареи, аҳаҭыреиқәҵареи, асуверенитети рпринципқәа шьаҭас измоу адунеишьақәгылара аформат ҿыц ҳәаақәызҵо иӷәӷәоу аҳәынҭқарра статус аманы. Гәыҩбара ыҟам, Шәара имҩаԥыжәго аполитика аурыс жәлари, шәҩызцәеи, Урыстәыла ду иадгыло зегьи аԥхьаҟагьы…