Актиор, амшынуаҩ

Инеиԥынкыланы 50 шықәса ҵуеит Аԥсни Адыгатәылеи зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан имшынуаҩхаз аибашьра аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу аполковник ԥхьатәа Лаврик Давид-иԥа Ахба аԥсуа театр асценаҿы еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа наигӡоижьҭеи, аԥсуа милаҭтә ҟазара амаҵ азиуеижьҭеи.

Аԥсадгьыл аиқәырхара анаҭахха, агәаӷьреи агәымшәареи аарԥшны Аԥсны аҵеицәа рыгәҭа игылаз, абаҩхатәра злоу актиор ахӡыргара зцәаҩам уаҩуп. Лаврик Ахба иактиортә ҟазареи, ҷыдала, иеибашьратә мҩеи ирызкны ҳаиҿцәажәара азныказы, мап ацәикит, аха нас дазааит.
50 шықәса рыҩнуҵҟала Лаврик Ахба аԥсуа сценаҿы иааирԥшхьоу, ҟазара ҳаракыла инаигӡахьоу ахаҿсахьақәа еиуеиԥшым. Урҭ ируакуп: Ф.Искандер иҩымҭа иалху аспектакль «Махаз» аҟны – аҭаҳмада ироль; Е.Шварц иҩымҭа иалху «Аҳәынҭқар ҟьантаз» аҟны – актәи аминистр; А.Грибоедов иҩымҭа «Зыхшыҩ зызрыцҳароу» – Сколозубов; П. Кальдерон иҩымҭа «Аԥсҭазаара ԥхыӡуп» – апринц Астольфо; «Кьоџьаа рҭыӡшәа» – (К.Гольдони); «Гәараԥаа рписар» – (М.Бӷажәба) уҳәа убас егьырҭгьы.
Атеатртә ҟазара инаваргыланы Лаврик Ахба акинематографиа аҟынгьы, Урыстәылатәи арежиссиорцәа рыбзоурала «Мосфильм» аҟны иҭырхуаз, зметраж кьаҿыз афильмқәа: «Песня гор», «Алхас и Джулетта», «Летние каникулы», «Противостояние», «Детство Чика» уҳәа рҟны дыхәмархьеит, еиуеиԥшым арольқәа наигӡахьеит.
«Ирацәаӡам инасыгӡахьоу ахаҿсахьақәа, аха арежиссиорцәа исыдыргалаз епизод кьаҿзаргьы, анагӡара мап ацәысымкыцт», – иҳәеит уи, ҳаиҿцәажәара хацыркуа.
– Актиор еиҳа деицырдырыртә, дрылаҵәартә аҭагылазаашьа изҭо акоуп – акино. Хаҭала, сара сзы игәыԥсыршьагоуп, еиҳа исгәаԥхоит акино аҟны ахәмарра, афильм аҟны аҽҭыхра, ароль анагӡара. Атеатртә ҟазара сыԥсҭазаара иахәҭакуп, 50 шықәса раахыс, иахьа уажәраанӡа уи арҿиара салагылоуп, сыгәгьы азыбылуеит, аха акино еиҳа еиӷьасшьоит, аинтерес сзаҵоуп.
Атеатр аҟны, актиор лассы-лассы асцена дықәлозароуп. Еиуеиԥшым ажанрқәа рыла аспектакльқәа рҟны ахаҿсахьақәа наигӡозароуп, асцена иԥсҭазаараны иҟазароуп, усҟан ауп актиор ибаҩхатәра, иҟазара анеизҳауа.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, асценаҿы уахгьы-ҽынгьы аҟазаара анаҭаху аамҭазы, ҳара иуарла-шәарланы, шықәсык ахьтә 5-6-нтә ҳцәырҵуа ҳалагеит. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа, аҭагылазаашьа, аҟазара аҿиара, аизҳара иаԥырхагоуп, актиор ибаҩхатәра аарԥшра, аӡыргара, иԥышәарҳара алнаршом, – дҳацәажәон уи.
Зҟазарала аԥсуа театр арепертуар зырбеио актиор иажәақәа рыла, аспектакльқәа рацәазароуп. «Еицырдыруа адраматургцәа рпиесақәа аспектакльқәа рылхны рықәыргылараан, арежиссиорцәа рҽазыршәозароуп, аԥсуа хымҩаԥгашьа иазааигәоу, ҳгәыжәла иашьашәалоу арҿиамҭақәа ралԥшаара. Урҭ аԥсуа-ц́әа аҟәынҵаны ахәаԥшҩы изнагара», – азгәеиҭеит Лаврик Ахба.
Хаҭала, атеатртә ҟазара аизҳараҿы, аспектакль аҩаӡара аҳаракыраҿы арежиссиор иус шхадоу азгәаҭо, Аԥсни Адыгатәылеи зҽаԥсазтәыз артист дазааҭгылеит: Нелли Ешба, Дмитри Кәартаа, Валери Ақаҩба реиԥш иҟаз, зус бзианы издыруаз арежиссиорцәа хатәрақәа аус рыцура насыԥс Анцәа ду ишиаҭәеишьаз. Аха, режиссиорк иаҳасабала, иусуратә знеишьа еиҳа игәы ишақәшәоз, иагьшаликаауаз, акыр шықәсқәа инеиԥынкыланы аус зциуаз Валери Ақаҩба.
Лаврик Ахба актиортә ҟазарахь ихьаԥшра шыҟалаз ҳзеиҭеиҳәеит Аҷандаратәи абжьаратә школ даналга ашьҭахь, аханатә И.К. Карпенко-Карого ихьӡ зху атеатри, акинои, ателехәаԥшреи Киевтәи рмилаҭтә университет дҭаларц шиӡбаз, аха уи ашықәсан аурыс сектор ахьыҟамлаз аҟнытә, ихы ззикыз арежиссиор изанааҭ аиуразы иҵара залымшакәан дшыхынҳәыз.
Аԥсуа драматә театр аҟны иаартыз астудиаҿы ихы ԥишәарц иабжьаргеит ԥшра-сахьала асцена дшанаалоз гәазҭаз, Лаврик Ахба иҩнаҭа иаҭааз асасцәа. Урҭ атеатр иадҳәалаз, амаҵ азызуаз, руаӡәк еиуарала ирзааигәаз Олег Лагәлаа иакәын.
Уи акәхеит, аԥхьаҟа иактиорхараны иҟаз Лаврик Ахба, мызкы дагханы атеатр аҟны иаартыз, аусура иалагахьаз астудиахь днеит.
Аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь, акомиссиа иалаз рыбзоурала, аба­ҩхатәра змаз аҿар алԥшааны 1970 шықәсазы Қарҭтәи атеатртә институт ахь иршьҭуаз 30-ҩык рсиа далан Лаврик Ахбагьы.
Раԥхьатәи асценаҿы ицәырҵра агәыхыҭ-хыҭра иацыз игәаларшәо дҳацәажәон.

– Раԥхьа асценахь сызла­цәырҵыз, Аԥсны жәлар рартист, арежиссиор Нелли Ешба иқәлыргылаз Баграт Шьынқәба ирҿиамҭа «Ахра ашәа» иалхыз аспектакль ала ауп. Исгәалашәоит, асцена сахьықәыз, даҽа планетак аҟны сыҟазшәа схы шызбоз, убриаҟара агәыхыҭ-хыҭра сыман. Уижьҭеи акыр аамҭа шцахьоугьы, аԥышәа шсымоугьы, раԥхьатәи сгәы хыҭ -хыҭра иахьагьы исзынхеит. Ҩаԥхьа асценахь ацәырҵра агәҭынчымра ацуп…
Аԥсуа драматә театр аихьӡарақәа дрылацәажәо, дазааҭгылеит ҳаԥсуа доуҳа, ҳҟазара Аԥсны анҭыҵ ахәаԥшцәа еицырдыруа иҟазҵаз, иреиҳау аԥхьахәқәа занаршьахьаз аспектакльқәа ишреиуоу Аԥсны жәлар рартист, арежиссиор Валери Ақаҩба иқәыргыламҭақәа: «Шьапыла», «Зыхшыҩ зызрыцҳароу», «Аҽшьҩы», «Махаз», «Гәараԥаа рписар», «Кьоџьаа рҭыӡшәа».
Аҵыхәтәантәи аамҭазы ахаҿсахьақәа маҷны ишынаигӡахьоу азгәаҭо, Лаврик Ахба иҳаиҳәеит, гәахәарыла ароль ахьынаигӡаз ишыруаку, режиссиорк иаҳасабала зусушьа игәаԥхо, макьана, ари азанааҭ ала аҵара зҵо актиор қәыԥш Гәыдиса Ҭодуа иқәиргылаз ахәыҷқәа ирызку аспектакль «Апринц хәыҷы» аҟны. Уаҟа уи инаигӡон ихадоу – аԥырҩы ироль.
Ааигәа, зпремиера ыҟаз, аб­аҩхатәра злоу арежиссиор Та­мерлан Ӡудцов иқәиргылаз, Е.Шварц иҩымҭа иалху аспектакль «Аҳәынҭқар ҟьантаз» аҟны ахаҿсахьақәа нызыгӡоз актиорцәа дыруаӡәкуп.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагоз амш игәаларшәо, иажәа дналагеит, усҟан Аԥсуа драматә театр аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс иҟаз Лаврик Ахба: «Аҽны амш каххаа амра ԥхон, асааҭ 11 ҟалахьан еиԥш, атеатр аҟны имҩаԥаагоз аизара аахҳаркәшоны, Аԥсны жәлар рартист Рушьни Џьопуа дааҩналан «аибашьра иалагеит» иҳәеит.
«Сара Киевҟа амҩа сықәгылан, уа Академиатә театр аҟны имҩаԥаҳгараны иҟаз агастрольқәа инарымаданы», – иҳәеит иҩызцәа аӡәырҩы реиԥш, Киевҟа ацынхәрас Гәдоуҭаҟа имҩа ширхаз азгәаҭо.
Лаврик Ахба аибашьра ра­ԥхьатәи амшқәа рзы абџьар имамызт, аха аибашьцәеи, ахҵәацәеи фатәыла-жәтәыла реиқәыршәаразы, Нхыҵ-Кавказынтәи иаауаз аидарақәа зқәыз аӷбақәа ирықәызхуаз дыруаӡәкын. Аса­хьаҭыхҩцәеи актиорцәеи 30-ҩык инарзынаԥшуа еизигеит аӷбақәа афатә рықәхразы. Анаҩс, Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь, Ешыратәи ахырӷәӷәарҭахь диасит. Ахылаԥшырҭа апункт аҿы дыҟан. Уа рацәак изымычҳаит, дымшынуаҩымызт, аха иӡбеит амшынуаҩрахь диасырц, аибашьраҿы ихы ԥишәарц.

«Марттәи ажә́ылара ашьҭахь, издыруаз аӡәы исеиҳәеит катерла амшын ихылоз аӡә дшырҭахыз, ишеизымхоз. Аԥышәа шсымамыз мҳәакәан, иаразнак «сара сцоит» – сҳәеит. Срыдыркылеит. Акатерқәагьы ҳазхара ыҟамызт раԥхьа, катерк сыԥшаан, уи еиҭашьақәсыргылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь, Гә́доҭантәи хҩыкны: Ҭаниа (ихьӡ игәалашәом) Тариел Џьопуеи сареи амшын ҳхылеит. Аиашазы, даара ишәарҭан, амшын аҿы ахыхьчара еиҳа иуадаҩуп. Аха ҳара Гәдоуҭантәи Аҟәа абаӷәаза аҟынӡа ҳаауан, асасааирҭа «Тбилиси» ҳаихсуан. Иҟан амшын ҳаӡхыҵны ҳанԥшыхәуазгьы, аӷа итәарҭа-игыларҭа, имазара ангәаҳҭоз. Абџьарла ҳаиқәшәан, абзарбзан хыршәга, агранатаршәга, автоматқәа, аџьаԥҳаны, аҳаирплан ԥжәага уҳәа рыла ҳаибыҭан. Ҳаӷацәа ҳзықәтәаз акатерқәа «Аԥсуа лаханкақәа» ҳәа ирышьҭан. Ҳхы ишықәԥшлак абџьар хкыс ирымаз зегь ҳгәыдҵо рҿаархон, дареи ҳареи ҳабжьара акырынтә аиҿахысра ӷәӷәақәа ҟалахьан. Иаҳаулак ҳрыцәцон. Акыр­ынтә адесант ӡхаагахьан. Тамшь адесант анӡхаагоз, ҳгәазҭаз ҳаӷацәа ҳаихсра иалагеит, аха ҳҭархара рылымшеит.
Ҳаиҿцәажәараан излеилаҳкааз ала, уи амшын аԥан шизымдыруазгьы, дашьцылеит, наџьнатә аахыс амшын дхызшәа иҵеит. «Уанақәшәалак, иҟаумҵо, иузымҵо акгьы ыҟам. Саргьы исымҵар ԥсыхәа сымамызт. Амала аамҭа кьаҿк иалагӡаны снапаҿы иаазгеит амшын амаӡақәа» – иҳәеит, амшын аҭыӡшәа анузымдыруа, уанацәыхароу иуадаҩӡами амшынуаҩхара ҳәа ҳаниазҵаа.
Актиор иеибашьратә́ мҩа ра­цәак иҽагәылаихаломызт, иаахыҵәҵәа-хҵәаны, иааркьаҿны акәын ахҭысқәа шеиҭеиҳә́оз, аха ҳаргьы излауазала, игәылҭәааны еиҭеиҳәарц азҵаарақәа иаҳҭон, нас инижьыз ахәҭақәа дрызхьаԥшны ихаҭәааны аиҭаҳәара дналагон.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьгьы, аибашьра аветеран амшын аанимыжьит, актиортә ҟазареи иареи еилеигӡон. Аҟәа араион Амшын база Ахеилак акомандирс дыҟан. Ажәакала, аибашьра ашьҭахь 27 шықәса инеиԥынкыланы амшын ихыз аҳәаахьчаҩцәа дреиуан. Иахьа аполковник ԥхьатәа амшын аанижьит, уаанӡа еилеигӡозҭгьы, уажәы актиортә ҟазара амаҵ азиуеит.
Ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз, ҳазыԥшӡамкәан, еимгеимцарак ала игәалашәаз хҭыск дшаргәаҭеиз убаратәы, азныказы, дгыларц иҽыназикит, нас ашьшьыҳәа иҭыԥаҿы днатәан аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы, амшын аҳәаа ахьчара иазкыз хҭыск аиҭаҳәара иҽыназикит:
«2001 , 2002 шықәсқәа рзы акәу цқьа исгәалашәом, аха арҭ ашықәсқәа руак иахыгаӡам.
Аԥсыӡкра Очамчыраҟа ҳцоит ҳәа акатер ҿыц ҳақәтәаны амшын ҳхылеит. Ауха ақәа кыдхаҽа илеиуан, аҭырқәа ԥсыӡкцәа рыӷба иацраҳәаны ҳдәықәларц ҳаӡбеит, аха амшцәгьа анырба, аԥсыӡкцәа мап ркит, ихынҳәит.
Сҩызцәеи сареи абџьар аашь­ҭаҳхын, ҳашцоз, Егры аҳәаа аҟны ҳнаӡарц хԥаҟа километр шыбжьаз, ҳгәазҭаз ақырҭцәа ркатер ӡхыганы абна рҽарҭеит. Нас – уаантәи иҳаихсуа рҿаархеит, ҳаргьы аҭак раҳҭеит. Ажәакала, аиҿахысра ӷәӷәа ҟалеит ҳабжьара. Ҳара ахыԥсаҟьага ала ақырҭцәа ркатер ҳҟәаҟәеит».
Нас, агазеҭ ахь анҵара аҭахым иҳәан, усҟан 2 тоннак аԥсыӡ зқәыз аӷба, 5-ҩык ақырҭцәа шҭаз ишитҟәаз азгәаҭо, акапитан Ԥуҭ ақалақь иатәыз, Паҷкориа шижәлазгьы шигәалашәо нациҵеит.
Аиашазы, иҵегь ҳиҿцәажәандаз шаҳгәахәуаз, «мыцхәгьы сҳәеит» – иҳәан игәалашәаратә хҭысқәа ааиқәиҳәалеит актиор, амшынуаҩ Лаврик Ахба. Ҳара иаҳзынхаз – ҳаиҿцәажәаразы иҭабуп ҳәа иаҳәара заҵәык акәын.

Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me