Иреиӷьӡоу дреиуахеит

17 Ԥхынгәы 2024 08:58
Иреиӷьӡоу жәаф-ҩык ахә­марҩцәа ды­рхыԥхьаӡалахеит Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аишәатә ԥкьаҭмпыл асҩы Аманда Кокоева, Ҟабарда-Балкариа аспорт аминистрра анапхгарала, аҳҭнықалақь Нальчик ииуль 7-10 рзы имҩаԥысуаз аишәатә ԥкьаҭмпыл азы XXI арегионбжьаратә турнир аҟны.

«Аԥштәы – уи Сара»

17 Ԥхынгәы 2024 08:43
Ҳазну амза аԥхьатәи амшқәа рзы, Санкт-Питербург ақалақь аҟны, «Аԥштәы – уи Сара» ҳәа хьӡыс измоу хаҭалатәи лцәыргақәҵа аатит, жәларбжьаратәи афестивальқәеи аицлабрақәеи акыр раԥхьахәгаҩ, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи асахьаҭыхҩы қәыԥш Лира Алборова. «Араҟа ицәыргақәҵахоит 40 усумҭа. Урҭ зегь аԥҵоуп абстракттә импрессионизм ахырхарҭа ала» ҳәа азгәалҭеит зҟазара уагәыланахало Лира. Асахьаҭыхцәа ҿарацәа реилазаара «Tskhinyal 5» алахәыла Лира Алборова хаҭалатәи лцәыргақәҵа раԥхьаӡа имҩаԥган 2022 ш. рзы лыдгьыл…
Акыр иаԥсоу ҳаԥхьаҩцәа! Аӡәгьы изы имаӡаӡам Кавказ нхыҵ иқәынхо ҳаешьаратәи егьырҭ ашьхаруа жәларқәеи ҳареи ҳаимадара аҵакы.
Иуль мза 10 рзы И. Е. Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара Ацентр аҟазаратә зал аҟны имҩаԥысит ашәа аԥҵаҩцәа-анагӡҩцәа XI –тәи Жәларбжьаратәи рфестивль «Ашәа узысҳәоит Аԥсынра», уи 2010 шықәса раахыс имҩаԥысуеит.

Ақыҭа цәаҩа зныԥшуа

16 Ԥхынгәы 2024 10:17
Зхатә ҷыдара змоу, зегь реиҳа ицқьоу амилаҭтә цәаҩа аӡыхьқәа рхы ахьыҵырхуа, аԥсуа мца жжаӡа иахьеиқәу ақыҭа даҽакы иалаҩашьом.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me