Ашә аныҳәа

08 Цәыббра 2024 14:58
Иахьа ихыркәшахеит Адыгьеиа, Маиҟәаԥтәи араион, Даховтәи адәҳәыԥш аҟны сентиабр 7-8 рзы имҩаԥысуаз, есышықәса зымҽхак зырҭбаауа, Адыгьеиа мацара акәымкәа, Урыстәыла еиуеиԥшым акәакьқәа рҟнытә зқьҩыла ауаа здызыԥхьало, амилаҭтә чыс аӡыргаразы традициак иаҩызахаз Адыгьеиатәи ашә XIII афестиваль.Ашә аныҳәа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Ареспублика Адыгьеиа Ахада Мураҭ Кумпилов, иара убас, атәыла аиҳабыра рхаҭарнакцәа.Афестиваль аҟны иӡырган Адыгьеиа араионқәа зегь раарыхреи рмилаҭтә напҟазареи аазырԥшуа аалыҵ…
Гәдоуҭа араион аҿы активла имҩаԥысуеит амҩатә инфраструктура аиҭашьақәыргылара.Ақыҭақәа Хәаԥ, Лыхны, Бармышь рҿы иҳаҩсыз хымчыбжь ирылагӡаны асфальт ақәҵара иалагеит. Хәаԥ аусура хыркәшоуп, Лыхни Бармышьи рҿы уи апроцесс иацҵоуп. Гәдоуҭеи Хәаԥи еидызкыло амҩа акыраамҭа аҭагылазаашьа бааԥсын, уи иахҟьаны аныҟәара уадаҩын.Уажәы асфальт ҿыц ахьышьҭаҵаз иабзоураны ақыҭауаа рхы иақәиҭны аныҟәара рылшоит. Хәаԥ 154 ҭаацәара ыҟоуп, урҭ рҟынтә 130 инареиҳаны иааиԥмырҟьаӡакәа ақыҭаҿы инхоит. Аҭыԥантәи анхаҩы…
Ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Гәышька Папасқьыр диижьҭеи 110 шықәса ҵит. Гәышька Гьаргь-иԥҳа Папасқьыр диит 1914 шықәса сентиабр 2 рзы иахьатәи Очамчыра араион Кәтол ақыҭан (лыԥсҭазаара далҵит – 02.07.1999). Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы зыхҵаз СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Ҩышықәса аҵара лҵон Кәтолтәи алагарҭатә школ аҟны, нас лҵара иацылҵеит Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи аҧсуа школ аҟны (1923-1933).…
Валери Аҩӡба Гәдоуҭа араионтә Еизара адепутатцәа Валери Аҩӡба Гәдоуҭа араион Ахадара аиҳабыс дшьақәдырӷәӷәеит. 28-ҩык рҟынтәи 27-ҩык араионтә Еизара алахәылацәа Валери Аҩӡба икандидатура азы рыбжьы арҭеит, аӡәы – мап ацәикит. Валери Аҩӡба диит абҵарамза 3, 1957 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан. 1978 – 2020 шш. Аҷандаратәи абжьаратәи ашкол аҿы аус иуан, 1992 шықәса инаркны уи адиректорс дыҟан. Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы…
90 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит еицырдыруа аҳәынҭқарратә, ауаажәларатә усзуҩ, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ (1992-1996), Аԥсны Афырхаҵа Альберт Тополиан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me