Иҭыҵит алитература-сахьаркыратә, ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» аномер ҿыц (№4, 2024 ш.). Ажурнал аатуеит сынтәа 75 шықәса зхыҵыз апоет, ауаажәларратә усзуҩ, ажурнал «Аԥсны аҟазара» аредактор хада Геннади Аламиа иҿцәажәарала. Аиубилиар диҿцәажәеит ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Аҵыхәтәантәи лымзеи лымшқәеи рзы апоет Инна Аҳашԥҳа лыԥсы иахылҵыз ацәаҳәақәа уамашәа иубартә илықәҿион. Усҟан Инна Шәача дыҟан, лчымазара бааԥс фырԥҳәызбаҵас илхылгон. Хьааны лгәы иҭаз дахьынаԥшы-ааԥшуаз илбоз анкьатәи Убыхтәыла, аҭоурыхқәа ракәын.
Арҵаҩы, ааӡаҩ аибашьра амҩа ианылара имариоу усым.Аамҭақәак ҳаман ҳҵаҩцәа адунеиаҿ аҭынчреи ажәларқәа реиҩызареи анрыла­ҳааӡоз. Аха ус изыҟамлеит еиҳау- еиҵоу абџьар шьҭыхны ианеиҿагыла. Ус изыҟамлеит хә-миллионҩык зхыԥхьаӡара наӡоз ақырҭуа жәлар шә-нызқьҩыуаак иреиҳамыз аԥсуа жәлар рықәхра хықәкыс иҟаҵаны, бџьар хкыла еиқәных рҿанаарха, усҟан аибашьра амҩа ианылар акәхеит хәыҷгьы-дугьы.

АСАХЬАҬЫХҨЫ, ААӠАҨ

18 Цәыббра 2024 09:08
Аҧсны анҭыҵ ҳтәыла ахьӡ ҭызго аҵеицәа ируаӡәку, иҧсадгьыл аҟны еиҧш, Урыстәылан ибзианы ирдыруа аҧсуа сахьаҭыхҩы, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, 2000 ш. раахыс апедагогикатә ҵара Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Рауф Чынчор-иҧа Барцыц 70 ш. ихыҵит.
1993 шықәса цәыббра 16 рзы Очамчыра ақалақь авокзал аҿаԥхьа ақырҭуа фашистцәа гыгшәыграла лыԥсҭазаара далырхит Аԥсны азы зхы иамеигӡоз аԥсуа фырԥҳәызба Цаца Казанба. Ҩажәа шықәса уажәаԥхьа агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа ирнылаз ари афырԥҳәызба илызку астатиа ҩаԥхьа аԥхьаҩцәа ишәыдаагалоит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me