Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит аԥсуа жәлар рмузыка-арҳәагақәа роркестрқәа XIII рреспубликатә фестиваль «Аԥхьарца». Уи азкын еицырдыруа аҟазараҭҵааҩы Иван Еснаҭ-иԥа Кортуа игәалашәара.
Ашьапылампылтә сезон – 2024 аартра иазкын иахьа, аҩаша, хәажәкырамза 5 рзы, Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Шабаҭ Логәуа, аҟәатәи «Динамо» акаԥдан Аслан Багаҭелиа, Ашьапылампылтә Клуб «Гагра» акаԥдан Асҭамыр Ҵышәба Sputnik Abkhazia апресс-центр аҿы ажурналистцәа ирырҭаз апресс-конференциа.
Аԥсны ахьӡ аҭыгара, акультура аиқәырхара, иреиҳаӡоу аихьӡарақәа раарԥшра – ари уалԥшьоуп зегьы рзы. Ааигәа Харитон Агрба диацлабуан Мексикатәи аспортсмен Хосе Мигель Боррего «Лига ставок. Ночь чемпионов IBA» «Сириус» имҩаԥнагаз атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны. Араҟа иԥшьоу аԥхьахә игеит Аԥснытәи абоксиор Харитон Агрба.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me