Акурорттә аамҭазы

19 Рашәара 2024 10:03
  • font size decrease font size increase font size
  • Акьыԥхьра
  • Email

Ишдыру еиҧш, аҧхынтәи аамҭазы Аҧсны хыҧхьаӡара рацәала аҧсшьацәа аҭаауеит. Еиҳараӡак аҧсшьацәа бзиа ирбоит ақалақьқәа: Гагра, Пицунда, Афон-Ҿыц, Аҟәа рҭаара.


Аҵыхәтәантәи аамҭазы Очамчыреи Тҟәарчали ақалақьқәа аҧсшьацәа зҭаауа рхыҧхьаӡарахь иалаҵатәуп. Идыру усуп, аҧсшьаҩы данаауа еиҳа иблахкыгоу, мамзаргьы аҭорыхтә ҵакы змоу аҭыҧқәа ибарц дшырҭаауа. Убри инамаданы иаҧҵоуп Аҧсны аекскурсиа мҩаҧгаҩцәа реиҿкаарақәа маҷымкәа.
Иазгәаҭатәуп Аҧсны изҭаауа аҭыҧ ҧшӡарақәа ишыруаку ақалақь Аҟәа. Уаҟа аҧсшьаҩы иддырбоит ақалақь аҧшаҳәа,С.Ҷанба ихьӡ зху аҧсуа драматә театр,аботаникатә баҳча,амаамынқәа рпитомник,Аҧсны аҳәынҭқарратә музеи уҳәа убас егьырҭгьы.
Аҟәа раҧхьаӡакәны амаамынқәа рпитомник аартын 1927 шықәсазы. Уаҟа иаԥҵан, алабораториа ауаа рчымазарақәа ҭырҵааларц. Иазгәаҭатәуп 12 маамын акосмос ахь ишырышьҭхьаз.
Иахьатәи аамҭазы амаамынқәа рпитомник имаҷҩымкәа аҧсшьаҩцәа аҭаауеит. Аха апитомник аҟны аекскурссиатә ҟәша аиҳабы Альдона Салаҟаиа лажәақәа рыла,проблема хаданы ирымоу дара рахь уназго амҩа ауп. Уи адгьыл абжа аҿыбганы иахьцо аҟнытә,аекскурссиатә автобусқәа зхалаӡом. Убри аҟнытә, аҧс­шьацәа шьапыла ахалара рықәшәоит.
Лара ла­жәақәа рыла аҵы­хәтәантәи аамҭазы аекскурсиатә фирмақәа рҿы иадмырбо иалагахьеит амаамынқәа рпитомник. Хыхь зыӡбахә сҳәаз апроблема иахҟьаны.
Иазгәаҭатәуп сынтәа ианвар акы инаркны иахьа уажәраанӡа амаамынқәа рпитомник ишаҭаахьоу: 5 нызқь инарзынаҧшуа аиҳабацәа, 800-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.
Аҭаларҭа ахәҧса ақәуп: 7 шықәса зхымҵыц хәда-ҧсадоуп, ахәыҷқәа 7 шықәса инаркны 12 шықәсанӡа – 150 мааҭ, аиҳабацәа – 400 мааҭ.
Иазгәаҭатәуп, Аҧснытәи аботаникатә баҳча Кавказ иҟоу абаҳчақәа зегь раасҭа шахыҵуа.
Уи анкьа Асоветтә аамҭазгьы хыҧхьаӡара рацәала аҧсшьацәа зҭаауаз ҭыҧын. Убас иҟоуп иахьатәи ҳаамҭазгьы. Убла хнакуеит аҧшӡареи аиаҵәареи. Улаҧш иҵамшәар залшом,ахылаҧшра ду аҭаны,еиуеиҧшым аҵиаақәа ирыцклаҧшны ишырааӡо араҟа.
Аботаникатә баҳча ҳазҭо ашықәс инаркны иахьанӡа 6 нызқь иназынаҧшуа аҧсшьацәа аҭаахьеит.
Иахьатәи ҳаамҭазы аботаникатә баҳча ахь анеира ахәҧса: 7 шықәса зхымҵыц рзы хәыда-ҧсадоуп, ахәыҷқәа 7 шықәса инаркны 12 шықәсанӡа зхыҵуа рзы – 150 мааҭ, аиҳабацәа – 400 мааҭ.
Иазгәаҭатәуп, аҧхьаҟа иааиуа амзақәа рзы, хыҧхьаӡара рацәала аҧсшьацәа ишырзыҧшу.

Стелла Сақаниа 

Read 200 times Last modified on Aҧшьаша, 20 Рашәара 2024 10:46
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me