Сынтәа ҩынтәуп, аҧхынтәи алагер еиҿыркаауеижьҭеи. Алагер «Ҧсышәала шәцәажәала!» напхгара азҭо Астанда Илларион-иҧҳа Ҳаџьымба излаҳалҳәаз ала, сынтәа ирыдыркыларан иҟоу, ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара наӡоит 1500-ҩык рҟынӡа. Урҭ ахәыҷқәа еихшоуп ҧшь-гәыҧкны. Ақалақь хәыҷқәа рзы жәамш инаӡоит аҧхынтәи алагер аҿы рыҟазаара,ақыҭантә иаауа ахәыҷқәа рзы 12 мшы.
Ахәыҷқәа рымш еихшоуп абас: ашьыжь асааҭ 9 инаркны ахәылбыҽха асааҭ 6-нӡа ашкол аҩныҵҟа иҟоуп. Иазгәалҭеит,ақалақь хәыҷқәа уахынла аҩныҟа ишцо,иара убас асабшеи амҽышеи рхы ишақәиҭу, ақыҭантә иаауа ашкол ахыбраҿы ишаанҿасуа ес-ҽны еиҧш,асабшеи амҽышеи. Аҧсшьара мшқәа раан иргоит ақалақь аҩнуҵҟа аҭоурыхтә ҵакы змоу аҭыҧқәа рахь ныҟәара. Акрырҿарҵоит мышкы хынтә. Анаҩс, сааҭ-сааҭла еиуеиҧшым аҽазыҟаҵарақәа рымоуп, аха ес-ҽны ихымҧадатәны аҧсуа бызшәа иазкны асааҭқәа мҩаҧыргоит. Лара излалҳәаз ала, абызшәа амаҭәар ианахысуа ахәыҷқәа гәыҧ-гәыҧла еихыршоит, еиҳа ибзианы издыруеи еиҳа изцәыуадаҩуи ҳәа. Иара убас аҧсуа бызшәа аурок аҿы иалагалоуп аҧсуа литература, аҧсуа ҵасқәа, ақьабзқәа дырдырра иазку ауснагӡатәқәа. Аҧсуа бызшәа адырразы 10-мшы иалагӡаны ахәыҷқәа аинтерс днаркыртә еиҧш еиқәыршәоуп аматериал. Иазгәаҭатәуп аҵаратә процесс анаҩсангьы ишалагалоу асахьаҭыхра, аҧсуа кәашара, ашахмат, архитектура, асахьаркыратә гимнастика. Иара убас аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа, урҭ раан рхы иадырхәо амаругақәа рҭоурых рзеиҭарҳәоит.
Ари аҩыза аусмҩаҧгатә адгылара арҭеит Аҧсны асоциалтә хьчареи асоциалтә страхҟаҵареи рфонд.
Аҧхынтәи алагер «Альфа» ашкол аҟны «Ҧсышәала шәцәажәала!» ҳәа хьӡыс измоу алагер, аартхоит иун 24 рзы. Уи аус ауеит август 16-нӡа.
Стелла Сақаниа