Асреи ақәҵареи зусыз аҳәса рымацара ракәын. Уи атәы здыруаз ҳаҭыр ду рықәын. Аҭыԥҳа хаҵа дцозар, лнапы иадыруаз ала акәын лыхә шыршьоз. Аӡӷабцәа быжьба-ааба шықәса шырхыҵуаз аӡахреи, аԥареи, асреи рдыруазар акәын. Урҭ адыррақәа ан лҟынтә иаауан. Аӡӷаб ари аус ҭакԥхықәрала дазнеир акәын, уи ллахьынҵа аӡбон, нас лчараан лусумҭақәа еибадырбон.
Аԥсуаа рҿы асра аус даман анцәахәы - Ерыш. Уи аҳәса рнапы злакыз зегьы дрынцәахәуп ҳәа дыԥхьаӡоуп. Аҭыԥҳацәа асра иалагаанӡа уи лыцхыраара иаҳәон. Уимоу, асыга иаҿатәаз аԥсшәа лаҳәашьа акы иалаҩашьомызт. Асра ижәытәӡатәиу шҟазароу аршаҳаҭуеит Нарҭаа репосгьы. Саҭанеи Гәашьа уи иазҟазаз хаҿсахьаны даарԥшуп.
Асра Аԥсны иаман ахатә традициақәа. Кавказ иқәынхо ажәларқәа рҿы иҟаз еиԥшын уҳәар ҟалоит, аха убри аан аԥсуаа ирҷыдаҟазшьазгьы иҟан. Асра аҩаӡара ҳаракы шамаз дыршаҳаҭуеит археологиатә ԥшаамҭақәа. Археолог Ҭраԥшь Аҟәатәи аԥсыжырҭаҿы иԥшаамҭоу ақәны иалхыз аҽыҭ ҳера ҟалаанӡа аабатәи, абыжьбатәи ашәышықәсақәа ирыҵаркуеит.
Аетнолог Елена Малиа лышәҟәы «Аԥсуа жәлар рҿыханҵатә ҟазара» аҿы ибзианы иаарԥшуп асреи ақәҵареи ртәы. Аусумҭа аԥҵара мацараҿы иаангыломызт, уи дырԥшӡон, ирҩычон. Иҟарҵон ауарҳалқәа аҩнаҭақәа дырԥшӡарцаз, аха аџьабаа ду адырбалон. Ари ахшыҩзышьҭреи аамҭа рацәеи зҭахыз усын. Ҽнак жәохә-ҩажәа сантиметра акәын ирԥоз, егьырҭ аҩнусқәагьы рыдымзи. «Уарҳал хәыҷык ҟауҵарцаз ҩба-хԥа мзы аус рур акәын», – лыҩуеит Малиа.
Аҳәса ауарҳалқәа рыда ирсуан ампахьшьқәа, ацәарҭамаҭәа, абзараҿы ирҭахыз зегьы. Уи иалырхуан ақәны, аласа, абырфын. Амал змаз ауаа рзы хьылеи раӡнылеи иқәҵон, рышәҵатәы рҩычон, иалаҽырбарцаз. Ажәакала, асреи уи иалхыз амаҭәақәеи акырӡа зҵазкуаз аҭыԥ ааныркылон аԥсуаа рыбзазараҿы.
Иахьа ари аус атәы здыруа Аԥсны, шамахамзар, даанымхеит. Иҟам исуа, иубом асыгақәагьы. Аҳәынҭқарратә музеи аҿы игылоуп асыга ижәытәӡатәиу експонатк аҳасабала. Иара уигьы аиҭашьақәыргылара алыршахеит 2000 шықәса рзы амузеи аусзуҩцәа ирыбзоураны.
«Ари аус рҿиатәуп. Ҳмузеи аҿы икнаҳауп ауарҳалқәа аԥсуа ҟазацәа ирыҟаҵамҭоу, ҟазара ҳаракыла инагӡоу, урҭ рыхә ашьара уадаҩуп», - иҳәоит Даур Гәымба, астудиа «Артель» аиҳабы.
Даур иҽазишәеит ауарҳалқәа рысразы иҟазарҭаҿы аҟәша аартра. Ҩышықәса раԥхьа аҟазахцәа иҽрымаданы онлаин-курсқәа еиҿикааит. Инапала еибиҭеит асыгақәа, иԥшәма ԥҳәыс Марина Гәымба, уи даҿатәаны ауарҳал асышьа лҵон.
«Арҵаҩцәа зегьы еилыркка иаҳзеиҭарҳәон. Уа ицәгьоу ҳәа акгьы ыҟаӡам. Иаҭаху адтәалароуп, агәынкылароуп. Ари аус зегьы ирнаалом, акыраамҭа ҭыԥк аҿы утәаны напыла аусура зегьы ирылшом. Асышьа бзиа иубароуп, уаамҭа зегьы иара иақәурӡроуп. Агха аныҟауҵа, зегьы ԥҟаны ҿыц уалагароуп», - еиҭалҳәоит Марина.
Лара иаҳлырбеит аԥсуа сахьанҵа зну ауарҳал хәыҷы лнапала аҟазара-класс аан илԥаз.
«Сыԥҳагьы дсыдтәалан ианыҟасҵоз, аха лара усҟак ачҳара лымамызт. Ашьыжь инаркны хәлаанӡа абри акәын сызҿыз, санадҵлак, акгьы збаӡомызт, аха аинтерес сзаҵан. Зны асахьа ацәаара анызба, суарҳал лассы салгар сҭахын», - лҳәоит лара.
Даур иҟаиҵеит асыгақәа ҩба, наҟ-ааҟ урҿатәаны аус уулар алшоит. Асыгақәа рҿы арахәыц хадақәа ркуп аҵәымаӷқәа, дара-дара сантиметрак рыбжьоуп. Хыхь ибжьдоу арахәыц хадақәа хышә цыра ыҟоуп. Урҭ акакала арахәыц кьаҿқәа рыла еиқәҳәалатәуп. Ацәаҳәа уаналгалак, еихаурӷәӷәоит. Арахәыц ацәынхақәа ԥырҟоит, иавдырффоит, убас ауарҳал шаҟа аура уҭаху аҭаны уԥалоит.
«Ари ҳарҿиар ҳҭахуп, изҵо дҟалар. Сҭамԥыл саныҟаз ауарҳалқәа ахьырҭиуаз снеины избеит зыӡбахә ҳамоу асышьала иҟаҵаз аусумҭа. Аҟаза уи шықәсыки бжаки аҟаҵара даҿын. Лара ԥшьынҩажәа шықәса лхыҵуан. Уи аусумҭа ахә ҳаракын, иаазхәода уҳәап, аха ус еиԥш ауарҳалқәа пату ззақәу рацәаҩуп. Аҭырқәцәа асышьа рхамышьҭӡеит, ҳара ҳҿы иӡит. Абыржәоуп иҳарҿиарц ҳаналаго», - иҳәоит Даур.
Иара дазыхиоуп асышьа зҵарц зҭаху идкылара, аха макьана аӡәгьы дыҟам. Даур иҭахуп абырфын рахәыцла аусумҭақәа раԥҵара. Ауаа уажәы ахә ҳаракны иршьоит зхаҭабзиара ҳараку, иуникалтәу, напыла иҟаҵоу. Даур агәра ганы дыҟоуп, бырфынла напыла иҟаҵоу ауарҳалқәа Аԥсны изҭаххо дҟалоит ҳәа.
Аҳҭны-қалақь агәҭаны аус зуа аҟазарҭа «Oven» аҿы еиҿкаауп агобелен аԥҵаразы аҟазара-классқәа. Агобелен шьаҭас иамоуп асра, убри аҟынтә еилыскаарц сҭаххеит уи зылшо аҟаза дызусҭада.
Мариа Пестриакова Санкт-Петербургынтәи Аԥсныҟа дааит ԥсшьараҳәа. Аԥхын дахьынӡаҟаз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазаратә факультет ахь аԥышәарақәа алҭеит.
Мариа аԥышәарақәа аналҭа ашьҭахь ауп Аԥсны даанхарц анылыӡба. Ауниверситет иаҵанакуа азеиԥшнхарҭаҿы дынхоит. Уажәы лара актәи акурс алыркуеит. Мариа ҩажәи жәба шықәса лхыҵуеит. Санкт-Петербург аӡахҩы изанааҭ ала аколлеџь далгахьан.
Мариа асра далагеит, Урыстәыла абасҩцәа анылдыр ашьҭахь. Аҭыԥан иаԥҵаз акурсқәа рахь аныҟәара далагеит, уаҟоуп уи аус ахьылҵазгьы.
«Сара исҭахын асыга ду аҿы ҳандуцәа ишыҟарҵалоз еиԥш ак аԥысҵарц, убри аҟынтә снанагеит акаршәқәа ахьыҟарҵоз аҟазарҭахь. Уа исдырбеит асыга ду аус шарутәу. Асыга ду жәаҩа сааҭ мацара рахәыцла еиқәыршәатәуп, нас аус адууларцаз. Ари аџьабаа зцу усуп, сара ус еиԥш агәҭынчра сымамызт азы, ихәыҷу асыгақәа рахь сыиасит. Ус, схатә сыгақәа сҭаххеит. Сҩызцәа ауасҭацәа сыцхраан исзыҟарҵеит. Исымоуп асыга дугьы. Иара аҩны игылоуп, арахь аагашьас иасҭо макьана исыздыруам, иахьсыргылогьы аҭыԥ сымам. Аха зымзар зны уи Аԥсныҟа иаазгарц сҭахуп», - лҳәоит Мариа.
Асыга ду иара ахатә ҷыдарақәа амоуп, уаҟа иузанҵо асахьанҵа, ахәыҷы аҿы иузыҟаҵом, лҳәоит Мариа асырҭақәа реиԥшымзаара атәы далацәажәауа. Уаҟа напылагьы шьапылагьы аус утәуп. Абаҿы ианылар иуҭаху асахьа ухыԥшыланы уусумҭахь ииаугар алшоит. Лара илҳәоит лусумҭақәа рҿы аԥсуа милаҭтә сахьанҵақәа ранҵара шлыгәҭаку.
«Шьоукы ԥоит, шьоукы қәҵоит, егьырҭ асыгаҿы аус руеит. Иуҭаху, угәы зызцауа зегьы унапала уа иҟауҵар улшоит. Насгьы, ухы еснагь аус ауазароуп, арахәыцқәа ԥхьаӡалатәуп, асахьанҵа шыҟаҵатәу ҭҵаатәуп», - еиҭалҳәоит асра иацу акәамаҵамарақәа ртәы здыруа Мариа.
Марина Гәымба леиԥш, Мариагьы иазгәалҭоит, сааҭла асыга уаҿатәаны аусура шыцәгьоу. «Ари аус угәы каршәны уазнеиуазароуп, ҭынч умыццакӡакәа, унҭгыло-ааҭгыло», - ҳәа иаҵылшьуеит лара.
Мариа Аԥсны лмаругақәа рыда данаанха, еилылкааит асра лара илтәу шзанааҭу.
«Исҭахуп ари аҟазара ауаа рҟынӡа иназгарц, идсырбарц, уи ауп аҟазара-классқәагьы зеиҿаҳкааз. Ара имаҷуп уи атәы здыруа. Асра згәамԥхо дҟаларым ҳәа сгәы иаанагоит», –лҳәоит Мариа.
Сара сҟазоуп ҳәа сызҳәом, аха ари аус ала ауаа здырыр сҭахуп, аԥсуааи сареи ҳаидызҳәало аус ҟалар, ибзиахон ҳәа азгәалҭеит Мариа ҳаиҿцәажәараан.
Альбина Жьиба