Аспорт Жәларбжьаратәи акласс азҟаза, Асовет Еидгылеи Европеи рчемпион, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II, III аҩаӡарақәа занашьоу Рашь Хәытаба ихь зху зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Жәларбжьаратәи атурнир «Гран-при» мҩаԥысит абҵарамза 9-10 рзы Аҟәа.
Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс театр асценаҿ идырбан И.Тургенев иҩымҭа «Отцы и дети» иалху аспектакль. Ахәаԥшцәа есымша изгым ари атеатр актиорцәа ҟазацәа лассы-лассы узеигәырӷьаша дунеи ҭбаак уаздырхынҳәуеит, ус акәхеит аурыс классика иалху аспектакльгьы шымҩаԥысыз.
Аибашьра ашьҭахьҵәҟьа 1993 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба инапы аҵаиҩит «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа» аԥҵаразы ақәҵара.
Сынтәа апионерлагер «Артек» иахыҵуеит шәышықәса. Абри акрызҵазкуа арыцхә инамаданы Аԥсны, акультуратә центр «Гәыма» иаԥшьган ацәыргақәҵа «Артек».
Ноиабр 2 рзы, XXII амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит» аҳәаақәа ирҭагӡаны Китаи, ақалақь Чэнду, еицырдыруа аконцерттә зал Чэнду Сити аҟны дықәгылеит зыхьӡ ахара инаҩхьоу аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмаа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me