Жьҭаарамза 28 азы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы ақалақьқәеи, араионқәеи, ареспублика алицеи-интернатқәеи аматематикеи афизикеи рырҵаҩцәа рзы аҵарадырра аизырҳаратә курсқәа мҩаԥысит.
Аԥсуа ибзазараҿы ахьаҵла жәытәнатә аахыс аҭыԥ ду ааннакылон. Уи иалырхуаз аҩнымаҭәахә зегь реиҳа зхаҭабзиара ҳараку, анҵыра бзиа змоу рахь иԥхьаӡоуп. Иара ахьа ахаҭа аԥсуаа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы илаганы афатә алаҟарҵон, уи иалырхуан аҳалуа, ақалмышь, амгьал.
Октиабр 30 азы Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирыладырӡыз ргәалашәара Иамшын. Сариа Лакоба лыхьӡ зху абаҳчаҿы имҩаԥысит урҭ ирызку абаҟа ашьапаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара. Иалахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аиҳабыра иалоу, Жәлар Реизара адепутатцәа, ауаажәлар рхаҭарнакцәа.
Ари аԥхын азы аԥсуа рок-гәыԥ «Tom Square» ахәаԥшцәа ирыдыргалеит «Амцҳәаҩ» ҳәа хьӡыс измоу рашәала иҭыху аклип. Иара YouTube рхатә даҟьаҿы иӡыргоуп. Аԥсышәала иҩу арок ашәа иахылҿиааит ари аматериалгьы.
Абас ахьӡын иахьа В. Г. Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Аҳәынҭқарратә музеи аҟны иаартыз афотоцәыргақәҵа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me