Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Архнышьна еиҧш еибарку…

Виачеслав Аблоҭиа 80 шықәса ихыҵит

«Сара бзиа избоит, аӡәы исыдигало, ма ишигәаҧхо ҳәа акәымкәан, схы сақәиҭны, исгәаҧхо алхны, уи ахәҭаны ишысыҧхьаӡо ала аусура. Аиашазы, ауаҩы ихатәгәаҧхарала, иара иҭахны, ҩнуҵҟала дазхәыцны игәы азыҳәаны иҟеиҵо, анаҧшыҩгьы, ахәаҧшыҩгьы иргәамҧхарц злшом, еиҳагьы ргәы иақәшәо иҟалоит», – абас ҳаиҿцәажәара хацыркуа дҳацәажәон ааигәа 80 шықәса зхыҵыз Аҧсны жәлар рартист, акинорежиссиор, асценарист, Урыстәыла акинематографистцәа Реидгыла алахәыла, «Ахьӡ-Аҧша» аорден III-тәи аҩаӡара занашьоу, акиностудиа «Аҧсуафильм» аиҳаби асахьаркыратә напхгаҩи, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Виачеслав Андреи-иҧа Аблоҭиа.

1968 шықәсазы Қарҭтәи атеатртә институт аҟны актеортә факультет аныхиркәша ашьҭахь, заҧхьаҟа иактиорхараны, еицырдыруа конорежиссиорхараны, сценаристхараны иҟаз В.Аблоҭиа аусура далагеит С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театр аҟны. 10 шықәса аҧсуа сцена аҟны абаҩхатәра бзиа змоу актиор инаигӡаз арольқәа маҷым. 1975 шықәсазы уи аҟазараҿы иааирҧшыз аихьӡарақәа рзы ианашьан «Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

Аҧсуа сценаҿы иактиортә ҧсҭазаара, ирҿиара игәаларшәо дазааҭгылоит: «Қарҭынтәи усҟан иааз актиорцәа ҿарацәа аспектакльқәагьы ҳаманы ҳааит, ихадоу арольқәагьы наҳагӡон. Урҭ аспектакльқәа: «Аҧҳәысҳәара», «Дуаҩуп, даамысҭашәоуп», «Бысцәымшәан, сан» уҳәа анаҩс аҧсуа театр арепертуар иалалеит. Хаҭала, сара исгәалашәоит арольқәа еилымхӡакәан, исыдыргало епизодзаргьы, анагӡара сшазыхиазгьы, даара сзызгәдуны инасыгӡаз арольқәа ишыруаку Н. Думбаӡе иҩымҭа иалху «Бысцәымшәан, сан!» аҟны ихадоу ароль – Ҭемо ихаҿсахьа», – дҳацәажәон актиор, арежиссиор.

Ҳәарада, актиорҵас, уи инаҷыдангьы режиссиорк, ақәыргылаҩык иаҳасабалагьы В. Аблоҭиа аус здиулахьоу аспектакльқәа маҷым.

В. Аблоҭиа еиуеиҧшым арольқәа наигӡахьеит акинофильмқәа: «Хҭырҧа шкәакәа», «Напыхьараџь», «Амзаҿа ангыло», «Песня гор», «Серебряная улица», «Синие заицы», «Чегемский детектив» уҳәа рҟны.

1981 шықәсазы В. Аблоҭиа иҵара хиркәшеит Аҳәынҭкинои СССР акинематографисцәа Реидгылеи иреиҳау арежиссиортә курсқәа рҟны, Георги Данелиа иҟазарҭаҿы. Уи ашьҭахь 7-шықәса инарзынаҧшуа арежиссиор-ақәыргылаҩыс аус иуан Қарҭ, «Грузия-фильм» аҟны.

1979 шықәсазы ихатә сценариала иҭихит зметраж кьаҿу афильмқәа ҩба: «Старая кровать», «А белая лошадь лучше». Инаҵшьны иазгәаҭатәуп, зҟазара аҳәаақәа еснагь изырҭбаауаз актиор, арежиссиор, ақәыргылаҩ В. Аблоҭиа шиакәу акиностудиа «Аҧсуафильм», раҧхьаӡа акәны ашьаҭа зкыз, уи ааиртит 1989 шықәсазы. Иажәақәа рыла, раҧхьа иҭихыз, иусура злахациркыз афильм «Сувенир» ауп, анаҩс – «Напыхьараџь». Ҳәарада, уи ашьҭахь зметраж кьаҿу афильмқәа (урҭ хәба ыҟоуп). Иааидкыланы иахьа, В. Аблоҭиа авторс дызмоу, зметраж кьаҿу афильмқәа рхыҧхьаӡара наӡоит 10 рҟынӡа. Урҭ рахьтә, ааигәа иҭихыз афильм кьаҿқәа иреиуоуп «Абабыци» «Аҵыргәақәеи». Аҵыхәтәантәи зметраж кьаҿу афильм «Аҵыргәақәа», иҳаҩсыз аҧхынразы ауп адунеи анабаз. Иҵаулоу аҵаки аиумори рыла ихаҭәаау афильм злыху ажәабжь сшаҧхьахьазгьы, еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны, хаҭала афильм сшахәамҧшыцыз анысҳәа, ҳаиҿцәажәараан аамҭа рацәа шицәаҳгозгьы, ҳаицахәаҧшит.

Аҧсны жәлар рартист, абаҩхатәра дуи аҧышәеи змоу акинорежиссер, афильм ҳахәаҧшуанаҵы, гәахәарыла иаҳзеиҭеиҳәон аҭыхрақәа ахьымҩаҧгаз, ахҭысқәа рымҩаҧысшьа, реишьҭагылашьа, еиҳа аинтерес зҵаз амоментқәа рҟны дааҭгыланы, иалкааны ҳаирхәаҧшуан. Аиашазы, агәалаҟазаара бзиа ҳаманы, ҳаиҿцәажәара марианы, иласны, гьамала имҩаҧысуан, зыуаҩышьа даара еинаалоу, хәыҷгьы-дугьы еиҟараны, еилыхрада ирызнеиуа, В.Аблоҭиеи ҳареи. Қәралагьы, баҩхатәралагьы, ҧышәалагьы дзеиҳабу ауаа рҿы хамҧагьарак, хӡыргарак аарҧшра зцәаҩам В.Аблоҭиа ҳазҵаарақәа рҭак даара иркьаҿны иҟаиҵон, аха иҵауланы. «Сара хықәкы хадас исымоу аҧсуа бызшәа аӡыргара, аларҵәара ауп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы еиҳа лассы-лассы аус здызуло, иҟасҵо адублиаж ауп. Еиуеиҧшым, еицырдыруа аҳәаанырцәтәи амультфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи аҧсышәала абжьы рхаҵара, аҧсышәала рырцәажәара аус здызуло. Иалысхуеит аҧсуа жәлар иҳашьашәалоу, иаҳнаало, иаҳзааигәоу амульҭфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи. Урҭ рыла аҧсуа бызшәа амҽхак аҭбаареи амчи аасырҧшуеит», – дҳацәажәон В.Аблоҭиа. 15 шықәса рыҩнуҵҟала уи 18 мультфильми асахьаркыратә фильмқәа 11 аҧсышәала рдублиаж шыҟаиҵаз азгәаҭо.

Ҳаиҿцәажәараан В.Аблоҭиа дазааҭгылеит, хаҭала, адублиаж аҟаҵара 7-8 мзы аамҭа шаҭаху: аиҭагара, асинхронтә текст аиқәыршәара, актиорцәа ралҧшаара, абжьы ахаҵара, аус адулара уҳәа убас егьырҭгьы. Уи иазгәеиҭеит, актиорцәа, шамахамзар, зегьы шадиҧхьало, зыбжьы анаалоны иибо актиортә занааҭ змамгьы шадигало, аха актиорцәа ралхраан, зыбжьы анымаалоны иибо анирхынҳәуагьы ишицәымгәаауа, дшеилыркаауа, ишивагыло. Хаҭала, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артистцәа: Роман Сабуеи Сырбеи Сангәлиеи шамахамзар, идублиажқәа зегьы ирылахәуп, аус рыциуеит еиҧымкрада. Аҧсны жәлар рартистцәа Шалуа Гыцба, Виолета Маан-ҧҳа, иара убас Тома Гамгиа, Тома Аҩӡба лассы-лассы аус рыциуеит.

Иазгәаҭатәуп, Виачеслав ихаҭагьы здублиаж ҟаиҵо амультфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи рҟны аҧсышәала лассы-лассы абжьы шырхарҵо ихатә ҩыза, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Марина Арсҭаа-ҧҳа, занааҭла ифилологу иҧҳа Анна Аблоҭиа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аграфикатә дизаин азанааҭ ала аҵара зҵо иҧа Алеқсандр (Сандрик) Аблоҭиа.

Ажәакала, ҭаацәала аҧсуа бызшәа аларҵәара, аӡыргара иазааҧсоит.

Ҷыдала, Сандрик акинорежиссиорраҿы иҽҧишәоит, иабшьҭра дықәуп, изанааҭ инаҷыданы даара дазҿлымҳауп, иагьиқәҿиоит акинорежиссиорра, акиноматографиа. Уи ааигәа ихатә сценариала иҭихит зметраж кьаҿу афильм «Асабрада шкәакәа». Ахәаҧшцәагьы гәахәарыла ирыдыркылаз акы акәхеит. «Акадр бзиа ибоит, аха уи адраматургиа аҟны макьана дыҕәҕәам» ҳәа далацәажәон А.Аблоҭиа, Сандрик аҟазарахь иҟаиҵо ашьаҿақәа дырзааҭгыло. «Сара сыцхыраара мап ацәикуеит, идикылаӡом, иара ихала аус иуеит, саргьы сиҧырхагахом» – ҳәа нациҵеит дыччо.

В.Аблоҭиа здублиаж ҟаиҵаз амульҭфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи рахьтә, «Азакәан ара иаҭыҧым» заҵәык ауп идыргаланы иҟаиҵаз, егьырҭ зегьы ихатәгәаҧхарала иалихыз, аус здиулаз роуп. Ҳаиҿцәажәараан иазгәеиҭеит, еиҳарак Италиатәи амульҭфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи шалихуа. Хаҭала иалихуа, аус здиуло, здублиаж ҟаиҵо зегьы игәы ишақәшәогьы, раҧхьа аҧсышәала здублиаж ҟаиҵаз афранцыз сахьаркыратә фильм «Оскар» ҽакы ишалаимырҩашьо, даара аҧсышәала адублиаж знаалаз акәны иҧхьаӡоит. Хаҭала, Луи де Фенес аҧсышәала абжьы ихеиҵон арежиссиор, адублиажҟаҵаҩ.

Амульҭфильмқәа: «Маугли», «Шрек», «Рапунцель», «Анастасиа», «Тристани Изольдеи», «Рапунцель» уҳәа, иара убас асахьаркыратә фильмқәа: «Серафино», «Цгәеиқәаҵәа цгәышкәакәа», «Аҧсҭазаара хазыноуп», «Малефисента», «Азакәан ара иаҭыҧым» уҳәа зегьы рҟны В.Аблоҭиа дарҕьажәҩаны дивагылоуп абаҩхатәра змоу абжьы арежиссиор, акомпозитор Анри Гәымба. Уи даара зус бзианы издыруа, абжьы аус адулараҿы ицназго дшыҟам азгәаҭо, дизгәдуны дҳацәажәон В.Аблоҭиа.

В. Аблоҭиа дрызгәдуны рыӡбахә иҳәеит иара убас арежиссиор изанааҭ ала Аҧсны анҭыҵ аҵара дуқәа ирылгаз, абаҩхатәра змоу аҿар: Аҭана Агр-ҧҳа, Наур Гармелиа, Ҭемыр Кәакәасқьыр, Амра Наҷҟьебиа-ҧҳа уҳәа. «Амала акы заҵәык сгәы еихьызшьуа, урҭ Урыстәыла ирыднаҵо ала афильмқәа ҭырхуеит, иҭырхуа афильмқәа Аҧсны имҩаҧысуеит ахҭыс акәымзар, Аҧсны иазкӡам, иаҧсуа фильмӡам. Уи аганахьала, Амра Наҷҟьебиа лыҽҧылшәахьеит, имаҷзаргьы. Аха даара исҭахын урҭ зегьы хықәкыла, аҧсуа фильмқәа рҭыхра рҽазыркыр. Сара, лассы-лассы исыдҵаалалоит, ирыҩуа, идырхио асценариақәа сдырбоит. Ҳәарада, издыруа рыҵасҳәоит, сҧышәа рымаздоит, аха уи мацара маҷуп, иазхаӡом. Урҭ рбаҩхатәра аадырҧшыртә, рзанааҭ ала рҟазара нагӡаны иаадырҧшыртә, аҧсуа фильмқәа ҭырхыртә еиҧш аҳәынҭқарра ирнаҭароуп аҭагылазаашьа», – иҳәеит акинорежиссиор.

Ҳдоуҳатә культура, ҳмилаҭтә ҟазара аӡыргаҩ В.Аблоҭиа инапы иҵихуа зегьы аҧсуа цәа аҟәнуп, ҳҵасҵәа, ҳқьабзқәа, ҳажәлар ртрадициақәа реиқәырхара, ҳбызшәа амырӡра шьаҭас ирымоуп.

Актиор, арежиссиор, акинорежиссиор иусураҿы иҭаацәагьы ҩызара изыруеит, иарҕьажәҩаны ивагылоуп, ихатә ҩыза, ихшара, изызҳауа имаҭацәа ҧшьҩык хырхарҭас иалырхуа макьаназ еилкаам.

«Хаҭала, 80 шықәса иаҵоу ахьанҭара сныруам, аус шызуц изуеит», – иҳәеит уи ҳаиҿцәажәара хыркәшо, арҿиаратә гәацҧыҳәареи алшареи шимоу азгәаҭо. Абасала архнышьна еиҧш еибаркуп арежиссиор изанааҭтә ҧсҭазаара.

Изеиҕьаҳшьап нас, аиубилиар аҧсуа қәранҵыра ду наӡеи инапы злаку арҿиараҿы иреиҳау аихьӡарақәеи.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me