Аҭоурыхҭҵааҩ, археолог ду

Сентиабр 15 азы диижьҭеи 90 шықәса ҵит аҭоурыхҩҩы, археолог-кавказҭҵааҩы, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гьаргь Кәыҷа-иԥа Шамба (15.09.1934 – 06.10.2006). Археолоиаҿы илагаламҭа, аамҭак иҳацану уи дшыргәалашәауа атәы далацәажәеит Аԥсныпресс иаиҭаз аинтервиу аҟны Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҭоурыхтә факультет адекан Алик Николаи-иԥа Габелиа.

Уи иажәақәа рыла, Шамба аџьынџьтәылатә археологиа ауасхыр шьҭазҵаз раԥхьатәи аԥсуа археолог Михаил Мамед-иԥа Ҭраԥшь иҵаҩы иакәын. Гьаргь Шамба Аԥсны археологиаҿы иҟаиҵаз алагаламҭа анаҩсангьы, ихы ааирԥшит рҵаҩы шьахәны.

«Аԥсны ажәытәӡатәи абаҟақәа археологиала рыҭҵаара ихала дшаҿызгьы, иааиԥмырҟьаӡакәа игәцареикуан аҭҵаарадырҩцәа қәыԥшцәа, убарҭ срылан саргьы. Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҟны рҵаҩыс дсыман», – иажәа иациҵон Габелиа.

Гьаргь Шамба акырӡа зҵазкуаз аартрақәа ҟаиҵеит Аладатәи  Ешыра аҭоурыхтә баҟақәа рыҭҵаараҿы. Уаҟа иԥшааит еицырдыруа Ешыратәи акромлехқуа – ихьшәоу аџьаз аамҭа иаҵанакуаз аԥсыжырҭақәа. Алик Габелиа абарҭ аҭҵаарақәа дрылахәын, иԥхаӡа дигәалаиршәоит ирҵаҩы: «Ҳиман дцон Ешыратәи ақалақьеиланхарҭахь. Уи археологиа абзиабара сылазааӡаз дыруаӡәкын. Археологцәа қәыԥшцәа ҳзы апрофессор ҳивагыланы аусура, дызҿыз аилкаара ҳгәы ҭнагон».

«Археологиа арҿиараҿы илагаламҭа дууп. Ишәҟәқәа ҵәахны иҳамоуп ҳҭоурыхтә факультет абиблиотекаҿы, археологиа зҽазыҟазҵауа рзы цхыраагӡа дууп», – иҳәеит Габелиа.

Гьаргь Шамба дыздыруаз ргәалашәараҿы даанхеит ҵарауаҩ дуны, дуаҩы бзианы. Алик Николаи-иԥа ччаԥшьк ихиҿы инықәҵаны игәалаиршәеит аибашьрашьҭахьтәи аамҭа уадаҩ аан Гьаргь Шамба иԥсҭазаара аҟнытә хҭыск: «Исгәалашәоит аҳәынҭқарратә ԥышәараҿы студентк зҭак изыҟамҵоз азҵаара иқәшәеит. Ихы ирхеит ирҵаҩ ишҟа: – Гьаргь Кәыҷа-иԥа, сара ишәзымдыруа ишәасҳәараны иҟоузеи? Иагьыччарахеит. Гьаргь Кәыҷа-иԥа истудентцәа бзиа ибон,  лафк аҳасабала идикылеит».

Гьаргь Кәыҷа-иԥа Шамба диит 1934 шықәса сентиабр 15 азы Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭан. 1958 ш. азы далгеит А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт. Анаҩс аус иуан Аԥсны акультура абаҟақәа рыхьчара Агәыԥ (1959), Ԥицундатәи археологиатә музеи раԥхьатәи адиректорс (1962), Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҭоурыхи, абызшәеи, алитературеи Аԥснытәи ринститут археологиатә ҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩыс (1962).

Гьаргь Шамба дахысит Қырҭтәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҭоурых аинститут аҟны аспирантура (1962-1965), «Ихьшәоу нтикатәи аамҭазы ашьхатәыла Аԥсны ауааԥсыра» атемала акандидаттә диссертациа ихьчеит, анаҩсан – «Ихьшәоу антикатәи аамҭазы Аԥсны абшьҭрақәа ркультура» атемала – адоктортә диссертациа.

Гьаргь Шамба иааиртит, иагьҭиҵааит Ешыратәи акромлехқәа, Ешыра ақыҭан ихьшәоу антикатәи ақалақь, Тҟәарчал иахьаҵанакуа Џьанҭоу аԥсыжырҭа, Гал араион Гәдаа ақыҭан ихьшәоу аиха шәышықәса иатәыз аиланхарҭа.

Аҵарауаҩ напхгара риҭон Ҵабал, Мацесҭа, аӡиасқәа, Ԥсоу, Шахе иахьрыҵаркуа, Аҟәатәи абаа, Шәбара имҩаԥыргоз ажрақәа, Урыстәыла археологцәа дрыцны Амшын еиқәа аҿықә аҩадатәи ахәҭаҿы аекспедициақәа.

Иара ҷыдала интересс иман Аԥсни Кавкази рҭоурых, рархеологиа.

Шамба шәкы инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп, убрахь иналаҵаны жәаба раҟара амонографиақәа. Ешыратәи аиланхарҭаҿы иааирԥшыз архологиатә материалқәа рнылеит «Антикатәи археологиа» иазкыз арҵагатә цхыраагӡа, том рацәала иҟаз «СССР археологиа».

Гьаргь Шамба аҭҵаарадырра иазкыз ажәахәқәа ҟаиҵон жәларбжьаратәи аконференциақәа, аилатәарақәа, аҭҵаарадырратә форумқәа рҟны, алекциақәа дрыԥхьон аҳәынҭқарратә университет аҿы.

Гьаргь Кәыҷа-иԥа иаԥшьигеит, Аԥсны археологиатә периодика – «Аԥсны археологиатә аартрақәа реизга» аҭыжьымҭа авторцәа дыруаӡәкын.

Аҵарауаҩ Гьаргь Шамба ианашьан «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара, 2005 шықәсазы Г.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа далауреатхеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me