Ахрик Цәеиба имба

Дыҟамзар ҟалап, ахәыҷра ашықәсқәа раан агәарԥ аҿы, ма ашьац иаҵәа қашә-қашәо изқәиааз дәҳәыԥшк аҿы ампыл зшьапы ахьмыркьыскәа изызҳауаз. Ақәыԥшра зеиуахкы уҭаху ахәмаррақәа ацуп, аха зегьраԥхьа игылоуп ампыл кәымпыл. Уи зыркәымпылыз зегьы шьапылампыласҩцәахом, ахшыҩгьы, амаанагьы, маха-шьахала аӷәӷәарагьы аҭахуп.

Ашьапылампыл иаҿынҵәаауа ҳреиуам, аха асовет аамҭазы, уи ашьҭахьгьы ицоз ачемпионат хадақәа рахьтә сызхәаԥшхьоу рацәоуп. Избанзар, ахәмарра еиҿкаа спектакльк иаҩызоуп.

Аԥсны ашьапылампыл аҭоурых ду амоуп. Уи ахьӡ-аԥша шьҭызххьоу дреиуоуп аамҭак иҳацану аԥсуа шьапылампыл алегенда, Асовет Еидгыла аспорт азҟаза, жәларбжьаратәи аспорт азҟаза, Асовет Еидгыла ачемпион, Асовет Еидгыла Ахраҿа занашьоу, Асовет Еидгыла, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара, Украина, Урыстәыла еизгоу амилаҭтә командақәа ԥшьба рыхәмарыҩ иаҳасабала Гиннес ирекордқәа рышәҟәы ианылаз Ахрик Цәеиба. Цәыббрамза 10 рзы иира амш азгәеиҭеит.

 Ахрик Цәеиба  диит цәыббрамза 10, 1966 шықәса рзы Гәдоуҭа ақалақь аҿы. Ашьапылампыл ахәмарра далагеит 11 шықәса анихыҵуаз. 17 шықәса анихыҵуаз усҟан Асовет Еидгыла ачемпионат аҩбатәи алигаҿы иқәгылоз Аҟәатәи «Динамо» ахь ааԥхьара ирҭеит.

«Аҟәатәи акомандазы саныхәмаруаз ауп Қарҭаа рылаԥш саныҵашәаз. Аха урҭ ираԥыргеит Хабаровск аҟынтәи азыҟаҵаҩцәа. Хабаровсктәи аратә спорттә клуб (СКА) усҟан актәи алигаҿы иқәгылон. Саргьы еиҳау аҩаӡараҿы схы ԥысшәарц сҭахын. Насгьы аррахь сцара ааигәахон. Аҟәатәи «Динамо» аҿгьы арра сахдырԥар ауан. Аха Хабаровсктәи ашапылампылтә клуб исыдыргалаз, еиҳа сыхшыҩ азцеит. Убри аклуб ахәмарҩцәа усҟан иазыҟаиҵон еицырдыруаз азыҟаҵаҩ Леонид Назаренко. Аиашазы, сара Хабаровск шықәсыбжак роуп сахьыхәмаруаз. Ҩаԥхьа сыргәаларшәеит Қарҭ. Хара имгакәа, «Динамо» ашҟа амҩа сықәлеит… Исгәалашәоит, раԥхьаӡа акәны қарҭаа рахь сышнеигаз раԥхьатәи сазыҟаҵаҩ Владимир Шамба. Уи, иазәаҭатәуп, ирацәаны еицырдыруа ааӡамҭацәа имоуп: Гогричиани, Ҳагба, Гәыбаз. 1988 шықәсазы ҳарҭ зегьы акоманда «Динамо» ихадоу аилазаараҿы ҳахәмаруан.  Владимир Асҭамыр-иԥа даараӡа ҳақәҿиарақәа дреигәырӷьон…», - игәалаиршәоит Ахрик Цәеиба.

Ахрик Цәеиба дықәгылон Хабаровск аспорттә арратә клуб азы, акомандақәа: «Динамо» Ҭбилиси, «Динамо» Киев, «КамАЗ»  (Набережные Челны) «Гамба Осака» (Иапониа), «Аланиа» (Владикавказ), «Пудонг» (Китаи), «Уралан» (Елиста), «Динамо» Москва реилазаараҿы. Асовет Еидгыла ачемпионатқәа рҿы Ахрик Цәеиба имҩаԥигеит 123 еиԥылара, амба иҭаиршәит мпылк, Киевтәи «Динамо» азы - 91 еиԥылара, иҭаиршәит ҩ-мпылк. Урыстәыла ачемпионатқәа рҿы - 11 еиԥылара.

«Аҽазыҟаҵарақәа рҿы, ахәмаррақәа раан ашьапылампыласҩы изы иҟамзароуп авторитетқәа. Иҟоуп акызаҵәык: ампыл, аиндаҭлаҩ, ашьапылампыл аԥҟарақәа», –иԥхьаӡоит Ахрик Цәеиба.

Ахрик Цәеиба 1992 шықәсазтәи Европа ачемпионат   далахәын (8 еиԥыларак мҩаԥигеит, урҭ рахьынтә 2 -  афинал аҿы). Москва ақалақь 850 шықәса ахыҵреи, Урыстәылатәи ашьапылампыл  100 шықәса ахыҵреи ирызкны Урыстәыла еизгоу акоманда аиҩызаратә еицыхәмарраан ФИФА еизгоу акоманда аилазаара далаҵан (18.08.1997 ш., Урыстәыла – ФИФА,  0:2).

1990 шықәса рзы  Ахрик Цәеиба Асовет Еидгыла еизгоу акомандахь ааԥхьара ииҭеит азыҟаҵаҩ хада Валери Лобановски, уи усҟан иара убас Киевтәи «Динамогьы» дахагылан. Иара еизгоу акомандазы дыхәмаруан уи Анатоли Бышовец данахагылазгьы. Зынӡа еизгоу акомандазы дыхәмарит 17 еиԥылара. Аха нас ари акоманда аԥыххеит. Иоуз ахәахәара иахҟьаны 1990 шықәсазы имҩаԥысуаз ачемпионат ихы изаламырхәӡеит. Ашьапылампыласҩы икариера хиркәшеит 2001 шықәсазы Москватәи «Динамо» аҿы.

Рашәарамза 12, 2024 шықәсазы, Казан ақалақь аҿы жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа аҳәынҭқаррабжьаратә еидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа раартра аан Ахрик Цәеиба Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ кны Аԥснытәи аспортсменцәа драԥхьагыланы аренахь дцәырҵит.

Ахрик Цәеиба дызцыхәмаруаз рымбақәа акыр ампылқәа рҭаиршәхьеит, аха иԥсҭазаара мбаҵәҟьа иҭаиршәит 58 шықәса-мпыл. Ԥхьаӡашьа рымамкәа ирацәахеит урҭ!

Акьыԥхь иазирхиеит

 Борис Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me