Лыҧсҭазаара далҵит аҧсуа милаҭтә журналистика акыр шықәса амаҵ азызухьаз апублицист, ажурналист Нелли Николаи-иҧҳа Киут. Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, СССР-и (1971) Аҧсни ржурналистцәа Реидгылақәа ирылаз Нелли Киут диит 1940 ш. ииун 25 рзы Аҟәа ақалақь аҟны, аҧсуа интеллигентцәа рҭаацәараҿы.
Ареспублика Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵарала Ареспублика Аҧсны Арбџьар Мчқәа ркомандаҟаҵаҩ хадас дшьақәырҕәҕәоуп Арӡынба Владислав Григори-иҧа – Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы атәылахьчара Аҳәынҭқарратә Комитет Ахантәаҩы.
1992 шықәса август 14 рзы техника хьанҭала, артилериала, аибашьыгатә авиациала еибыҭоу Қырҭтәыла архәҭақәа имҳәа-мырза ралаларала еиҧҟьан Аҧсны жәлар рҭынч ҧсҭазаара. Иалагеит асуверентә Республика Аҧсны иаҿагыланы Қырҭтәыла бџьаршьҭыхлатәи агрессиа. Аҧышәара уадаҩқәа рыхҭыргоит ҳажәлар. Хыҧхьаӡарала, бџьарла акырынтә иҳаҧызго агрессор Аҧсны атерриториа ахәҭак импыҵахаланы. Қырҭтәыла ацәгьоуратә напхгара акыр аамҭа аахыс ргәы иҭакны ирымаз аплан ажәлар ргеноцидҵәҟьа, урҭ рҭоурыхи ркультуреи рбаҟақәа рҭархара. Аҧсны Аҳәынҭқарра…
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me