Амшаԥ ԥшӡала ишәызшалааит!

Амшаҧы – еицырдыруа аныҳәақәа рахьынтә даараӡа ҳаҭыр зқәу, ауахәаматә традициақәа еидызкыло, аҭоурыхтә гәалашәарақәеи аҭаацәаратә ҵасқәеи еимаздо ныҳәоуп.

Амшаҧы шьоукы рзы ихадоу хҭысуп ақьырси­антә динхаҵараҿы, даҽа шьоукы рзы ҭаацәашәала аибабара, аиҭанеиааира, амшаҧ иаҵанакуа афатә хаақәа рыҟаҵара иазкуп. Аха инарҵауланы ҳахәаҧшуазар, ари амш адунеи иқәу ақьырсиан динхаҵара змоу ауааҧсыра рзы ихадоу мшуп. Ари амш аҽны Иаса Қьырса ҩаҧхьа иҧсы анҭалаз амш акәны иҧхьаӡоуп.
Абиблиа ишаҳәо ала, Иаса аџьар икыдҵара аламҭалаз ахәылҧаз Маӡала аиқәшәара мҩаҧган. Ари Аевангелиа аҭоурых аҿы даараӡа акырӡа акраҵанакуеит. Анаҩсан, Аиқәырхаҩ аџьар дкыдырҵеит, ауаатәыҩса реиқәырхара иҧсы ақәиҵеит.
Аџьар дкыдҵаны иҧсы анихыҵ ашьҭахь, Ҳазшаз иҧсыбаҩ аҭоубыҭ иҭаҵан. Аевангелиа ишаҳәо ала, иара иҧсыбаҩ ахьыҟаз ашҟа инеит аҳәса, Мариа Магдалина дназлаз. Иҭоубыҭ зҭаз аҳаҧы аҟны ахаҳә инахан ишьҭан, аҧаимбар иакәзар, иҳәеит Иаса Қьырса дшыбзахаз.
Аԥсны акәзар, аиашахьӡыргара (православие) аԥсуа жәлар рҭоурых мҩаҿ иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит. Ақьырсианра аԥызҵаз, Анцәа-ду иԥацқьа ицҳаражәҳәаҩцәа (апостолцәа) рхаҭақәа ирыԥшьаз доуҳатәылоуп Аԥсны.
Иаса Қьырса ибзахара агә­ы­р­ӷьаҿҳәаша аԥсуа дгьыл иқә­дырҩит Симон Ханантәи, иара убас аԥшьаҩ-ду Иоанн Ахьыҿаԥыци, агәаҟцқьа Василиски. Урҭ Анцәа иԥацқьа ихаҭарнакцәа роуп.
Ашықәс еикәшараҿы – ааҧын, апрель мамзаргьы маи мза иақәшәо амшаҧы рыцхәк алхны иамаӡам, амала есымша амҽыша иақәшәоит. Сынтәа Амшаҧы ақәшәеит апрель 12.
Аԥсуаа ҳҟны ари аныҳәа шамахамзар зегьы иазгәарҭоит. Иџьаушьаша, амшаԥы азгәарҭоит аурычра ҟазҵогьы. Аурычра захьӡу Аԥсны иқәынхо зегьы ижәдыруеит ҳәа сгәы ианагоит. Уи аԥсылманра иадҳәалоуп, иахьымҩаԥырго абзыԥқәа рҟны ауп, абжьыуаа рҟны иҟаӡам.

Аԥсуаа амшаԥы азы аишәа дыргылон, иршәуан ақәтаӷьқәа, шамахамзар иҟаԥшьны. Иахьа аишәа зыргыло маҷҩуп, аха макьаназы иҟазҵоугьы ыҟоуп. Иахьатәи аамҭазы ақьырсиан динхаҵара ныҟәызго Аԥсны иқәынхо ауаажәлар даараӡа ирацәаҩны ауахәамақәа ирҭаауеит, ачгара иҵалоит. Аханатә аахыс еиԥш иршәуеит акәтаӷьқәа, аха еиуеиԥшым ԥшшәы хкыла.
Амшаԥ ныҳәа даараӡа пату ақәызҵо, аныҳәақәа зегьы рахьтә амшаԥы еиҳа ихаданы изшьо, ақьырсиан динхаҵара излалылшо ала иныҟәызго Линда Кекелиаԥҳа лгәы ацԥыҳәаны есышықәса аишәа лырхиоит. Занааҭла изиндырҩу Линда лхы аалгәалашәозар аахыс аныҳәақәа зегьы иреиӷьылшьоит амшаԥы. Уи аныҳәа ашҟа илымоу абзиабара лхәыҷрашықәсқәа иргәылганы иаалгоит. Лара лзы даара ихадароуп ақьырсиан динхаҵара аԥҟарақәа рықәныҟәара, анаҩс амшаԥы иадҳәалоу, символра азызуа ачысқәа рыҟаҵара, аишәа иԥшӡаны архиара.

Хыхь ишазгәаҳҭаз еиԥш, Линда Кекелиаԥҳа занааҭла дзиндырҩуп. Аус луеит Аԥсны арратә прокуратураҟны усеилыргаҩыс. «Баша шьыжьхьа ҳфозаргьы, зегьы ԥшӡаны ианықәгыло бзиа избоит, иԥшӡоу чанахк афатә анану сгәалаҟазаара шьҭнахуеит»,–лҳәеит Линда ҳаиҿцәажәараан. Абыжьбатәи акласс аҟны итәоу лыҷкәын Данаҭ даныхәыҷыз инаркны иифо зегьы ырԥшӡаны ачанах ианҵаны афара дашьцылахьеит, иан аҩны даныҟам, ихала ихәы ацәыргара аниқәшәо, убригьы ирԥшӡаны аҟаҵара иҽазишәоит. «Нас иҭыхны сара исзынаишьҭуеит, уи даара сеигәырӷьоит, избанзар ахәыҷы даныуааӡо аԥшӡара аиҿкаара илауааӡар, аԥхьаҟа иԥсҭазаараҿы ихәоит ҳәа сгәы иаанагоит», – лҳәоит лара.
Аусеилыргаҩ Линда лзанааҭи, лнапы злаку ауси, зынӡаскгьы еиқәҿырҭӡом, аха аки аки еиԥырхагаӡам. Иԥшӡаны аишәа архиара, мамзаргьы афатәҟаҵара Линда макьаназы лҭаацәеи лҭынхацәеи рзы ауп дзаҿу. Лара асоциалтә ҳақәа рҟны илымоуп лхатәы даҟьа «eventapsny». Уаҟа иқәлыргылоит лусумҭақәа. Макьаназы аныҳәақәа рырхиаразы аӡәгьы длыдымҵаалац, избанзар уажәааигәоуп лхатә даҟьа анаалыртыз. «Амширақәа роума, мамзаргьы аҭаацәара иалало роума, аӡәыр сусумҭақәа ргәаԥханы исыдҵаалозар, хымԥада сазхиоуп ргәазыҳәарақәа рынагӡара», – лҳәоит лара. Аха уи ибзиаӡаны еилылкаауеит ари аус аҿы имаҷымкәа ахарџь шаҭаху.
Аԥҳәызба лҭаацәа ашьцылахьеит, иагьџьаршьаӡом, луалафахәы аҟы­нтә есымша иԥшӡоу чанахқәак, мамзаргьы чысмаҭәахәқәак анаалхәо. «Уажәшьҭа, аиаша шәасҳәап, иахьҭасыргылогьы сымаӡам, аԥшӡа анызбо сзаҩсӡом, мамзаргьы сыштәоу џьара хәыцрак схаҿы ианааилак, иаразнак убри снапала аҟаҵара салагоит, уи агәахәареи агәалаҟазаареи снаҭоит», – лҳәоит аусеилыргаҩ.
Иахьа иҟоуп убас еиԥш аҭагылазаашьа, онлаинла ауаҩы акурсқәа дырхысыртә еиԥш. Линда убас иҟоу акурсқәа акымкәа-ҩбамкәа дырхысхьеит. Аԥхьаҟа лыгәҭакқәа иҵегьы иацылҵарц лҭахуп. Иаҳҳәап, иаарласны напы алалкуеит лхала ацәашьқәа рыҟаҵара. «Уи еиҳараӡакгьы сазхьазырԥшыз, аишәа архиараҿы исҭаху ацәашьқәа унадгыланы иузаахәаӡом, ма ԥшшәыла, мамзаргьы сахьала сыгәҭакқәа ирықәшәаӡом, убри аҟнытә исҭахуп схала, схаҿы иааиуа асахьақәа рыла ацәашьқәа ҟасҵаларц», –лҳәоит Линда.

Линда Кекелиа иаҳзеиҭалҳәеит лара еиҳараӡакгьы аус здылуло еиҳа иҭынчу аԥшшәқәа шракәу. Аха убри аан даараӡа бзиа илбоит аҩежь ԥшшәы. Лара даныхәыҷыз, аԥхынра ланшьцәа рахь аанҿасра дцон. Аԥхынтәи аԥсшьара мшқәа зегьы уаҟа илхылгон. Ланду есымша иныҟәылгон амрашәҭ (подсолнух) ҳәа изышьҭоу. Убри аахыжьҭеи убарҭ ашәҭқәагьы бзиа илбоит, аҩежь ԥшшәгьы.
Аԥҳәызба иԥшӡаны илырхио аи­шәа ҳаблала иаҳбарц азы амшаԥы аламҭалаз ҳанылҭаа аҽны, аныҳәа иазкны илырхиаз афатә инаркны, аишәа иқәгылаз арԥшӡагақәа рҟынӡа, зегьы аҩежь ԥшшәи, уи ианаалоз егьырҭ аԥшшәқәеи рыла ирхиан. Иара убас архиараҿы лхы иалырхәаз адекортә рԥшӡагақәа зегьы лнапала иҟалҵаз роуп. Убранӡа еиҿыбааны аԥшшәқәа дрызнеиуеит, убла хнакыртә.
Арратә прокуратура аҟны усеилыргаҩыс аус зуа Линда Кекелиаԥҳа аныҳәақәа зегьы иреиӷьылшьо амшаԥы, ажәлар ирыдныҳәало иазгәалҭеит, доусы рыҩнаҭақәа рҟны емсымша иҟазарц гәаҭала аԥшӡара, анаҩс адәныҟагьы. «Адунеи аҟны зегьы раԥхьа исыргыло, аразра ауп. Анцәа дхасҵоит. Амшаԥқәа ԥшӡала ишәызшалааит!», – лҳәеит Линда.

Шарида Торчуа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me