Асовет Еидгыла ахаангьы Аҧсны акурорттә ҳәынҭқарра ҳәа иалкаан, атуризм аҿиара бзиагьы аман. Иаҭаауаз аҧсшьаҩцәа рхыҧхьаӡара акыр иахьырацәаз инамаданы абиуџьет иаланагалоз ахашәалагьы маҷӡамызт. Аибашьра ашьҭахь аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. Аҧсны Мраҭашәаратәи ахырхарҭаҿы акурорттә нхамҩа ашьапы ҿыц еиҭақәгылазар, Мрагыларатәи ахәҭа аҿиара иамаз аҧынгылақәа риааира уадаҩхеит.
Сыззааҭгыло атема аҿар ҧыҭҩык ирыдрымкылар ҟалап. Аха аиҳабацәа шсықәшаҳаҭхо агәра згоит. Ари атема сгәы иҵхоижьҭеи акрааҵуеит. Аӡәы имҩыц имҳәац ҳәагьы сызҳәом. Аха сахьынаҧш-ааҧшуа избо аҿар, ахәыҷқәа, иара убас аиҳабацәагьы ҧыҭҩык, убраанӡа аҭел ахархәара иамҽханакны, ирылаҽны иҟоуп, амҩа иахьану амашьына иаҵаҳауазаргьы рбом. Абраҟа зынӡаскгьы сгәы иҭам аҿыц цәырҵрақәа сырҿагылоит ҳәа аҳәара. Аха убарҭ ацәырҵрақәа инамцхәны ахархәара, иахьа еиҵагыло абиҧара ргәабзеиреи, рдырреи…
2022 шықәсазтәи аусура аихшьалара иазкын ааигәа Аҧсны апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара. Хантәаҩра азиуан апрокурор Хада Адгәыр Агрба, – иаанацҳауеит апрокуратура хада асаит. Аилатәараҿы уи иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит 1992-1993 шықәсқәа рзы иҭахаз Аҧсадгьыл ахьчаҩцәеи хатәгәаҧхарала аибашьцәеи. Аилатәараҿы иҟан апрокурор Хада ихаҭыҧуаа, аусбарҭақәа реиҳабацәа, араионқәеи Аҟәа ақалақьи рпрокурорцәа уҳәа егьырҭгьты.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me