Ааигәа, Аҟәа араион ажәытә қыҭа Ӡыгәҭа аилахәыра "Гаруда" агәыҧ иаанартит ҧшь-еҵәак змоу, аҧсшьарҭа хкы ҿыц "Глемпинг" (акемпинг ахкқәа иреиуоуп, асасааирҭаҿтәи аманшәаларақәа амҽханакуеит, аҧсабараҿы аҧсшьара иахәҭакуп) ҳәа изышьҭоу. Акомплекс аиҳабы Гьаргь Ачба "Аҧсныпресс" иеиҭаз аинтервиу аҟны дазааҭгылт. "Аҭыҧ иаҵанакуеит 12 гектар. Ҳазну аамҭазы иргылоуп аҩнхәыҷқәа 50, ҩыџьа-ҩыџьа рҭыҧ змоу. Ҳкомплекс зегьы 200-ҩык аҧсшьацәа акуеит".