Уи еиҿнакааит Аԥсны Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр. Аилацәажәара иалахәын атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр анапхгаҩы Виачеслав Чрыгба, Аботаникатә институт адиректор Едуард Гәбаз, Пицунда акурорт апансионатқәа реидҵа амаркетинги аҿиареи рыҟәша аиҳабы Азамаҭ Багаҭелиа, Афонҿыцтәи аҳаԥы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дамеи Смыр, Риҵатәи Амилаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа, аекологиа Аинститут аиҳабы Роман Дбар, аексперименттә паталогиеи атерапиеи Рыҭҵаарадырратә институт аиҳабы Зураб Амқәаб, акультура Аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы адепартамент аиҳабы Шандор Ҟаитан, Асанитар-епидемиологиатә маҵзура аҳақьым хада Алла Белиаева, аекономика Аминистрраҿы иҟоу Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура анапхгаҩы Илона Лакербаиа, акурорттә обиектқәа жәпакы рнапхгаҩцәа.
Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба иҳәеит 2022 шықәсазтәи атуристтә сезон аганахьала ирымаз агәыҕрақәа шзынамӡаз аобиективтә мзызқәа ирыхҟьаны.
«Агәыҕрақәа зынамӡеит, раҧхьаӡа иргыланы аҳауа аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны. Макьаназ аҳасабеилыргарақәа ҳарҿуп, исылшом ацифрақәа рыӡбахә аҳәара. Аҧсны иаҭааит миллионҩык инареиҳаны, миллионки бжаки акәымкәа», – иҳәеит Хышба.
Аминистр иинформациала, 2020 шықәсазы Аҧсны иҟан адкыларҭа ҭыҧқәа 420, 2021 ш. азы – 743, иахьазы – 778.
Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба ажәахә хада ҟаиҵеит. «Ҳара иаҳҭахын аицәажәарала астол гьежь амҩаҧгара – рацәак зымҳәо ажәахәқәеи аҳасабрбақәеи ракәымкәа, иаҳҭахын Аҧсны аекономика абри аусхк азҿлымҳара аманы алацәажәара, иара убас уи хықәкыла знапы алаку шахәаҧшуа. Аҧсны аҧсабаратә беиарақәа ирылхәдам, уи ҿиалар ауан ахырхарҭақәа жәпакы рыла. Уахь иаҵанакуеит абнатә ааглыхра, агидроенергетика, аҧсыӡкра, аҩыҟаҵара, Аҧсны аӡыржәтә хазынақәа. Иҟан анефт аҵхразы апланқәагьы. Абри инаваргыланы, аҳәынҭқарратә казна ахашәалақәа рыла ахарҭәаара аганахьала акырӡа аҵанакуа иҟалар ауан атранспорттә цагамҩақәа «Аҩада – Алада» инақәыршәаны, Аҧсны атранзиттә лшарагьы коммерциала ахархәара. Рыцҳарас
иҟалаз, даара аҵакы змаз абарҭ ахырхарҭақәа руакгьы зынагӡамхеит, Аҧсны аекономика ақәҿиара аманы ишьақәзыргыло акәны изыҟамлеит еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны. Иага ус акәзаргьы, Аҧсны иалшеит усхкык арҿиара. Уи иаҳнарбоит иҭышәынтәаланы аизҳара, иаҳараӡак изызкугьы аекспорт ауп, даҽакала иуҳәозар, адәныҟатәи ахархәаҩ. Ари, ҳәарас иаҭахузеи, атуризм ауп», –
иазгәеиҭеит Чрыгба. Уи иажәақәа рыла Аҧсны азы традицианы иҟалаз аусхк ҷыдарас иамоу убри ауп, уи еиднакылоит, иалахуп хыҧхьаӡара рацәаҩыла Аҧсны ауааҧсыра. «Аҧсны атуристтә маҵзурақәа рганахьала иҟоу аҭахра ҧсахра амам, уи моу акырӡа ишьҭыҵыртә еиҧш аҭагылазаашьа амоуп. Акыр шықәса раахыс Урыстәыла атәылауаа рхы ахьдырхо ҧсшьарҭа ҭыҧны иҟоуп.
Хьыӡҳәала, иахьазы уаҩы иҳәартә иҟоуп Аҧсны аекономика иакызаҵәыкны ҵыргәас иамоу уи ауп ҳәа», – иазгәеиҭеит Чрыгба.
Ари иаанагоит, астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр анапхгаҩы иажәақәа рыла, абри аусхк рҿиалатәуп, еиҕьтәлатәуп, аиара-ҭыҧқәа рхыҧхьаӡара ацҵара мацара акәымкәа, ишьҭыхлатәуп амаҵзурақәеи, асервиси, аинфраструктуреи рхаҭабзиара, иара убас абри аусхк иамадоу абизнесгьы. Насгьы абиуџьет шьақәзыргылауа абри аусхк ашҟа хшыҩзышьҭра ду ҟаҵахароуп атәыла анапхгара рганахьала, избанзар аекономиказы уи акырӡа аҵанакуеит. Атуристтә индустриа, аекономика Аминистрра адырраҭарақәа рыла, абиуџьет иаланагалоит ашәахтәқәа раҳасабала ахҧатәи ахәҭа аҟынӡа.
«Ари еилкаауп. Мшәан, машәыршәа акәӡам акурортқәеи атуризми рзы Аҳәынҭеилакы зеиҭакыз министрраны», – иазгәеиҭеит Чрыгба.
Уи, иара убас ажәалагала ҟаиҵеит иалацәажәарц Аҧсны иахьа шықәсынаҟьак атуристтә сезон аиҿкааразы алшарақәа ыҟоума ҳәа азҵаара, насгьы амшынҿықәаҿы рацәак аӡынра ахьыхьшәашәамхауа ҳасаб азуны, иара убас аӡынтәи ашьхатә туризм арҿиарагьы налаҵаны. «Абри инаваргыланы, ҳара интересс иҳамоуп аинфраструктура мацара акәымкәа, иаҳҭаауа асасцәа ршәарҭадара аганахьалагьы атуристцәа рхыҧхьаӡара ашьҭыҵра аҳәынҭқарра ахьынӡазыхиоу, иара убас урҭ медицинала рмаҵзура уҳәа.
Ахәшьақәыргылара аусхк ашҟа ныррас иҟанаҵозеи, абраҟа хлаҧшрак ыҟоума? Мшәан, Аҧсны аҧшӡарақәа рнаҩсангьы, Урыстәылатәи атуристцәа ҳадзыҧхьало акакәны иҟоуп егьырҭ Урыстәылатәи акурортқәа ирыдкыланы ахәқәа рымариара», – иҳәеит Чрыгба.
Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аусзуҩы, Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет арҵаҩы Луҭфиа Ҟолбаиа, аҳәынҭқарра атуристтә политика далацәажәауа, иазгәалҭеит жәларбжьаратәи атуризм аџьармыкьа еиуеиҧшым атәылақәа ҕәҕәала иахьеиндаҭлауа ҭыҧны ишыҟоу.
«Урҭ рахьтә аӡәырҩы рзы атуризм – амилаҭтә експорт акырӡа зҵазкуа ахәҭаҷқәа иреиуоуп. Аиндаҭлара алҵшәақәа хахаҵәҟьа ирхьыҧшуп иарбанзаалак атәыла атуристтә политика ашьақәыргыларазы хықәкыла еихнаго ашьаҿақәа, аҽазышәарақәа. Аҳәынҭқарра атуристтә политика иамҽханакуеит аҳәынҭқарратә усмҩаҧгатәқәа жәпакы, урҭ иреиуоуп аҳәынҭқарра иатәу анаплакы, ма хаҭала аӡәы иитәу анаплакы ҳәа еилымхкәа, атуристтә индустриа арҿиаразы аҭагылазаашьақәа раҧҵара, атуристтә ресурсқәа еиҷаҳарала ахрархәара, атуризм аекономикатә хырҳара ашьҭыхра», – иазгәалҭеит лара. Ҟолбаиа лажәақәа рыла, аҳәынҭқарра азеиҧш политиказы иҟазшьарбагоу аҷыдарақәа зегьы ирылаҟоуп, аха ҳасаб рзулатәуп идыру афактор ҷыдақәа: атәыла аҧсабаратә ҭагылазаашьақәа, атранспорттә еимадарақәа, асоциалтә, аекономикатә, азинтә ҭагылазаашьақәа.
«Иарбанзаалак атәыла, жәларбжьаратәи атуристтә џьармыкьахь ицәырҵуа, егьырҭ атәылақәеи иара убас иааидкыланы арегионқәеи рҟны аиндаҭларатә еизыҟазаашьақәа рсистема уадаҩ иналагылоит. Атуристтә политика ииашаны, хырҳарала ашьақәыргылареи анагӡареи зхьыҧшу адунеитә туристтә џьармыкьаҿы аҳәынҭқарра иааннакылауа аҭыҧ ауп. Атуристтә политика ахықәкқәа рымадоуп атәыла аҿиара хықәкылатәи аекономикатә, аҭоурыхтә ҭагылазаашьақәа, иара атуристтә индустриа ахьынӡанеихьоу. Абри аан акырӡа рыҵаркуеит амилаҭтә туристтә аалыҵ аҧҵареи уи аџьармыкьахь акылгареи. Абри агәҭакы анагӡара иаҭахуп изыхәҭоу амаркетингтә усмҩаҧгатәқәа ралыршара», – лҳәеит Ҟолбаиа.
Уи лажәақәа рыла, амилаҭтә ҩаӡараҿы атуризм ҧхьаҟатәи ахырхарҭа азкызароуп аҳәынҭқарра уи аганахьала аҳаҭыр ашьақәыргылара, аихаҳара Ари уаҩы дызхымҧо ҧҟараны иҟоуп аҳәаанырцәтәи атуристцәа радыҧхьаларазы. «Иҵабыргыҵәҟьаны, џьара тәылак ашҟа ауаҩы амҩа данықәлауа, уи дрызхәыцуеит иара икультуратә, ибзазаратә, ифинанстә лшарақәа, иҭахрақәа, иинтересқәа рганахьала шаҟа иманшәалоу. Аҧсны асовет аамҭазгьы ақыҭанхамҩатә, акурорт-туристтә республиканы ирыҧхьаӡон.
Ҳазну аамҭазы ҳтәыла хадаратәла иарҿиоит атуристтә усхк. Асовет аамҭазы акурорт-туристтә обиектқәа зегьы хадаратәла аҳәынҭқарра иатәызҭгьы, хымҧада иҟан азанааҭеидгылатә обиектқәагьы, ҳазну аамҭазы атуристтә бизнес ахазхатәуаа рнапаҿы иҟалеит», – лҳәеит лара.
Ажәахә хадақәа рнаҩсан, аимак-аиҿак зцыз аицәажәарақәа ирылагеит. Астол-гьежь иалахәыз азҵаарақәа шьҭырхуан, Аҧсны атуристтә сезон злеиҕьыртәыша аҿырҧштәқәа аргон.
Акьыԥхь иазирхиеит Б.Қаџьиа