Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҭаацәаныла ҳхақәиҭра иазықәԥон

Ааигәа ҳредакциа даҭааит ҳхақәиҭра аагара зыхәҭак алоу, иашалаҵәҟьа  иуҳәозар, ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ҳанҭагылаз ахаҵамҧҳәысра аазырҧшыз аҧҳәызба. Уи Ҧақәашь ақыҭа иалиааз Венера Грышьа-иҧҳа Шәқьериа лоуп. Аибашьра анцоз лара дынхон Тҟәарчал, Аҟармара аҳаблан аус луан афатәҭирҭа адәқьан аҿы. Лыҧшәма, милаҭла – ауаҧс, Иаша Џьиоев Ким-иҧа иакәзар, ашахтаусбарҭаҿ анџьныр хадас дыҟан.

Аибашьра ианалага инаркны зхатәгәаҧхарала иааз  ауаҧсаа ргәыҧ далалеит, командирс дрыман Феликс Хубулов. Венера илгәалалыршәоит аибашьра анцозтәи амш гәыҭшьаагақәа. Аамҭаказ иаангылеит аҧсҭазаара. Иабџьардаз ҳауаажәлар аҕа амацәаз  иҭаикит. Доусы ишрылшоз ала рхы рыхьчар акәхеит. Усҟан рыҷкәын заҵәы Артур Џьиоев 17 шықәса ракәын ихыҵуаз, аха аҩны дузыртәозма, иаб аибашьцәа рахь дышцахьазгьы, иаргьы Хәыхәын идирҟаҵаз абџьар, «Обрез» ҳәа изышьҭаз иманы иқәлацәа днарыцлеит. Аха уи ҩымш заҵәык акәын ианикыз, ари абџьарума автомат сзаашәхәароуп ҳәа даақәгылеит. Иҟасҵагәышьоз, сыҧшәма иабду иҭынхаз араӡны иалхыз аҳәачаҧак ҳаман иҵәахны, аҧсы ҭынхоуп, абиҧарала еимырдоз иаҭныҧсахлан акы  сзеиҿкаауазар ҳәа сашьҭалеит. Тҟәарчалынтә Гәдоуҭаҟа иҧыруаз аверталиот сҭалеит, Аҟәарчаҧантә иқәҵуан, уи ус аламала уаҩы дҭарҵо иҟамызт, аха Аполлон Шьынқәба ибзоурала сҭарҵеит. Уа Гәдоуҭа сахьнеиз, Лакәыт Зарандиа иасҳәеит сзышьҭаз. Авоенкоматаҿы снеит, Вахтанг Цыгәба сзышьҭаз аниаҳа сџьашьаны дыҳәҳәеит: «изакәызеи избо, ҳаҳәшьцәа ҩадантәи  иааны абџьар иашьҭоуп. Уи ашьҭахь «Черноморец» асасааирҭаҿ снанагеит. Уаҟа слықәшәеит Маиа Џьынџьал-ҧҳа, лыҷкәын заҵәы дыршьит, иҧсыбаҩ аарымгацкәа дизыҧшын. «Сара сҧазаҵәы дыршьит, иҧсыбаҩ сашьҭоуп, бара быҷкәынзаҵәы ибыркырц абџьар  башьҭоуп», лҳәан ҳаидҵәуало ҳшеидтәалаз иааҳаршеит.

Изулакгьы, иаазгаз араӡны аҳәачаҧа иаҭныҧсахланы, автомат Калашников рхианы, аибашьцәа зҭаз аверталиот сҽахьыгӡаны аҩныҟа – Тҟәарчалҟа схынҳәит, – ихлыркәшеит уи лажәа.


Наира Сабекиа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me