Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 28 шықәса ахыҵит

Ахәҭаҷ 5. Адгьыл,  егьырҭ аҧсабаратә ресурсқәа  ажәлар иртәуп, Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы рхы иадырхәоит, иагьырыхьчоит уи  атәылауаа рыҧсҭазаареи русуреи ирышьаҭаны. Аҧсабаратә ресурсқәа  рымазаареи  ахрархәареи  мҩақәырҵоит  Аҧсны  Аҳәынҭқарра  азакәанқәа.

Ахәҭаҷ 6. Аҧсны  аҳәынҭқарратә бызшәа – аҧсуа бызшәа  ауп. Аҧсшәа  инаваргыланы  аурыс  бызшәа  азхаҵоуп  аҳәынҭқарратә уҳәа  егьырҭ аусҳәарҭақәа  ирбызшәаны.  Аҳәынҭқарра иахьчоит Аҧсны инхо  егьырҭ  ажәлар гәыҧқәа  рхатәы  бызшәа  ҧықәсларада ахархәаразы ирымоу азин.

Ахәҭаҷ 10. Аҧсны  Аҳәынҭқарра иамоуп  ахатәы  символика: Аҳәынҭқарратә Бираҟ,  Агерб, Агимн урҭ  зеиҧшроу  шьақәдыргылоит аконституциатә закәанқәа. Аҧсны  аҳәынҭқарра аҳҭны-қалақь – Аҟәа  ақалақь ауп.

(Аҧсны Аҳәынҭқарра  Аконституциа  ахәҭаҷқәа  рҟнытә)

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me