Мшаҧы 23, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҵарадырра аиӷьтәразы

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб диԥылеит Нхыҵ-Кавказ­тәи Афедералтә университет Аиуристтә институт адиректор ихаҭыԥуаҩ Максим Трофимов, – иаанац­ҳауеит Аминистр­цәа Реилазаара асаит.

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит «Арҵаҩцәа рыҭҵаарадырратә центр аусура методи­кала аиқәыр­шәара» апроект инҭагӡаны, Нхыҵ-Кавказтәи Афеде­ралтә университет аспециалистцәа имҩаԥыр­газ аусура алҵшәақәа. Уи азкын Аԥсни, Ермантәылеи, Аахыҵ-Уаԥстәылеи рҵарадырра адгылара, аиӷьтәра. Ари апроект нарыгӡоит Урыстәылатәи Афедерациа аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи Рминистрра анапхгарала. Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет активла аус ацнауеит Аԥсны аҵара Аминистрра 2014 шықәса аахыс.

Абри ауниверситет иабзоураны еиуеиԥшым амаҭәарқәа рыла ашколқәа рҵаҩцәа рквалификациа ашьҭыхразы акурсқәа мҩаԥган.

Мақсим Трофимов Аԥсны Аиҳабыреи аҵара Аминистрреи ҭабуп ҳәа реиҳәеит апроект анагӡара аганахьала активла иҟарҵо ацхырааразы.

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб рыхә ҳаракны ишьеит аԥсуа ган аҭҵаарадырра-методикатә цхыраара аҭаразы Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет аректорати аспециалистцәеи рҽазышәарақәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me