Леуан Адлеиба иажәақәа рыла, абас еиҧш иҟоу аиқәышаҳаҭрақәа Урыстәыла ақалақьқәа жәпакы рҟны рнапы рыҵарыҩхьеит: «Абарҭ аиқәышаҳаҭрақәа ирыбзоураны ҳтуристтә усхк аларҵәаразы, ҳҳәынҭқарра аӡыргаразы, атуристцәа рхыҧхьаӡара азырҳаразы алшарақәа аадыртуеит», – иазгәеиҭеит иара.
Аӡыргараҿы иҟан Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра аусқәа аамҭала знапы иану Мадина Аҩӡба, Нижни Новгород аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра ҳаҭыр зқәу аконсул Владимир Литвинчук, Москва Ареспублика Ҭаҭарсҭан ахаҭарнак ихаҭыҧуаҩ Емиль Фаизуллин, атуристтә еилахәыра «Аҟәа-Абаза» аиҳабы Мариа Гыцба, «Риҵа-тур» аиҳабы Елена Лолуа, «Москватәи аҧсуа диаспора» анагӡаратә директор Даур Барганџьиа.