Виачеслав Аблоҭиа 80 шықәса ихыҵит «Сара бзиа избоит, аӡәы исыдигало, ма ишигәаҧхо ҳәа акәымкәан, схы сақәиҭны, исгәаҧхо алхны, уи ахәҭаны ишысыҧхьаӡо ала аусура. Аиашазы, ауаҩы ихатәгәаҧхарала, иара иҭахны, ҩнуҵҟала дазхәыцны игәы азыҳәаны иҟеиҵо, анаҧшыҩгьы, ахәаҧшыҩгьы иргәамҧхарц злшом, еиҳагьы ргәы иақәшәо иҟалоит», – абас ҳаиҿцәажәара хацыркуа дҳацәажәон ааигәа 80 шықәса зхыҵыз Аҧсны жәлар рартист, акинорежиссиор, асценарист, Урыстәыла акинематографистцәа Реидгыла алахәыла, «Ахьӡ-Аҧша»…

Зымҽхак ҭбааз

28 Жьҭаара 2022 14:16
Аҧсны асахьаҭыхҩцәа рцәыргақәҵатә зал хада аҿы ҳҧыза ду Владислав Арӡынба изкыз афильм «Страсти по Владиславу» аҧызҵаз Ольга Давид-иҧҳа Дубинскаиа лфотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа аартын, урҭ аҧҵоуп еиуеиҧшым аамҭақәа рзы. Дара зегьы Аҧсны жәлар, анхаҩы инаиркны ҳҵарауаа, ҳхақәиҭра аагаҩцәа уҳәа ирызкуп.
Аҧсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр идикылаз аӡбамҭа инақәыршәаны ҳтәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҟны имҩаҧысуеит амҩа-транспорттә ҧҟарақәа реилагареи, разҧхьагәаҭареи, раҧхьырҟәҟәаареи ирызкны агәаҭаратә усмҩаҧгатәқәа. Иааныркыло рахьтә уаанӡа ацәгьоура ҟазҵахьаз ҟалар, ишьақәгыло аҧҟара инақәыршәаны ашәҟәы еиқәдыршәоит.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me