Аҟәатәи ақалақьтә Еизара аилатәараҿы уи ахантәаҩы Иракли Харчлаа инапынҵақәа рынагӡара аҿҳәара ииасаанӡа имаҵура ааныжьразы арзаҳал рыдигалеит. Иколлегацәа – ақалақьтә Еизара адепутатцәа аусураҿы ирҭоз адгылара азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. «Исыдыскылаз аӡбамҭа ишәа-иза сазнеит, уи акыр зҵазкуа ҭагылазаашьоуп сара сзы, амала сдепутаттә уалҧшьа анагӡара иацысҵоит, агәра згоит Аҟәаа ирыхәаша ала аусура сылсыршап ҳәа», – иазгәеиҭеит Иракли Харчлаа.