Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧеиҧш лаша иақәныҳәо

Аибашьра ҳаҧсадгьыл ахәрақәа ианнаҵаз иахьагьы ҳардысуеит, иҳақәыҕәҕәоит, иаҳныруеит. Еиҳагьы  иаблуеит аибашьра зхызгаз, иалагылаз, зҩызцәа звыршьааз… Урҭ ахьаа рыҧсы ахьынӡаҭоу ирыцзаауеит. Ҳаиқәзырхаз ҳфырхацәа рхаҿсахьақәа лаша-лашауа ҳҭоурых иагәылҷҷаалоит. Урҭ рзы дынцәахәны Владислав Арӡынба раҧхьа дгылазаауеит.

Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа, Гәдоу аӡиас нырцә дынхон. Шамел Камыгә-иҧа Оҭырба. Апатуи аҳа­ҭыри змаз, зыхьӡи зыжәлеи еидкыланы ирҳәоз хаҵан. Иҧшәма Сақаниа-Оҭырба Минореи иареи хҩык ахшара рааӡеит. Ҩыџьа аҧацәеи рыҧҳаи: Робертино (Робик), Ҭемыр (Асҭамыр), Асҭанда.

Оҭырба Робертино (Робик) Шамел-иҧа 1963 шықәса рашәарамза ҩажәеи фба рзы Гәдоуҭа ақалақь аҟны диит. Гәдоуҭатәи абжьа­ратә школ №2 далгеит. Аррама­ҵура Мрагылара наскьа дахысуан. Харковтәи аполитехникатә институт доушьҭымҭоуп. Дҭаацәа­роуп. Иҧшәма Амҧар Шьа­зинеи иареи ҩыџьа ахшара рааӡеит: Кристинеи Кристиани.

Оҭырба Робик Аҧсны аибашьра иалагаанӡагьы амилаҭтә зҵаарақәа еснагь дрызҿлымҳан, дрылахәын. Аибашьра ианалага амшқәа рҩыџьагьы аҧсадгьыл ахьчаҩцәа инрывагылеит. Ҳаниацәажәоз, аибашьра аҧхьатәи амш игәаларшәо, ус иҳәеит: Уи аҽны, сгәыла Лепик Ексузиани сареи амашьына акы агын, аҟаҵара ҳаҿын. Ҳус ҳшаҿыз, Цәеиба Валикәа игәараҭаҿы, иаҳәшьа Маро «Аибашьра иалагеит!» ҳәа уцәа уҭнарӡыӡаауа лыбжьы геит. Ҳмашьына ааныжьны зегьы ақалақь ахь ҳцеит. Ишәгәала­шәозар, аурысцәа рырхәҭаҿы абџьарқәа ахьаагаз, убраҟа раҧхьа иақәлаз срылан. Ахышә ҭшәа ала скылсит, абџьар згеит. Аха шьҭахьҟа аҩныҵра, даара иуадаҩхеит. Ашьҭаҵарҭа ауада ҭшәан. Аҩналара иаҿыз еергьҳәа иааныскылеит. Сабџьар сыманы салҵит. Снапы џьара иаахоу, икыддырҕәҕәалоу сыздыруам, аха ашьа аанымгылаӡакәан иаауан. Сахьдәылҵуаз сеимаақәа сцәыӡит. Ҳаҩналаанӡа, раҧхьа иара уа иатәыз, ауадақәа руак аҟны апатронақәеи артҟәацга­қәеи ахьышьҭаз ашә аартра ҳалшеит. Агрба Назбеи имашьына аазна ҟаҵаны аҩныҟа иааҳашьҭит… Иаҳгаз абџьари апатрона­қәеи хымыз иназынаҧшуа арратә цәаҳәаҿы иҳахәеит… Раҧхьатәи амшқәа рзы даара иуадаҩын, аха нас зегьы маҷ-маҷ ҳаишьцылеит…».

Оҭырба Робик арратә уалҧшьа анихигоз аҧышәа ду иоуит. Уи аофицер ичын иманы дхынҳәит. Абџьар акышьа, ахысшьа, апатронақәеи артҟәацгақәеи еидыркылаз зегьы, Гәымсҭатәи ахырхар­ҭахь ицаанӡа, дара Гәдоу аӡиас нырцә инхоз, Приморск адәаҿы ишьҭаҵаны, еилдыргеит. Автобусла Аҟәаҟа иандәықәлоз, досу иикыз, ишхысуаз, еилкааны, аибашьра амҩа ианылеит.

Робик Ацҳа ҟаҧшь аҿы игылаз дырхыҧхьаӡалан. «Ҳара ҳгәыҧ, – иҳәеит уи, – бџьарла ҳаибыҭан. Ақалақь аанҳажьуеит ҳәа ҳгәы иҭаӡамызт. Аха ааныжьра ҳақәшәеит. Раҧхьа командирс Витали Дармаа дҳаман. Гәымсҭаҟа ҳаныхынҳә адамбақәа ҟаҳҵеит, ҳҭыҧқәа алаҳхит, 100-ҩык инарзынаҧшуа ҳаҟан. Ақырҭцәа танкла иандәықәла, Мушьни Хәарцкьиа Гәымсҭа зегьы ибжьы ықәыҩуан! – Шәыҽшәырҕәҕәа, Замастианкаа! – ҳәа. Маҷ-маҷ аибашьра ҳҽаҳаршьцылон… Иҭахозгьы ыҟан…».

Робик аибашьра раҧхьатәи  амшқәа анеиҭеиҳәоз, уажәы-уажәы даангылон, иҭахоз рҭоурыхқәа игәаҵанӡа инаганы дахцәажәон.

Нас 1993ш. ажьыр­ныҳәа хәба рзы имҩаҧгаз Гәымсҭатәи ажәыларахь диасит. «Сара, Ақаҩба Мираб, Ексузиан Лепик (Ефрем) Гагра аҭарцәраҿы иҳалшоз ҟаҳҵеит. Сашьа Ҭемыр дҳашьҭалеит. Аха абџьар ахьимамыз иаҿыӡганы, дҳацаалар сҭахымхеит. Уи ашьҭахь, иара маӡала Лхаа дрыцны дцеит. «Муха» зкыз аӡәы имхра илшеит. Убас, Ҭемыр Гагратәи ажәылара ианалга 1992ш. ҧхынҷкәын 30 рзы уа иааныркылеит. Ҳархәҭақәа ажьырныҳәатәи ажәыларазы аҽырхиара ишаҿыз еилаҳкааит. Гәдоуҭантә  Есмеҭ Ҳагба Ешыраҟа ҳааигеит. Ешыра хыхь Ашықәс Ҿыц ҳаҧылеит. Ажьырныҳәа аказы ҳҽаҳаҧсахит. Начач Владимир дсыҧхьеит. Саннеи Дбар Сергеи Платон-иҧа дуҧхьоит ҳәа, иҳәан иара иахь сдәықәиҵеит. Уаҟа ажәылара шыҟалоз аилкаанҵа соуит…

Гәымсҭатәи афронт акомандаҟаҵаҩ, аполковник Дбар Сергеи Платон-иҧа ажәылара  х-баталионк шалахәхоз реиҳәеит: актәи абаталион акомандир Аҩӡба Владимир, аҩбатәи абаталион акомандир Берзениа Амиран, ахҧатәи абаталион акомандир Карчаа Ренат.

Абарҭ абаталионқәа хҧа-хҧа рота рыман. Иара убас хазы-хазы иҟаз архәҭақәа ҩба: Аҩӡба Качубеи адҵа зиҭоз ҩажәаҩыки, Тәанба Виктор напхгара зиҭоз жәаа-ҩыки.

– Сара ажәылара шыҟалоз ансарҳәа – иҳәеит Оҭырба Робик, – аибашьцәа еизызгар акәхеит. Напхгара зысҭоз агәыҧ иалаз аиҳараҩык ақыҭақәа рҿы инхон. Амш цәгьан, асы шьҭан. Ажьырныҳәа ҧшьба, ахәылбыҽха реизгара салагеит. Еизызгеит, аха Бармышь ҳмашьына зхамлаӡеит. Сгәыҧ аҿы жәохәҩык ыҟан. Бирзениа Амиран ибаталион ҳадҵан. Ҳара ҳрота «Замостианка» ҳәа иашьҭан. Арота командирс Владимир Начач даман. Ашара иалагеит. Асааҭ ааба рзы сҩызцәа сраҧхьагыланы, Гәымсҭатәи хыхьтәи ацҳала, ҳҳәазаны ҳақәсраны дҵас иҳаман…

Робик зеиҭаҳәара далагаз ажьырны­ҳәатәи ажәылара ибла ихгылан. Дцәажәо дышнеиуаз даангылон, дқәыҧсычҳауан. Ҭоҧк аҭаҭын дахеит. – Уи ажьырныҳәатәи ажәылара сыҧсҭазаара зегьы иагәылсит, сцәа-сжьы ианыруеит, уахгьы-ҽынгьы уи хьааны исыцуп… Зны-зынлагьы урҭ ахҭысқәа рахь саныхынҳәлак, сышьхныҧсылоит… – иҳәан, ҧшьшьаала, ибжьы меиҵыхкәан, аибашьра адәаҿы иҟаз, дызлагылаз, аҭоурых ӡыблара ахь дниасит…

Робик жәохәҩык ицыз иҩызцәа драҧхьа­гыланы Гәымсҭатәи хыхьтәи ацҳа аҵаҟа илбааит. Ирацәаны адҵа азыҧшра рықәшәеит. Амш ацара иаҿын. – Начач Владимири сареи хыхьынтә ҵаҟа ҳаиҿаҧшуан. Аимадага ҳамаӡамызт, напыла ҳаицәажәеит. – «Шәдәықәла!» ҳәа напыла иаҳирбеит. Ҳаишьҭагыланы, ҳҳәазаны, быжьҩык ҳдәықәлеит. Сышьҭахьҟа сыҧшӡомызт. Ацҳа, аладатәи абагьыр ҳҽеиҵыхны ҳаваиеит. Уи аҕа еиҳа ибарҭаӡамызт. Ацҳа ахьаанҵәоз аҧжәага «алимонка» ацҳаҿы ихшьын. Уи зеиҧшразгьы аӡәгьы иҳаздырӡомызт, иҧаҳшәар акәын. Едик Ҭраҧшь, Баҭал Ачба, Ҭенгиз (Пазик) Лабиа, Вадим Дбар, сара  аҭелқәа ҧшааны ихаҳҵәеит. Уи ашьҭахь Кемпинг ҳнеины аҭыҧ аанаҳкылар акәын. Ҳшеицыз ҳнаӡеит. Уаҟа ақырҭцәа ихьанҭаз ртехника (БМП) ҧаҳжәеит. Аҕацәа ҳахьтәаз гәарҭеит. Еиуеиҧшымыз абџьар хкқәа рыла ахысра иалагеит. Цхыраара иааираны иҟаз аӡәгьы мааиӡеит. Адҵа ҟасҵеит, иаанаҳкылаз аҭыҧ ааныжьны ҳхынҳәырц. Еицыз ҳҟынтә раҧхьа Лабиа Пазик инапы ахы аахеит. Ашьа рацәаны ицәцо далагеит, сабџьар иамаз ажгут амхны ихәра ҿасҳәеит. Дбар Вадимгьы «схәуп!» ҳәа ибжьы иргеит. Аха, уи санихәаҧш, ус расҳәеит: – Вадим, Пазик дугартә уҟоуп, шәҳәазаны цашьак ҟашәҵа. Ҳара аҕа ҳашҟа дхьаҳарҧшлоит, шәара шәцартә аҭагылазаашьа шәаҳҭоит ҳәа расҳәан, Вадим Пазик диманы ддәықәлеит. Ачба Баҭали, Едик Ҭраҧшьи, сареи ҳаанхеит. Ҳаҷкәынцәа ацҳа аҵаҟа иҟаз ахысра иалагеит. Аха ҳара ҳарбарҭаӡамызт. Уи аамҭазы хыхьтәи Гәымсҭатәи ацҳаҿы ухы узышьҭымхуа аҕацәа амца аурыжьит. Сылаҧш Едик ишихыз, раҧхьатәи ахы иаахаз дканажьит. Иара дабиҧазаҵәын. Иани иаби Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа иалахәын. Рыҧсҭазаарақәа ирылҵхьан. Иара дҭаацәара­ӡамызт. Атанк ҳахьтәаз иақәкны ихысуа ианалага, арҭҟәацга сшәыра иҭысхуеит ҳәа сшаҿыз, ахцырҟьа сара исаахеит. Сшьапқәа сызрықәгылаӡомызт, снапқәа сыхәаӡомызт. Азныказы сабџьар шьҭысхуа сҟалар, сҽысшьырц сыӡбеит. Аха уи ҟаҵашьас иасҭоз сыздыруамызт. Аамҭа шаҟа цаз сыздыруам, аӡәы дҳәазо дшаауаз гагаҵас избеит! – Умааин, сара сузгаӡом! – ҳәа сыҳәҳәон. Гәымсҭа аиҩхаа зегьы сыбжьы ҭыҩуан. Уи Ақаҩба Мираб иакәын. Сшәыра артҟәацга шҭаз иасҳәеит. Уи атанк ахьгылаз иақәкны иршәит. Атанк еихәласит. Маҷк аҧсеивгара ҳауит. Уи хыхь исшәыз скьаҿ слықәиҵан, сырҳәазо ддәықәлеит. Усҟан иааҟәымҵӡакәан илеиуаз асы ҳахәеит. Гәымсҭа аӡиас санырыргоз сырцәалаҳаит. Убраҟа аӡыхьшәашәа ансылс, сыхдырра маҷк иааит. Аӡиас ахықәаҿ саннарга Боџьгәуа Леонид иашьцәеи иареи хыхь сыхәныргеит.

Акыраамҭа иҟаз акгьы сгәалашәомызт. Аха нас Ачба Баҭал дышҭахаз еилыскааит. Лабиа Пазикгьы Дбар Вадимгьы ари ажәылара иалҵит, аха уи ашьҭахь аибашьра адәаҿы иҭахеит…

Амашьына аҿы снаргаразы, аҕәы еидыҧсала агьежьқәа зҵаз сақәырҵан, срыманы ишнеиуаз аҕа ахысра далагеит. Сара ахаҳә чаҧа снавадыргылан, сназгаз аибашьцәа ҵаҟа ахаҳә чаҧа иаватәеит. Сымчқәа еизызган, «аҕа сара цәҟьарас сишәҭама?!», – ҳәа сыбжьы аарла инасыргеит. Урҭ сара сашьа Ҭемыргьы дрылан. Хыхь, иҽсықәыжьны сихьчеит. – «Ус ҟаумҵан! – ҳәа иасҳәеит, аха, иара уаҳа дсыдымҵӡеит…»

Оҭырба Робик Шамил-иҧа раҧхьа  Афон агоспиталь аҟны дҧырҟеит.

Ақаҩба Мираби Ҳагба Есмеҭи Робик иҭаацәа ахәра шиоуз рарҳәеит. Аҳақьымцәа уи ихәра шыҕәҕәоу, иҧсҭазаара ашәарҭа ишҭагылаз анеилыркаа, Москваҟа ддәықәырҵеит. Акыраамҭатәи ахәышәтәрақәа рышьҭахь ишьапы дықәгылеит. Леон иорден ианашьоуп, II-тәи агәыҧ змаз ахымхәа ҳәа дшьоуп.

Иашьа Ҭемыр аибашьраҿы ихигаз есааира игәабзиара ҵнашәаауан. Дара ахьеиланхо, уахгьы-ҽынгьы еибабоз аишьцәа реиҧш иҟаз рҩызцәа: Ақаҩба Мираб, Ексузиан Ефрем, Цәеиба Руслан, Цәеиба Витали рыҟамзаара, рҭахара атәы еснагь иҿакын. Уи иҧсҭазаара ачымазара иҿахнаҵәеит. Ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал. Оҭырба Шамел Камыгә-иҧа иҧацәа реибашьратә мҩа цқьан. Ари агәараҭаҿы ахаа-цәа зхы-зҿы иқәу, змоҭацәа ирызгәдуу Сақаниа-Оҭырба Минора лныҳәаҧхьыӡ Аҧсны иадуп: – «Аҧсны аҿиара ацны, аҭынч ҧсҭаза­ара аҧсуа жәлар ирыцзааит. Зыҧсы ҭаны иаанхаз Афырхацәа зегьы, срыкәыхшааит, иҭахаз хашҭра рықәымзааит…»

Оҭырба Робик зфырхаҵаратә мҩа ахаан иаламцәажәо, ҭынч аҧсҭазаара амҩа иану, изылшо ҟазҵо, Аџьынџьтәылатә еибашьра ахымхәацәа рхеилак аҧҵаҩцәа ируаӡәку, ирывагылоу иоуп.

– Сара схымхәоуп ҳәа ашәҟәқәа ҟазҵаз, ихымхәацәам, урҭ зегьы аарҧшхоит. Амц ашьапы кьаҿуп. Знымзар зны иҵыҵуеит. Ҳазегь иҭахаз ҳрызхәыцлароуп, нас ауп аҧсҭазаара амҩа иаша ҳананыло… Аиааира амш Аҧсны иқәынхо зегьы игәырҕьо иаҧылалартә аамҭа раҭәашьазааит еснагь.  ирыдысны­ҳәалоит, иҟамлааит уаҳа аибашьра…

Оҭырба Робик Шамил-иҧа ицзааит аманшәалареи аҧеиҧш лашеи.


Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me