Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аизыразра амҩа ҳанылар – ҳалшарақәа еиҳахоит

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конргесс аизара ду аҟны Екатерина Бебиа лықәгылара.

Ҳаҭыр зқәу Аҧсны Ахада Аслан Гьаргь-иҧа Бжьаниа, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс  анапхгаҩы Мусса Хабал-иҧа Екзеков,  ҳаҭыр зқәу аизара ду аделегатцәа. Иахьа Аҧсны аҳҭны-қалақьаҿ имҩа­ҧысуеит адунеи иқәынхо аҧсуа-абаза жәлар ҳзы акрызҵазкуа, аҭоурыхаҿ инхо ахҭыс.  Саргьы  Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс Аҧснытәи аҳәса Рхеилак анапхгаҩык иаҳасабала ажәа ахьсаҭәашьоу иацу аҭакҧхықәра акырӡа исныруеит, ажәа исҳәо  схала истәым, ари Аконгресс ахада, ҳхеилак актив иалоу, насгьы имҩаҧаҳго ауснагӡатәқәа зхы рылазырхәуа, ҳазлоу аилазаараҿ иҳамадоу, ҳазмадоу зегьы иҳажәоуп, егьҳҭакҧхықәроуп.

Еилкаау, идыру усуп жәытәнатә аахыс аҧсуа-абаза ҧҳәыс лаҳаҭыр, лыпату, лажәа есымшагьы ажәлар рҿы ҳаҭыр-пату шақәу, ҩ-рык еибашьуазаргьы лкасыш аалхыхны еиҿагыло ауаа рыбжьара ианышьҭалҵалак аибашьцәа иаразнак рабџьар шыладырҟәуаз. Иахьагьы-уаҵәгьы аҧсуа-абаза ҳәсақәа ҳаилазаараҿ ицәырҵуа азҵаара хадақәа рҟынгьы ражәа ҧшьоуп, ихшыҩрҵагоуп, есымшагьы ҳажәлар рыгәҭа игылоуп хьыҵәцарак иаҩы­заны, раҧсуара бираҟҵас иҳаракны. Убарҭқәа  зегьы дрызхәыц­ны акәхап Аконгресс ахада Мусса Екзеков изыҟаиҵаз ажәалагала аҧсуа-абаза ҳәсақәа рхеид­кылақәа Ҟарачы-Черкестәыла, Ставропольтәи атәылаҿацә, Аҧсны уҳәа рҿы еиҿкаазарц, насгьы дара  реимадара, русеицура хықәкы хадас изышь­ҭихызгьы.

Аконгресс аҟны иаҧҵоу  Аҧснытәи аҳәса Рхеилак  «Аизыразра амҩа» ахьӡаҳҵар заҳҭаххаз хықәкы хадас иамоуп:

–Аҧсуа ҧҳәыс иахьатәи ҳаилазаараҿ лҭыҧи, лҵаки, лхықәки, гәыҵхас илымои, илыгыу-илыбзоуи еилкааны лыцхраара, лывагы­лара, лхеиҭаҳәара ахаҵгылара, лалкаара, лгәышьҭыхра;

– Аҧсуа бызшәа аҧсуа ҩнаҭақәа рҟны аҳра аурц ан, анду, аеҳәшьа уҳәа рнапынҵа, рыхшыҩзышьҭра, рхымҩаҧгашьа, рхықәкы;

–Аҧсуа ҧҳәыс аинтел­лигент, аҵарауаҩ, арҿиаҩы, арҵаҩы, анапхгаҩы уҳәа лусқәеи, лҭаацәареи, ацәгьеи абзиеи реилагӡараҿы ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбраҿ лыцхраара, лымҩақәҵара;

–Иахьатәи ақыҭеи аҧсуа ҧҳәыси ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа рзааҭгылара;

– Амилаҭ еизыразра, акзаара, аилибакаара амҩахь рнеираз аҧсуа ҧҳәыс лҭыҧ, лажәа, лыхшыҩ, лхымҩаҧгашьа.

–Зажәа нагоу  аҧсуа ҳәсақәа злахәу аиҧыларақәа, аизарақәа, ахшыҩеилаҵаратә усқәа рылацәажәара.

- Ашықәс иалагӡан зықәҿиара дуу аҧсуа ҳәсақәа, аҭаацәа­рақәа ралкаара, ирыхәҭоу ажәа раҳәара, рус ҩаҧхьа ргәы ацнеиуа рыҟаҵара.

Абарҭ азҵаарақәа зегьы ирылкаан аӡбахә ҳәатәуп ахатәы бызшәа. Аҳәынҭқарра аума, ауаажәларратә еиҿкаарақәа роума, саҧсуоуп ҳәа зхы зыҧхьаӡо зегьы ҳнеидгылан ҳбызшәа аиқәырхара ҳҽаназаҳамк, ҳара милаҭ ҳасабала ҳҟалаӡом! Ҳхатәы бызшәа – уи ҳгәи ҳгәаҵәеи аус азыруа, ҳдақәа ирҭысуа ҳшьоуп, ҳшьам дгьыл аӷьацара азҭо дацуп, аҳәынҭқарра шынеи­бакәу уасхырс иаҵоу бахәаҧшьуп! Абааҧсы, ҳаидымгылар ада даҽа мҩак ҳамаӡам  ҳбызшәа аиқәырхаразы!

Ҳхеилак «Аизыразра амҩа» раҧхьатәи ашьаҿақәа  рызкын ҳаҧсадгьыл ахьыҧшымра зхы ахҭнызҵаз ранацәа рҧылара. Уи мҩаҧысуан иреиӷьу ҳаҧсуа ҿар рыӡрыжәырҭа ҳәа ҳзышьҭоу Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Шәрыхәаҧш, закәытә ӷәӷәароу иаадырҧшыз: ҧшьҩык зҵеицәа Аҧсны ахақәиҭраз иҭахаз Ҭамара Аҩӡба-Езыгәбаиа, згәы камыжькуа иахьа Алада Ешыра ахадас иҟоу, анацәа раҧхьагыла, иахьа Аҧсны ауаажә­ларратә палата аиҳабы, ҳҿахәҳәаҩы Гәули Кичба, зҵеизаҵәқәа ҭахаз: Рекатәи ахаҵам­ҧҳәыс Ламара Аҳашба-Қәычбериа, Тҟәарчал­тәи  аҧҳәыс ҟәыӷа Заира Џьопуа-Лагәлаа, Гәдоуҭатәи ан-хьӡырҳәага Емма Ермолова. Арҭ рхаҿала Аҧсны, Нхыҵ-Кавказ, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Сириа уҳәа атәылақәа рҟынтә иааны ҳаҧсадгьыл ҳацзыхьчаз ранацәа, рабацәа, рашьцәа, раҳәшьцәа рҿаҧхьа ҳхырхәоит Аҧсны иану зегьы. Шәҵеицәа ршьацқьала еиқәырхоуп ҳ-Аҧсны! Уи еилкааны ауп Муса Екзеков шәарҭ ишәыдҳәалоу апроектқәа ҷыдала амҩа зриҭо, ихьӡалагьы агәалашәаратә ҳамҭақәагьы дзырхаҵгыло.

Уи инашьҭарххны имҩаҧагаз  ируакуп аҧсуа-абаза проект «Аиуара иашьаҭоу еибабароуп» ҳәа нахьыӡҵаны астудентцәа-ажурналист­цәагьы налархәны, аҧсуа патриот, аҵарауҩ Алина Ачба дназлаз Ҟарачы-Черкестәыла) (Абазашҭа), Ставропальтәи атәылаҿацә уҳәа рахь ҳцара. Уа имҩаҧгаз апроектқәа рҿы иҳадгылаз агазеҭ «Абазашҭа» аредактор хада Фардаус Кулова, Ставропальтәи атәылаҿацәаҿ аҟны еиҿкаау ауаажәларратә хеилак аиҳабы Армида Чагова, аилазаара «Алашара» анапхгаҩы Мураҭ Муков, уи ихаҭыҧуаҩ Наҭела Џьемакулова уҳәа азин сышәҭ иҭабуп ҳәа расҳәарц иааиҧмырҟьаӡакәа аҧсуааи абазақәеи реимадаразы инарыгӡо ахьы иаҩызоу аусмҩаԥгатәқәа рзы. Убас еиҧш зыӡбахә ҳәатәу роуп Ҭырқәтәылеи Аҧсни реимадаразы зџьабаа рацәоу, зыҧсадгьыл азы акырӡа згәы былуа, ҳастудентцәа ҳаман Ҭырқәтәыла ҳаннеиуа хаҭала изныкымкәа иаҳхаҵгылахьоу аишьцәа Иумиҭ Аҭеиба, Феридун Аҟәысба, Аҳмаҭ Ҳапат, Иорданиа ҳнеицыҧхьаӡа ешьаҵас иаҳҧыло Инал Гьечба уҳәа аӡәырҩы.

Убарҭ дреиуан ааигәа адунеи зыԥсахыз Ердынџь Аҭеиба. Уи Аконгресс ахалархәразы даарц аҽазыҟаҵара даҿын. Аха дҳагхеит аҧсуа патриот ду, Ҭырқәтәыла инхо аҧсуааи ҳареи ҳаимаздоз, цҳас иҳабжьаз ауаҩ нага, Каилар ақыҭа (Хәаҧ) акультуратә хеидкыла еиҳабыз, Аҧснынтәи инеиуаз зегьы иашьаҵас ирҧылоз, Аҧсныҟа данаалак зыҧсадгьыл зызхара иззымбоз, хаҭала сара иашьаҵас исыҧхьаӡоз Ердынџь Аҭеиба. Ихьӡ мыӡааит, џьанаҭ гыларҭас иауааит…

«Ҭынхарас иҟоу еибабароуп» ҳәа  иажәа иалан Аконгресс раҧхьатәи аиҳабы, акыршықә­сагьы хьыӡла-ҧшала напхгара азҭоз, аҧсуа-абаза хылҵшьҭрақәа реизааигәатәразы зџьабаа дуу, Урыстәылеи Аҧсни цҳас ирыбжьаз, ахааназ имеицакуа ҳажәлар рыбзиа­бара ду иаҧсахаз Тарас Мирон-иҧа Шамба. Абра азал аҟны иҟоуп ҩыџьа ахацәа, рыӡбахә сымҳәар сгәы иауам – Москва инхо аҧсуаа рхаҭарнакцәа Беслан Кобахиеи Оҭар Ласариеи. Абарҭ ҳнеидгылан ажәа ҳҳәеит ҳаҧсы ҭанаҵы Тарас Шамба ихьӡ анаӡаӡатәра аҟны иааиҧмырҟьаӡакәа имҩа ҳанызаауеит ҳәа. Дҳаҧхеижьҭеи омак шымҵуагьы, уи изку агәалашәа­ратә еиҧыларақәа еиҿкаан Москва, Черкесск, Красныи Восток, Ставрополь, Аҟәа. Рацәак мырҵыкәа уи изку аиҧылара аиҿкаара ҳгәы иҭоуп Ҭырқә­тәыла акырџьара ақалақь­қәеи ақыҭақәеи рҟны. Иара абраҟагьы адгылара ҳаиҭарц ҳаицәажәахьан Ердынџь Аҭеибеи ҳареи. Ах, шаҟа ирыцҳарозеи абри ауаҩҧсы абас иаалырҟьан дахьаҳцәыӡыз?

Акырӡа аҵанамкуеи зеиӷьҭам ауаҩ нага, аҧсуа патриот ду Тарас Шамба  иҭыҧ ҭацәӡа инымхакәа, ихациркыз иусқәа ҳаракӡаны иацызҵо, ихазырҭәаауа, гәыблыла еихазҳауа,  акы алызгандз ҳәа акәымкәа, акы аласҵандаз ҳәа зыҟәрышьгьы, зыгәгьы зыҧсгьы нахҭынҵаны аҧсуа-абаза жәлар ахьыҟазаалак еизҳандаз ҳәа ацхыраара ҟазҵо Мусса Хабал-иҧа Еказеков уи дахьиҧсахыз. Егьырҭ зегьы ҳарҟәаҵып, иҿырҧш дуӡоуп Мусса Екзе­ков дызлиааз иқыҭа Красныи Восток иаҧиҵаз апарак, иргылаз аспорттә комплекс, ачаӡырҭа, ахшдкыларҭа, аҽқәа рферма, дзыцхырааз ашколқәа, амҩақәа, ааигәаӡа иааиртыз 200-ҩык русурҭа ҭыҧ змоу аӡахырҭатә цех… Абри иоуми ҳаамҭаз­тәи афырхаҵа. Шәкы-зқьы иус хадақәа инареиҳатәны иқыҭауаа рыбзазара ашьҭыхра иаҿу. Ах, ишҧабзиаз, абри ауаҩ ҳаиҿыҧшны, аҧара зку ҳаҧхьа инагылан, зегьы ҳқыҭақәа рахь ҳхьаҧшыр, иахьын­ӡалшо ҳқыҭақәа шьҭаҳхыр, ҳхьышьҭрахь ҳхынҳәыр? Абар апроект ҿыцқәа – аҿырҧштәқәа, иара убас ажурналистцәа рзгьы атемақәа: Мусса Екзеков иқыҭа Красныи Восток! Мусса Екзекови аилазаара «Алашареи», Мусса Екзекови Аконгресси, Муссеи аспорти, акультуреи, абызшәеи… ҵҩа змам иҭҵаатәу, иҭоурыхтәу, иҿырҧшыгоу атемақәа.

Шаҟа аҵанакуазеи ари ҳдунеи аҟны, уажәы ааигәа Красныи Восток ҳзыҿцәа­жәоз 83 шықәса зхыҵуа ан Фатинка Муҳадин-иҧҳа Физикова-Екзекова лҧа Мусса Екзеков дихцәажәо иахьылҳәаз: «Сажәымҭа шкәакәоуп сара, сҧа аҧсуа-абаза жәлар дрыхәо дҟалазар!».

Абас еиҧш аҧсуа-абаза жәлар ирыхәаша, еидызкылаша, рбызшәа змырӡша аҧацәа, аҧҳацәа есымшагьы игылон ҳадгьылаҿ, ҳажәлар рхаҭарнакцәа иҧсаҟьаны адунеи иахьықәыҧсо зегьы аҟны. Ерцахә ду еиҧш урҭ зегьы дырхыҳәҳәоит ҳҳәынҭқарра ҿыцны изырҿиаз, ахьышьҭрахь изырхын­ҳәыз, хьтәы нбанла, зшьацқьала ҳҭоурых зыхьӡ анызҵаз ҳара ҳ-Влидислав Ду Арӡынба, ҳаҧсадгьыл ахьыҧшымра мҩа аазыртыз, излаҿаҳәаз азынџьырқәа ҧызыҵәҵәаз Сергеи Багаҧшь, Нхыҵи-Аахыҵи еимаздоз, гәыцә хаданы ҳаҧсуа-абаза ҧсҭазаара есымшагьы иӷәӷәаҟацаӡа иалагылаз, зхыҧша дууз, зажәа хатәраз Константин Озган, алитература акарифеицәа Баграт Шьынқәба, Омар Беигәаа, аҧсуаа ҵарауаа ҳхыбаҩ, зегьы ҳазхьыҧшу Алеко Гәарамиа, амшын цәқәырҧа акыр икыднаҟьахьо, аха аџыр еиҧш иӷәӷәоу, егьа хкы дақәшәазаргьы зыжәлар рахь зыбзиабара ҿымцәаауа Александр Анқәаб, зыхьтәы бжьала адунеи зыршанхо Хьыбла Гьерзмаа, Алиса Гыцба, зажәа хьыршәыгә ала ҳгәы арахәыцқәа зыршәаҳәо, ҳахәрақәа ахәырбӷьыц рықәызҵо Маҳинур Папаа убас аӡәырҩы.  Иҳалиаалааит зықьнашықәса абас еиҧш иҟоу аҵеицәа, абас еиҧш иҟоу аҭыҧҳацәа! Адунеи ду аӡеибафара анцәа ҳалаумырӡын ома зхызгахьо, аха ҳахрақәа реиҧш доуҳала  иӷәӷәоу аҧсуа-абаза жәлар! Наунагӡа –  Аҧсынра, Ҳшьамдгьыл, ҳбызшәа!

 

Аҧсынтәыла

Ухьӡыркыгоуп, умратәылоуп,

Сыдгьыл беиа, сгәбылра,

Угәышьҭыхгоуп, сашәа уалоуп,

Сыҧсаҭыҩра, с- Аҧсынра!
 

Уара мрацыҧхь цара,

Уга, ушьхақәа рҧхаӡоуп,

Ажәа ҧшӡала, ажәа хаала

Хьӡы мацараха иухьыршоуп.

Аҧсынтәыла, Аҧсынтәыла,

Амаӡақәа умоуп иҵәахны,

Аҧсынтәыла, Аҧсынтәыла,

Зықьҩыла иумоуп итҟәаны.

Ухьӡыркыгоуп, умратәылоуп,

Сыдгьыл беиа, сгәбылра,

Угәышьҭыхгоуп, сашәа уалоуп,

Сыҧсаҭыҩра, с-Аҧсынра!


Екатерина Бебиа,

ажурналист, апрофессор, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза

Конгресс Аҧснытәи аҳәса рхеилак аиҳабы

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me