Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы

Амаҵзурақәа  русеицура

Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазлхратә Маҵзура ахаҭарнак Контантин Козлови реиԥылараҿы аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбараҿы Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә маҵзурақәа русеицура иамоу аҵакы азгәаҭо, Алеқсандр Анқәаб Константин Козлов Аԥсны амчратә усбарҭақәа зегьы аҩганк рзы аинтерес зҵоу азҵаарақәа рыӡбараҿы ацхыраара аҭара ишазхиоу азы адырра ииҭеит. Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә ҳазалхратә Маҵзура ахаҭарнак Аԥсны Аԥыза-министр иарбоу азҵаара аусуратә знеишьазы  иҭабуп ҳәа еиҳәеит.


МШАԤЫМЗА ИНАРКНЫ

Атуристтә дәыӷба «Шәача» мшаԥымза 29 инаркны 2023 шықәса цәыббрамза 30 ареисқәа нанагӡалоит. «Ари адәыӷба ҷыдаҟазшьаны иамоу авагонқәа ринтериер зегьы иҳаҩсыз ашәышықәса 70-80-тәи ашықәсқәа рстилистика иахьақәшәо ауп. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәааҿы аҳәаахьчаратәи аҳазалхратәи апроцедурақәа зегьы ауаҩы дмыргәамҵкәа ирмарианы имҩаԥысуеит, амҩазы иазԥхьагәаҭоу аамҭа иахымԥаӡакәа аныҟәарагьы маншәаланы иҟалоит», – ҳәа  Урыстәылатәи Аихамҩақәа рпресс-маҵзура ашьаҭала адырра аланарҵәоит асаит https://sochinews.io.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me