Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥштәқәа рыԥшӡара иагәылиаауа адунеи

Ашьхақәа ирыгәҭылаку ақалақь ҧшӡа Тҟәарчал далиааит, заҧхьаҟа исахьаҭыхҩхараны иҟаз аҭыҧҳа Диана Воуба. Уи баҩхатәраны илылаз асахьаҭыхра есааира аҽцәырнагон, аҽаанартуан. Ашкол аҟны аҵара ахьылҵоз, лҩыга калам еиҧшҵәҟьа, лхы иалырхәо  далагеит асахьа злаҭылхуаз лқыцә. Даныҩеидас, еиҳагьы ахархәара  лзымариахеит. Иҭылхуаз асахьақәа иуарҳәон лдунеихәаҧшра шышьақәгылоз, еибаркны изкыз амахәҭақәа.

  Аҭыхра лҽазылкуамызт хықәкыс ишьҭыхны, уи доуҳак илыҵанаҳәон. Илыцхраауан, агәацҧыҳәара лнаҭон, агәаҳәарагь лызцәырҵуан. Асахьаҭыхҩы хынҩеижәихәба  шықәса лхыҵра инамаданы есааира аҟазара амаӡақәа аҵызхуа лхатәы мҩа даҽазныкгьы анҧшылара доуҳатә мчык унаҭоит.

Диана лҭаацәа Тҟәарчалынтәи нхара ииасит Очамчыраҟа, араҟоуп абжьаратәи ашкол дахьалгазгьы. Абжьаратә ҵара анлоу лак­ҩакрада дҭалоит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа. Арҵаҩцәа еиц­гәарҭеит Диана  агәырҵҟәыл бзиа шлымаз, аха лара ахӡыргара лҟаз­шьамызт. Иалылхыз азанааҭ ала илоуаз адырра асахьаҭыхраҿы шьахәла лхы иалырхәон, қәҿиаралагьы лҵара хлыр­кәшеит асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы. Аха уи аҟны даанымгылеит, лдыррақәа ирыцылҵоит.

1989 ш. рзы Қарҭтәи асахьа­ҭыхратә академиа иалгаз Диана Воуба, аба­ҩхатәра ду шлылоу агәра ргахьан аҧышәа змаз,  еицырдыруаз арҵаҩцәа. Убри азы акәхап ҩаҧхьа излықәҿиаз – днарҧхьеит СССР асахьаҭыхратә академиа арҿиаратә ҟазарҭақәа рахь. Ари аҵараиурҭаҿы аспирантура дҭалеит. Қарҭтәи  акаде­миаҿы аҧышәаратә комиссиа ахантәаҩыс иҟаз, СССР жәлар рсахьаҭыхҩы Цигаль ибзоуралоуп Москваҟа лышьҭра шыҟалаз. Уа дахьнеиз дидикылт А. Звереиски. Диана  Москва илоуз адырреи аҧышәеи лыҧсҭазаараҿы иуасхырхеит. Уаанӡа СССР аса­хьаҭыхҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс иҟаз, СССР асахьаҭыхратә академиа арҿиаратә ҟазарҭақәа реиҳабыс иамаз Н. Пономариов иоуп аҵыхәтәан рҵаҩыс илымазгьы. Имҩашьауа абаҩхатәра злаз асахьаҭыхҩы Диана Воуба, Н. Пономариов ихаҭа иаҧшьгарала, 1991 шықәса рзы стажировка дишьҭуеит Италиа аҳҭны-ҭқалақь Римҟа.

Ақыцә азҟаза Урыстәылан аса­хьаҭыхратә ҟазарҭақәа рҟны лыҟа­заара илнаҭаз даара ирацәоуп ҳәа илҧхьаӡоит. Асахьаҭыхратә ҟазараҿы атрадициа дуқәа ахьышьақәгылоу, иахьагьы иахьҿио Италиаҟа лцара, сахьа­ҭыхҩык иаҳасабала лылаҧшҳәаа арҭбааит, уаанӡа рацәак илбарҭамыз, дызза­аигәамхацыз аҟазара амаӡақәа раҵхраҿы лылаҧш арҵарит, лгәынкылашьа еиҳа еилыхха илбарҭахеит. Диана адунеиаҿ асахьаҭыхратә ҟазара аҩаӡара иамоу  лнырыртә,  аҿиашьа амҩа даҽа блак ала  данҧшылартә аамҭа лоуит. Аҧсуа сахьаҭыхҩы лылаҧшҳәаа есааира аҽар­ҭбаауан. Аҧсны анҭыҵ здырра  еихаз­ҳахьаз, акыргьы инаҧш-ааҧшхьаз, дымлак­ҩакӡакәа дхынҳәит лыҧсадгьыл ахь, лдырреи лҧышәеи еиҵагыло аҿар идлырхәарц, уи ала ихәарҭоу лагалак  ҟалҵарц.

Диана лҵара далганы Аҟәаҟа даныхынҳә, аусурҭа аҧшаара уадаҩхеит, изӡатәузеи, иахәҭаз ахаҵгыларагьы лмоуӡеит. Ҽыҵгас иҟарҵоз Аҟәа  дахьҭаҩмыз акәын. Аҧҳәызба Очамчыра дҭаҩын. Усҟантәи аамҭазы  Аҧсны аҳҭны-қалақь аҟны аҧсуаа рҭаҩра даара аҧынгылақәа аиоуан аҟнытә, Диана уи дагьашьҭамлеит,  лҽахьҭалыҩуазгьы лзыҧшаауамызт.

1991 ш. рзы дук мырҵыкәа ҩаҧхьа Москваҟа дхынҳәит, лырҿиаратә усурагьы иацылҵеит.  СССР асахьа­ҭыхратә академиа арҿиаратә ҟазарҭақәа рышҟа днарҧ­хьаанӡа Очамчыратәи араионтә акультуратә хан аҟны еиҿкааз алаҳамҵозар, Аҟәа азеиҧш цәыргақәҵақәак рҟны лусумҭақәа акы-ҩба рылан ауп акәымзар хаҭалатәи лцәыргақәҵак мҩаҧымсыцызт.

Диана асахьаҭыхра далагеит 6-шықәса анылхыҵуаз инаркны. 6-тәи акласс аҟны дантәаз, ашкол еиҿнакаауаз ажурнал аредакторс даман. Аҧсуа хәыҷтәы журнал «Амцабз» ианылон лҭыхымҭақәа. Академиа данҭазгьы, иналаршә-ҩаларшәны,  лҭыхымҭақәа убон ажурнал  адаҟьақәа рҟны. Урҭ зегьы иахьагьы еиқәырханы илымоуп. Аҧсны анҭыҵ аҵара  шылҵозгьы Диана Воуба аҧсуа  сахьаҭыхратә ҟазара аҿиара далахәын, аганахь  дгыламызт.

Москва имҩаҧысит  иара убас Диана Воуба лу­сумҭақәа рцәыргақәҵа. Адыр­ҩашы­қәсангьы хаҭалатәи лцәыргақәҵа еиҿкаахеит Москва. Лгәы еиқә­ҳәаланы арҿиара лҽа­зылкит, ицә­гьамкәагьы илыцааиуан, ҟазак иаҳа­­сабала дыздыруаз, лусум­ҭақәа рыла деилыз­каауаз, лыӡбахә заҳауаз рхыҧхьаӡара иазҳауан. Дҭы­шәынтәаланы арҿиара аус напы алалкыртә агәақәкра  лыман, лқыцә ахы иақәиҭны иубомызт. Москва ааныжьны џьаргьы дцомызт, ус лыӡбахьан. Аха есышықәса, ишы­ҟалҵалацыз еиҧш, лыҧсадгьыл  даҭаауан, даауан лҭаацәа, лыуацәа лбон, лҩызцәа  дрыҿцаауан. Есҧхынра Аҧсны лыҟазаара, лырҿиара агәацҧыҳәара лнаҭон. Адырҩашықәсан,  аҧхынраангьы Аҧсныҟа дааит, лҧа Алан длыцны. Очамчыра, лаб иҩнаҭаҿы дыҟан, аха лассы-лассы  Аҟәаҟа, лҩызцәа рахь даауан лыҷкәын длыцны, иналымҩатәны изызҳауаз арҧыс аҳҭны-қалақь аҭыҧ ҧшӡарақәа илырбон.

 Август  13 рзы Аҟәа  лҩыза  Ҭамара Лакрба илҭааит, ауыха уи лҟны сасра руит. Адырҩаҽны Алан длыманы амшын аҧшаҳәала инеиуан. С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҧхьа ианнеи, Лакоба имҩахь икылсырц лыӡбит, уантә автобусла  Очамчыраҟа амҩа иқәлараны иҟан. Лакоба имҩаҿ иахьнеиз ауп «Аибашьра! Аибашьра!» ҳәа ауаа рыбжьқәа ахьраҳаз. Иаарласӡаны еилылкааит Қырҭтәыла арбџьар мчқәа Аҧсны рымпыҵархаларц ишақәлаз, Аҟәаҟа рхы рхангьы ишаауаз. Диана, лыҷкәын илырбарц лҭахымызт, аха даара  дшәеит, илуа-илҳәо да­қәымшәо  дааҟалеит. Дук мырҵыкәа, лхы лнапаҿы иааганы, рхы  шеи­қәдырхашаз даазхәыцит.

Усҟантәи ахҭысқәа лшьара  дықәырҟьеит. Илулакгьы Алан длыманы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаҧшь Ахеилак ауснагӡатә иацны­ҟәоз аҕба ала Урыстәылаҟа диасит, нас Москваҟа дцеит. Аибашьра цонаҵы, ианеилгагьы, Диана акраамҭа лшьара дзықәломызт, арҿиарагьы ишылҭахҵәҟьаз илыцааиуамызт. Аҧсны злашәаз арыцҳара ду  ианалҵ, даара ацәыӡқәа шроузгьы, ҳажәлар рыҧсадгьыл иақәиҭны рнапаҿы ианыҟала, ихьҧшым  аҳәынҭқарра аҿиара амҩа иананыла, аҭынчра  аҭы­шәынтәаларахь ахы анарха, Дианагьы лгәы ҿыцхеит, аҧсҭазаара даҽа блак ала дахәаҧшуа далагеит. Маҷ-маҷ акәзаргьы, арҿиара дазхьаҧшуа, агәаҳәара лоуа,  дзыцәтәымхахьаз асахьаҭыхра иаҳа-иаҳа  дагәыланахалон. 1994 ш. рзы Москватәи агалереиа «Россия» аҟны иаартыз хаҭалатәи  лцәыргақәҵа иабзоураны.

Диана асахьаҭыхратә академиа аграфика азанааҭ ала  дшалгазгьы, аҿыханҵа ашҟа диасит. Уи ала ауп  деицырдыруа дызлаҟалаз, лырҿиара излацылҵогьы 1996 ш. рзы раҧхьаӡа  аҳәаанырцә – Тунис иаартын хаҭалатәи лцәыргақәҵа. Араҟа имҩаҧысуаз  аҿыханҵатә ҟазара Жәларбжьаратәи афестиваль далахәын, ахьтәы медалгьы  ланашьахеит. 1997 ш. рзы Швеицариа, Базели Тенникени ақалақьқәа рҟны хаҭалатәи лцәыр­гақәҵақәа мҩа­ҧысит. Ҩаҧхьа Базельҟа днаҧхьан  2003 ш. анҵәамҭаз. Швеицариа уи нахыс даҽа ҩынтә (1998, 2003) имҩа­ҧысит хаҭалатәи лцәыргақәҵақәа. Ар­ҿиаратә гәы­ҧқәа дры­лахәны еиуеиҧшым ацәыргақәҵақәа рахь инаргоз лаҧҵамҭақәа аҭааҩцәа аӡәырҩы азҿлымҳахеит, иара убас Еиду Америкатәи Аштатқәа – Вашингтон (1999), Ниу-Џьерси (2000), Вашингтон (2002), Франциа аҳҭны-қалақь Париж (2001).

Аҳәаанырцә мацара акәӡам Диана Воуба лаҧҵамҭақәа ахьырбо. Рҿиаҩык иаҳасабала даара илызҿ­лымҳауп Урыстәылан.  Москва зныкымкәа имҩаҧысхьеит хаҭалатәи лцәыргақәҵақәа: «Ацәыр­гақәҵатә галереиа» (1997), асахьаҭыхҩцәа рцентртә ҩны (1997; 2002), агалереиа «Пан-Дан» (1998), «На М. Власьевском» зыхьӡу агалереиаҿы (2002). Асахьаҭыхҩцәа ргәыҧқәа дрылахәны лҭыхымҭақәа цәыр­гақәҵан Москва, «Золотая кисть» (1993), «АРТ – Манеж» (1996, 1998, 2000, 2002, 2003), Мрагылара аҳәынҭқарратә музеи – «Нхыҵ Кавказ ҳаамҭазтәи аҟазара» (1998), агалереиа «Пан-Дан» (1998), Москватәи «АРТ –САЛОН» (1998), Аценртә цәы­ргақәҵатә зал «Манеж» (2003), Санкт-Петер­бургтәи Аҳәынҭқарратә аурыстә музеи ацәыргақәҵаҿы (2001).

2003 ш. рзы Москва, Афонд «Ардена» аҧшьгарала,  еиҿкаан Диана Воуба лаҧ­ҵамҭақәа рцәы­ргақәҵа. Анаҩстәи ашықәсқәа раан асахьаҭыхҩы лусумҭақәа рцәыргақәҵақәа еиҿыркаахьеит, Москва еиԥш, егьырҭ ақалақьқәа рҟны.

Диана Воуба  лаҧҵамҭақәа ыҟоуп асахьаҭыхра Урыстәылатәи академиа, акрал ҭаацәара Бомкомпани Лиудовизи Римтәи ргалереиа, ҳаамҭазтәи аҟазара Москватәи амузеи, Санкт-Петербургтәи Аҳәы­нҭ­қарратә аурыстә музеи уҳәа рфон­дқәа рҟны, иара убас Урыстәылан еиҧш, аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟны инхо ауааҧсыра рхатә коллекциақәа рҟны.

Арҭ аҿыр­ҧшқәа иҳаил­дыр­каауеит Диана Воуба лырҿиара аҳәаақәа рымҽхак шыҭбаау, иазҿ­лымҳау шырацәаҩу.

Иаҧылҵеит аусу­мҭақәа рсериақәа: «Ико­ностас», «Красная Москва», «Современники», «Динамическая симметрия», «Ритмы кос­мических частот», «Город – Алфавит» уҳәа егьырҭгьы.

Аса­хьаҭыхҩы лусумҭақәа ҧшшәы рацәала ишеилоу еиҧш,  ҵа­­кылагьы еиуеиҧшым. Лыҧсадгьыл дшазыҟоу, уи абзиабара лгәаҵа ишҭа­ҵәаху, лылахь еиқәызҵо еиҧш, дзыргәырҕьо, лгәы ҭызгогьы шыҟоу аады­рҧшуеит лҭыхымҭақәа: «Ан», «Аҽыуаҩ», «Аибашьра ареквием», «Ауахәама» реиҧш иҟоу, амилаҭ цәа рыҟәнуп. «Ааҧын», «Сена аҿықәан», «Амра аҭашәамҭаз», «Москва аӡиас аҿықәқәа», «Мо­скватәи аны­ҟәарақәа»,  «Афор­мақәа рматематика», хкы-хкыла, насгьы ҧшшәы рацәала  еилоу ашәҭқәа рсахьақәа уҳәа,  ҽыҭҳа-ҽыҭҳа еиларсуп. Досу рҿахәы дара ирҳәоит. 2017 ш. рзы акәзар, Аҟәа, С.И. Ҷанба ихь зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҧхьа, ашҭаҿы ицәыргақәҵан аҭааҩцәа акырӡа изызҿлымҳахаз Диана Воуба лҭыхымҭақәа рсериа «Храм поэзии».

Иаҧы­лҵахьоу апорт­реҭқәа рахьтә иалукаауа иреиуоуп  Ф. Искандер, Хь. Герзмаа уҳәа рсахьақәа. Аҟаза шьахәла дақә­шәоит са­хьацыҧхьаӡа ишь­ҭылхыз ахықәкы анагӡара, ахәаҧшҩы иблаҿ, игәаҟынӡа инеиуа аҟаҵара. Уи есқьы­нагьы аҿыц да­шьҭоуп, аарҧшра лҽазылшәоит, баҩ­хатәрала  иахьы­н­ӡалықәҿио збарҭоу, ахә­шьарагьы азҭо ахәаҧшҩы иоуп. Аҭыхымҭақәа рахьтә еиҳа еиҕьу, ма ихьысҳау шыҟоу лдыруеит, аха лара зегьы еиҧшны илбоит, акгьы алылкааӡом. Урҭ рхаҭақәа шеиҧшым еиҧш, ргьамагьы хаз-хазуп. Аха, ега ус акәзаргьы, аҟаза инапы иҵыҵыз, иқәҿиаз  еицгәарымҭарц залшом. Убри азоуп Диана Воуба лҟазара иахылҵыз аусумҭақәа зыкҿамхо, ахәаҧшцәа рышҟа рымҩа зхоу, лцәыргақәҵақәа рыла лыхьӡ Уры­стәылан еиҧш, анҭыҵ рыӡбахә знаҩхьоу, из­рылаҵәауа.

Диана Воуба  ҳаамҭаз еицырдыруа Урыс­тәылатәи асахьаҭыхҩцәа  дрыла­ҧхьаӡоуп. «Урыстәыла асахьаҭыхҩцәа» ҳәа хьӡыс иаманы, 2002 ш. анҵәамҭазы Лондон иҭыҵыз альбом-каталог рызкуп Урыстәылатәи ҳаамҭазтәи асахьаҭыхҩцәа, иагәылоуп иара убас урҭ русумҭақәа рыхәҭакгьы. Альбом-каталог аҟны хазы лусумҭақәа ирых­цәажәоит, лҭыхым­ҭақәа быжьбагьы ацуп. Уаанӡа, 1998 ш. рзы Москватәи агалереиақәа ируаку «Пан-Дан» иҭнажьхьан альбом «Диана Воуба». Москва иҭыҵуа, еицырдыруа ажурнал «Лиза» агәлаҵа акәны хазы иҭыҵуеит ажурнал «Сара сыҩ­неилфаҷа». Араҟа «Мо­скватәи аза­рисовкақәа» зыхьӡу арубрика аҩнқәа рыҩ­нуҵҟа архиашьа, иҩнагылоу аҩнымаҭәа ахьӡырырго абизнес знапы алаку аҭаацәара ауада иҩнагылоу аҩнымаҭәа асахьақәа, рынхарҭа архиашьа уҳәа аҧхьаҩ ибла рыдхалартә иҭыхуп. Аҧшәмацәа еицырдыруа уаауп. Асахьақәа ирыцу атекст ишаҳәо ала, асахьақәа руак аҟны аҭӡы  ырҧшӡауа икыду аҭыхымҭақәа ҩба  асахьаҭыхҩы Диана Воуба илтәуп. Абас, лассы-лассы акьыҧхьтә ҭыжьымҭақәа  лызхьаҧшуеит.

Диана Воуба есымшааира асахьаҭыхратә ҟазара аҩаӡара ашҟа  зымҩа нагоу аҟаза еиҳау аихьӡарақәа лзыҧшызааит.


В. АҦҲАЗОУ  

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me