Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсуа бызшәа арҿиара

Жәабранмза 1, 2023 шықәсазы Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиаразы агәыҳа­лалратә Фонд аҳасабрбатә пресс-конференциа мҩаԥнагеит. Афонд анапхгаҩи уи аусзуҩцәеи инагӡаз апро­ектқәеи иахьа Афонд аҿы аус здыруло апроектқәеи, иара убас ааигәа иаз­ԥхьагәаҭоу аусна­г­ӡатәқәеи ртәы инарҭбааны иала­цәажәеит.

Апресс-конференциа аартуа, Баграт Шьы­нқәба ихьӡ зху агәыҳа­лалратә Фонд адиректор Леуан Миқаа афонд ахықәкы хада – аԥсуа бызшәа арҿиара ауп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Ҳара ҳфонд атәылаҿы амилаҭтә бызшәа аҿиаразы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла шықәсык акәым аус ауеижьҭеи.  Ари зегьы иаҳзеиԥшу проблемоуп, уи аӡбараҿы хымԥада адгылареи ацхыраареи ҳҭахуп», - ҳәа иҳәеит Леуан Миқаа.

Афонд аусзуҩ Леуан Лагәлаа Афонд аҿы аус здыруло апро­ектқәа инарҭбаны дрылацәажәеит. Актәи апроект – ари «Аԥсшәа бзиа избоит сара» ҳәа хыс измоу ашколқәраҟынӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ауп.   Леуан Лагәлаа иажәақәа рыла, иарбоу аметодика Аԥсны иахьаҵанакуа аус зуа хазхаҭалатәи ахәыҷтәы ҵараиурҭақәа рҿы аԥышәатә гәаҭара иахысит. Иазгәаҭатәуп, уи хра злоу алҵ­шәақәагьы шаанарԥшыз.

«Аметодика Аԥсны аҵара Аминистрреи Аҟәа ақалақь аҵара аҟәшеи рҿы адгылара аиуит.  Уажәы уи атәыла ашколқә­раҟынӡатәи аҵараиурҭақәа рҿы аларҵәара ауп иаанханы иҟоу.  Ҳара хәыда-ԥсада аҵараиурҭақәа зегьы аметодика рызнаҳгеит», - иҳәеит иара.

Аҩбатәи апроект – ари афи­льмқәа аԥсы­шәала ауп. Афонди Аинтернет-проваидер «Сис­темеи» аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, мызкы иалагӡаны ԥышәарак афильмқәа аԥсуа бызшәала абжьы рхаҵара мҩаԥгахоит. Даара хадара злоу проектны иҟоу — иԥсабаратәым аинтеллект аԥсуа бызшәа арҵара ауп. Иарбоу апроект ҩ-етапкны ишьа­қәгылоуп. Актәи аетап аҟны иаԥҵоуп асаит «bagrat.space». Уи аусура иалагахьеит. Уаҟа аурыс быз­шәахьтә аԥсшәахь, иара убас аԥсшәа бызшәа аҟынтәи аурысшәхь аиҭагара ҟалоит. «Уажәазы аинтеллект 100 нызқь ҳәоу рҟынӡа иарҵоуп, аха ҳҿаԥхьа ауснагӡатә ду ықәгылоуп  – миллионк рҟынӡа аԥсышәала еиқәыршәоу аҳәоуқәа аурысшәахь еиҭаганы аинтеллект арҵара», – иҳәеит Леуан Лагәлаа.

Аҩбатәи аетап – ари Com­mon Voice ауп. Миллионк рҟынӡа аҳәоуқәа абжьы аныр­хаҳҵалак ашьҭахь, ҳара онлаин ала аиҭагареи, анаҩс уи ҳаамҭазтәи атех­нологиақәа зегьы рақәыршәареи рзы алшара ҳауеит. «Иаагозар, ҳара иарбанызаалак асаит ганы, аамҭа кьаҿ иалагӡаны аԥсуа бызшәала аиқәыршәара ҳалшоит, иара убас «Алиса» ҳәа изышьҭоу Иандекс станциа аԥсуа бызшәа аҳарҵар алшоит. Уи ацифратә епоха азы аԥсуа бызшәала апроектқәа рынагӡара гәҭакыс измоу зегьы русура акыр иарманшәалоит», - ҳәа еиҭеиҳәеит Леуан Лагәлаа.

Иара убас Леуан Лагәлаа  Афонди Ролан Агрба шьа­ҭаркҩыс дызмоу аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рышколи «Capital School Center» ирыбжьоу аиқә­шаҳаҭра далацәажәеит. «Ҳара абызшәақәа рҵара азы аплатформа «Дуо­линго» еиԥшу ацҵа аԥҵара иазкны аусура мҩа­ԥаагоит.   Уи шәагаала идуцәам ави­деоурокқәа роуп, урҭ ахәыҷқәа доусы рсма­ртфонқәеи егьырҭ агаџьетқәеи рыла иахыслар рылшоит. 10 минуҭк рыла иалкаау адҵақәа рхыԥхьаӡара наугӡоит, иара убри ала иузгәамҭаӡакәа абызшәагьы уҵоит.  Ахәыҷқәа рзы аметодика иарбоу ацҵа иашьашәалоу еиқәыр­шәахоит. Изҭаху зегьы амобилтә хар­хәагақәа рыла абызшәа рҵартә еиԥш алшара рзаԥҵахоит», – иҳәеит Леуан Лагәлаа. Иара убас, Афонд аҿы аудиошәҟәқәа рыла даҽа цҵак аԥҵара азԥхьагәаҭоуп.  Иарбоу ацҵа иалагалахоит ацифратә формат ала аԥхьаразы иманшәалоу ашәҟәқәеи аудиошәҟәқәеи.

Афонд аҿы иара убас иазԥхьагәаҭоуп аиҳабацәа рзы аԥсуа бызшәа аҵаразы аметодика аԥҵара. Аԥсны макьаназы аиԥш-зеиԥшу аметодика ыҟаӡам. Иара убас, Леуан Лагәлаа еизаз иргәалаиршәеит ҳтәылаҿы имҩаԥысуа аиԥыларақәа рӷьырак аурыс бызшәала ишымҩаԥысуа. Уи, жәаҳәарада, аиԥыларақәа ирылахәугьы уи иаҭаауагьы аԥсуа бызшәа ахьы­рзымдыруа ауп изыхҟьо. «Мыцхәы иуадаҩым, атех­никатә мҩала ари апроблема аӡбара алшоит, иаагозар,  10-ҩык рзы арадио-гид ҳәа изышьҭоу  15 нызқь мааҭ рҟынӡа иаԥсоуп. Убас, асинхронтә еиҭагара иабзоураны аиԥылара алахәылацәа излацәажәо атема еилыркааратәы иҟалоит», – иҳәеит иара.


(Аԥсныпресс)

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me