Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, иара убас аҳҭнықалақьи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гагра араион ахь иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны асоциалтәи аспорттәи аобиектқәа дырҭааит, аргыларатәи аиҭашьақәыргыларатәи аусурақәа рцашьа гәеиҭеит.
Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы ацҳаражҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи ашәҟәыҩҩы Владимир Делбеи реиԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа ақалақь аҿы асахьаркыратә гимнастика Ашкол аадыртит.
Ааигәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит алитератураҭҵааҩ, акритик Руслан Қапба ишәҟәы ҿыц «Сергеи Кәыҵниа».

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me