Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымши Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амши разгәаҭара иазку аилацәажәара мҩаԥигеит. Аилацәажәара иалахәын атәыла аԥыза-министр Валери Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Арбџьар мчқәа рыштаб хада аиҳабы Владимир Савченко, Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Ҭемыр Агрба, акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр.