Апаспортқәа мап рцәыркит

20 Ажьырныҳәа 2023 08:11
Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы Евроеидгыла официалла иакьыԥхьит Урыстәылатәи Афедерациа асубиект ҿыцқәа рҟны инхауа Урыстәылаа аҳәа­анырцәтәи рпаспортқәа, иара убас Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рпаспортқәа мап рыцәкразы ақәҵара.

Раԥхьаӡа акәны

20 Ажьырныҳәа 2023 08:06
Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» ахатәы малқәа рыла, атәыла Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адгыларала, аекономика Аминистрра ацхыраарала ҩ-секциак змоу алокомотив – фимцалеи былтәылеи иныҟәо аанахәеит. Абри атәы аанацҳауеит аихамҩа апресс-маҵзура. Ари раԥхьатәи аахәамҭоуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра еилгазар аахыс.

Аибашьцәа рҭаацәа ирҭааит

20 Ажьырныҳәа 2023 07:59
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан Гәдоуҭа Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа аштаб аусзуҩцәа Лиалиа Чамагәуеи Ирина Кәакәасқьыри Аԥсны Ахада инапынҵала зыԥсҭазаара иалҵыз хатәгәаԥхарала аибашьцәа рҭаацәа Лера Пежеваи Зельма Науржановаи рҭаацәарақәа ирҭааит, иаанацҳауеит «Аԥсадгьыл-Информ».

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me