Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Владимир Путин Аԥсны Ахада имшира идиныҳәалеит

Мшаԥымза 6. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәык-ԥсык ала ишәыдыс­ныҳәалоит 60 шықәса шәхыҵра амш. Урыстәыла Шәара шәыр­дыруеит ҳтәы­лақәа рыбжьара аидгыларатәи астратегиатәи усеицура арӷәӷәара иадгылоу иаҳасабала. Сгәы иаанагоит, Урыстәылеи Аԥсни рыжә­ларқәа реизҳа­зыӷьара ахьӡала аҵшәа змоу ҳусеицура аԥхьаҟагьы иацҵахоит ҳәа. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡарақәа, ахирра!».

* * *

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иирамш идиныҳәлеит:

 

Адныҳәа­лараҟны, ҷыдала, иарбоуп: «Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апар­ламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдыс­ныҳәалоит 60 шықәса шәхыҵра амш! Иахьа Шәара аҳәынҭқарра напхгара ашәҭоит аԥсҭа­зааратә ԥышәа ду рҳаны. Аԥсны Аҳәынҭ­қарра Ахада имаҵзураҟны ишәыдгылоу шәҩыз­цәагьы Шәаргьы атәыла аеконо­­микатә лшарамч, уи акуль­ту­ратәи адоуҳатәи ҭынха рыҿиара гәац­ԥы­­ҳәарала шәалахәуп. Шәара шәыпрофес­­сионализм, ауаажә­ларра-политикатә, анапхгаратә усураҟны ишәымоу аԥышәа ду ҳтәыла аԥхьа­ҟагьы асоциал-економикатә ҿиара, жәларб­жьаратәи апозициа арӷәӷәаразы ицхы­раагӡа дуны иҟоуп. Аҳәынҭ­қарратә шәарҭа­дара амаҵзура Ахантәаҩы имаҵзураҟны шәусураан ҳреспублика аҳәынҭ­қарратәи амилаҭтәи шәарҭадара алыршара иазкыз иуадаҩыз азҵа­арақәа рыӡбара шәнапы алакын. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент VI ааԥхьара адепутат иаҳа­сабала Шәара шәла­галамҭа ареспублика азакәанԥҵара аиӷьтәра иазкын. Иахьа Аконституциа ахьчара знапы иану иаҳасабала Ахада имаҵзураҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитет, ахьыԥшымра, аҳәынҭқар­ратә акзаара аиқәыр­­харазы ауснаг­ӡатәқәа мҩаԥыжәгоит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит жәларбжьаратәи аима­дарақәа рырҭбаара, атәылақәа рыбжьара аиашьаратә еизыҟаза­а­шьақәа рырӷәӷәара аус аҟны шәлагаламҭа.

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Ишәзеи­ӷьасшьоит амилаҭтә интересқәа рыхьчара, жәларб­жьаратәи аимада­­рақәа рырӷә­­ӷәара иазку шәусураҟны аихьӡарақәа, агәабзиара, аман­шәалара.

* * *

Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы Михаил Мишустин Аԥсны Ахада Иирамш идиныҳәалеит:

Адныҳәа­лараҟны иҳәоуп: «Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, Урыс­тәылатәи Афеде­рациа Аиҳа­быра рыхь­ӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыды­с­ныҳәалоит Шәирамш. Иазгәасҭарц сҭахуп хаҭалатәи шәлагаламҭа Урыстәы­латәи Афеде­рациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи еимаздо аиҩы­зареи, астра­те­гиатә усеицуреи, аидгы­­лареи рырӷә­­ӷәа­раҟны. Есааира иӷәӷәахоит ахәа­­ахәҭра-економикатә, аҭҵаара­дырра-техникатә, акультура-гума­нитартә усхкқәа, аԥсҭазаара иаларҵәоуп еиуеиԥшым ахыр­харҭақәа рыла еицаҳзеиԥшу апроектқәа. Агәра згоит ҳусеицуреи, арегион­бжьаратә, аустә еима­да­рақәеи рырҭбаара Урыс­тәы­­латәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭ­қарреи ринтересқәа ишры­­қәшәо. Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьа­сшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа аҭакԥхықәра зцу шәусураҟны!».

***

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Гәык-ԥсык алак ишәыдыс­ныҳәалоит шәиубилеи. Урыстәылатәи Афеде­рациа Афеде­ралтә Еизара Афедерациа Ахеилак зегьы еицҿакны иадгылоит Урыстәылеи Аԥсны Аҳәынҭ­қарреи рыбжьара аиҩызара.Сара агәра згоит, иахьа имариам жәларб­жьаратәи аҭагылаза­ашьаҟны Урыстәылеи Аԥсни шеидгыло, ҳтәылақәа рыжә­ларқәа ирыбжьоу аиашьаратә еимада­рақәа есааира рыҽшдырҭбаало, рыҽшды­рӷәӷәало. Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеи­ӷьасшьоит агәабзиара, аманшәа­лара Аԥсны Аҳәынҭ­қарра ахьӡала имҩа­ԥыжәго аусу­раҟны аихьӡа­рақәа».

***

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин:

 «Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Гәык-ԥсык алак ишәыдысны­ҳәалоит Шәирамш. Аԥсны Ахада имаҵзу­­раҟны Урыстәыла-Аԥснытәи аизыҟаза­ашьақәа рыҿиареи ҩ-гантәи аиҿцәажәарақәа рырӷәӷәареи рырҭбаареи рҿы Шәара хаҭала шәлагаламҭа дууп. Урыстәылатәи Афедерациа аидгы­лареи астратегиатә усеицуреи шьаҭас иҟаҵаны Урыстәылатәи Афедерациа аиашьа­ратә Аԥсны ганрацәалатәи ацхыраара иацнаҵоит уи жәларб­­жьа­ратәи апозициақәа рырӷәӷәараҟны, асоциалтә-економикатәи акультура-гумани­тартәи ҿиараҟны, ашәарҭадареи асуверенитети реиқәырхареи рыҟны. Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеи­ӷьа­сшьоит агәабзиара, анасыԥ, аихьӡа­­рақәа аҭакԥхықәра зцу шәусураҟны!».

***

Урыстәылатәи Афедерациа Арра-ааглыхратә комиссиа Ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Гәык-ԥсык алак ишәыдыс­ныҳәалоит шәиу­билеи. Ҳара ҳтәы­лаҟны ахә ҳаракны иршьоит аидгылареи астрате­гиатә усеицуреи рприн­­ципқәа шьаҭас измоу Урыстәы­­латәи Афеде­рациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьоу наҟ-ааҟ еицырзыфеидоу ауеицура арҿиараҟны Шәара шәлагаламҭа. Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аҳәынҭ­қарратә усураҟны аихьӡарақәа".

Адныҳәаларақәа ааит иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхан­тәаҩы ихаҭы­ԥуаҩ, аеконо­­микатә ҿиара аминистр Максим Решетников, Урыстәы­латәи Афедерциа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаны­­ҟәгаҩ Николаи Патрушев, Урыстәы­латәи Афедерциа Ашәар­ҭадара Ахеилак Амаӡа­ны­­ҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев, Аахыҵ-Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев уҳәа аӡәырҩы рҟынтәи.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me