Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Лыхнашҭа – ижәытәӡоу, иссирӡоу, еснагь иҿоу, ҳаҧсадгьыл агәеисырҭа, агәацаҧха! Аҧсуа дзырҿыхо, дзырхәыцуа, аҭоурых ӡыблара далызго, дхьазырҧшуа ашҭа-ҧшӡа! Аҧсуа иџьынџьыз, иҧсадгьылаз ашьа зқәыршу!
Лыхнашҭа – ари ажәа аҧсуаа зегьы ҳзы иҧшьоу ажәоуп. Агәырҕьаратә, афырхаҵаратә ашәақәа зҭыҩҩуаз ари ашҭа иахьа алахь еиқәуп.
Аҧсны ахы-аҵыхәа зегьы, мшаҧымза фба шьыжьнаҵы Лыхнашҭа ауаа еизауан. Мшаҧымза хәба рзы (инықәырҧшны) асааҭ ааба реиҧш, Лыхнашҭа игылаз, Аҭәаҵла ду иаакәыршаны иҧырҟеит. Ажәлар зеихырхәоз, изымҵаныҳәоз, аӡыбларақәа ирхааныз здаци зҧашәи, ыҵызхырц зхы иҭашәада?! Изгәаҕьыда?!
Ацәгьара ҟазҵаз Аҭәаҵда Ду алашьцара иҽалак ихҵәага абжьы ақыҭа иалаҩуан. Ааигәа инхоз еицҿак иазгәарҭон: – Акраамҭа абжьы гон, аха Лыхны аусҳәарҭа аусуцәа шьыжьнаҵы ашҭеи аандеи иакәшаны идрыцқьон, идырҿыцуан… Згәы иаанагодаз, зхы иҭашәодаз, Аҭәаҵла Ду абас иазныҟәоит ҳәа.
Ацәгьара ахьыҟалаз Аҧсны анапхгара, аҵарауаа, аекологцәа, ауаажәларра еизеит. Иара убас аихаҳацәа. Урҭ зегьы рыхшҩи рдырреи еиларҵеит. Гәыҕрақәак ыҟоуп аиқәырхаразы. Аҧсны Ахадареи, Аҧсны аныхақәа рхаҭарнакцәеи ацәгьоуцәа рыҧшаареи урҭ ҳҭоурых ианымҵуа ашәахсҭа ианырҵази иалацәажәеит. Алкаагьы ҟарҵеит.
Уи ашҭа ҧшьа иқәҭәахьоу алаҕырӡи, ажәлар рымчи, рдоуҳаи ирзымхәыцкәан ацәгьара аҟаҵара згәаҕьыз, иара ашҭа иамоу амчи адоуҳаи дцәырнагоит.