Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Мшаԥымза 7, Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лыхны ақыҭаҟны макьаназы ишьақәыргылам ахаҿқәа ахәымгара ахьыҟарҵаз аҭыԥ даҭааит. Мшаԥымза 5 рзы ацәгьоуцәа аҭоурыхтә ҵакы змоу аҭыԥаҟны игылоу шәышықәсеи бжаки зхыҵуа аҭәаҵла ԥырҟеит. Лыхнашҭа иаҵанакуа ари аҵла Аԥсны аҭоурых-культуратә, аԥсабаратә ҭынха иасимволны иҟоуп. Аҳәынҭқарра Ахада ицны ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа – Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Апрокурор хада Адгәыр Агрба, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, араионтә милициа аиҳабы Зосма Гыцба.
Азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит ари ацәгьоура ҟазҵаз рышьақәыргыларазы имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа рзы. Аҳәынҭқарра Ахада ари ацәгьоура хымԥада иаарттәуп ҳәа азиҳәеит.
Аекологиазы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанааи аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбари Ахада иарҳәеит аҵла аиқәырхаразы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа ртәы. Аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар иажәақәа рыла, аҵла аҩнуҵҟа гәаҩоуп, агәы ҭацәуп. Аҵла ацәа мацара ауп изку, уи акәын ари аҵиаахь аӡы назгоз, уажәы иаргьы ԥырҟеит. Аҵла ашьапы арӷәӷәара азы уи аҩныҵҟа абетон ҭарҭәоит.
«Зегьы ирдыруеит ари аҭыԥ – Лыхнашҭа иамоу аҵакы. Иҟалаз ацәгьоура хьанҭа атеррористтә акт иадукылар ҟалоит, ари провакациоуп. Амчратә усбарҭақәа зегьы рхаҭарнакцәа иахьа араҟа иҟоуп, урҭ аԥсуа жәлар рҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа аҟны иҟаҵоу ахәымгара аилыргареи уи ҟазҵаз реилкаареи рзы анапынҵақәа рыҭоуп. Ҳара ари ахҭыс бааԥс азы ажәабжь иаха ахәылбыҽха иҳаҳаит. Уажәы иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳаҿуп ари аҵла аиқәырхара азы. Ацәгьоура зуз хымԥада ақәнага иақәыршәазароуп», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
* * *
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа Лыхнашҭа имҩаԥгоу ацәгьоура инамаданы аҳәамҭа ҟарҵеит: «Ҳажәлар рзы иԥшьоу, аҭоурыхтә ҵакы змоу Лыхнашҭаҟны игылоу аҵла аганахь иҟаҵоу ацәгьоура ҳуаажәларра рыҩнҵҟа зегьы агәыԥжәара, агәхьаа рызцәырнагеит. Ари агыгшәыгра иаартны ҳаҿагылоит, аекологиатә вандализм адагьы, Аԥсны жәлар рганахьала иҟаҵоу ахәымгара, ҳаҭыр рықәымҵара, илахьынҵаӡбаганы иҟоу азҵаарақәа рыӡбара анырра бааԥс аҭара аҳасабалагьы иҳадаҳкылеит. Азинхьчаратә усбарҭақәа рганахьала ааԥхьара ҟаҳҵоит ари ахҭыс бааԥс аҭҵааразы ирылшо зегьы ҟарҵарц, ацәгьоуцәа ирыхәҭоу рақәыршәаразы. Иара убас изыхәҭоу аекологиатә маҵзурақәа излауала шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа аҵла аиқәырхаразы ирылшо зегьы ҟарҵоит ҳәа ҳгәы иаанагоит.
* * *
Апрель 12 азы Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут Ахада Аслан Бжьаниа иеиҳәеит Лыхнашҭа аҭәаҵла ахҵәара зҽазызшәаз Аԥсны атәылауаа ҩыџьа шаанкылоу.
Роберт Киут иазгәеиҭеит, ҳазну аамҭазы урҭ зусҭцәоу шрыларымҳәауа. Инықәырԥшшәа 40 шықәса рхыҵуеит.