Аиба Шаликәа Ақсенти-иҧа изнымкылоз илаҕырӡқәа рыцқьо, имаҭа дааигәыдкыло, ус иҳәалон: – Ҳхьаақәа ирхәырбҕьыцу ари лоуп, дҳамамзар ишаҳхаагоз сыздыруам. Зегьы ирыхьыз ауп иҳахьыз, ҳарҭ ҳаӡәыкым. Ҳаҧсадгьыл еиқәдырхеит, уи зегьы иреиҳауп, – лҳәеит Раиа Кәарҷелиа-Аиба.