Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аибашьра еилымгацызт

Ахәыҷы аҭҳарцәҳәа ацәа даалҵын, дҩагылт. Еимгеимцарак иалыршаны деиҵақыџьқыџьуа ихы инаркны ишьапаҟынӡа ахьҭа ҩаилсит. Иҽааирххеит. Ицәеижь, иҟәартәрақәа, имахәарқәа, ишьахәарқәа ахәшеиҧш иӡыҭны аҧхарра нрыбжьалеит. Аха уеизгьы ахәыҷы ахьҭа нагӡаҵәҟьаны изилымцеит. Насоуп, уи даназхәыц иахантәарак ахьҭа дшакәаз мацара ширшаз, дахьышьҭазгьы цқьа изивамыџьгәаз ихыза кәамҟьа хәыҷы иавҵышәшәаны иҵааршәха иуаҭәа хәыҷқәа шыҭнарҧсаауаз аҧша. Усҟан ахәыҷы дҳәаҵәыҳәаҵәуан, ицәеижь ауразароу ахьҭа аныруан. Иацы иааигаз афархь лабыҵәқәагьы амца ишнақәиҵаз инақәыццышә ицеит. Аҩны ҧхаррак ҳәа аарзыҩнамҵеит…

Уажәы даазқәылаз даҽаамҭанык еиҧшымкәа ахьҭа иныруан. Аҧхарра ицәмаҷын, изхомызт.

Иаб еибашьра дыҟан.

Ҧахьа-ҧахьа иаб иҩны даныҟаз хьҭа ҳәа акы ааиныруамызт. Уи ахьаца мҿқәа наҟ-ааҟ рыхқәа неиҿажьны амца еиқәиҵон. Ахәыҷы уажәы аҽҳәа дыҽҳәатәазшәаҵәҟьа акәын уи амцаҧхарра шиныруаз.

Ҭагалантәи амра ашәахәақәа ахьатә ҩны аҧенџьырқәа иркылы­ҧханы иаҧхьҵәҟьа рҽынкарыҧсеит «шьҭа ҳара уҳарҧхап угәазхара рҳәозшәа». Уи амра ашәахәақәа хьааган дрыхәаҧшуан. Урҭгьы рыҧхара аҵкьыс рыхьшәашәара еиҳан, дырзырҧхомызт, аха рҩеижьра ахәышҭаара иныҽҳәаццышә ицоз аџь мҿқәа ирықәҵәиаашоз амцабз ацәа ахикаауан. Иабгьы урҭ аџь мҿқәа харантәи иааигон. Иани иареи ианааххала, иаб иааигаз амҿқәа акакала инақәырҵо мацара, иаалгеит. Гәыдкылак-гәыдкылак иааргоз афархь инақәырҵаанӡа ибылуан. Аиашаз, урҭ фархьымзар даҽак аагара рылшомызт, рымчгьы ақәхомызт.

Ицқьаӡа, еилыхха акәымзаргьы, ахәыҷы ахьҭа мацара дшамырҿыхаз ихаҿы иааигеит. Иҟалап ҧхыӡзар дзырҿыхаз. Хымҧада… Ари абжьарак ихы дҭагьежьуа дҭан иаб. Игәалеиршәарын агәашә данҭыҵуаз ихы шишьышьыз, иеиҳәаз ажәақәа, игәалаиршәон аусура аҟынтәи дааҧсадкара данаауаз имагә хьанҭақәа ашҭаҟны рышьҭыбжь. Урҭ рышьҭыбжь зегьреиҳа бзиа ибон. Иҟалап, урҭ бзиа изибоз иаб дымшәадмырҳа иахьиргылоз, урҭ рыбжьы аҧшәмара абжьы ахьрыҵыҩуаз акәызҭгьы. Иаб иеиҵкьыс усҟан ишьаҿашьҭыбжьқәа дреиҕьырҕьон.

Ахәыҷы ацәа далызхыз аҧхыӡ ашҟа дхынҳәырц иҭахын. Уи илшон макьаназы ихшыҩ аҿы имыхьшәашәацыз аҧхыӡ ҩаҧхьа ирхынҳәырц аҵыхәанӡа ибарцаз. Уи ахыза ааикәыршан иҽынцәыҵеиҳәҳәар акәын. Ашьҭалара иҭахымшәа дкәанызануа дгылан. Насгьы игәалашәоз уи аҧхыӡ алагамҭа заҵәык акәын. Иара уигьы арахәыц баа еиҧш иҧыҵәҵәа-ҧыҵәҵәаны.

…Уи ҧхыӡла иаб дибеит. Ахаан иимбацыз, ахаан дызҧымлацыз шьоукы дрылагыланы жәылара дцон, уажәы урҭ рхырҿқәагьы игәалашәом. Иаб дихьӡарц азы дыҩуа дышишьҭаз ацәа даалырхит ахызаҵәқәа рышьҭыбжьқәа.

«Сара уи аҧхыӡ аҵыхәтәанынӡа избароуп, саб сихьӡароуп» – ахәыҷы аиарҭа деиҭанцәыҵалеит. Уи аҧхыӡ ибарц азы, уи аҧхыӡ секәындк акәзаргьы, ихы иҭымцакәан дазхәыцуазар акәын. Арахь иара шәынтә дышьҭрақәлахьан. Уи аҩыза аҧхыӡ изырбазгьы аибашьра аҟынтәи зшьапы хҵәаны игьежьыз ргәыла Саҭбеи иоуп. Хәылбыҽхак аҩны данааи, ахәыҷы дыхҭеикит аибашьра ажәабжьқәа изеиҭеиҳәарц. Ахәыҷы уажәы-уажәы Саҭбеи игәышҧы икыдыз амедалқәеи аорденқәеи дрыхәаҧшуан. Игәгьы иаанагон абас: «Саргьы саб абас амедалқәеи аорденқәеи иаҧхьа икыдҵаны дхынҳәуазар акәхап. Аха ахәыҷы дзызхәыцыз даназхәыҷ игәы нҭыҧсааит. «Мшәан Саҭбеи изшьапык хҵәаны дхынҳәит, сара саб ус дхынҳәыр сҭахӡам, сара уи дышцазеиҧш дхынҳәыроуп исҭаху» – ахәыҷы мчыла иҽыҟажо дтәан.

Саҭбеи иџьыба иааҭганы иирбеит апатреҭқәа рацәаны. Дызлахәыз аибашьрақәа ртәы изеиҭеиҳәеит. Уи ажәабжьқәа изеиҭаҳәара дшаҿыз иҵарыҵаруа, игәыҭшьаагаха, аеҵәа кыдҧаауа, аҳәҳәабжь илымҳа инҭасит. – Аа, иҭахадашь, анаџьалбеит, зыҵәҩан шьапы ыӡда, – иҳәан Саҭбеи ахьышәҭҳәа илабақәа дрынгыланы дындәылҟьеит.

– Сырмараа роуп, Акәын дҭахагәышьазар акәхап.

– Ҳаи, анаџьал­беит, шәиҧхьыӡ згымхаша афашизм! – Саҭбеи илаҕырӡ нхыжжылан, цәгьаҧсышьала уахь иҿынеихеит. Ахәыҷгьы днаишьҭалеит. Иан аусурахьтә дмаацызт.

Ахәыҷы аибашьра зегьы хәмарра дук еиҧш акәын ишеиликаауаз. Уи «ахәмарраҿы» ауаа ҭахаӡомызт, изкаҳауаз иҭахозшәа рхы ддырбарц азы акәызшәа. Раҧхьаӡа акәны ахәыҷы абыржәы идырит иаб дызлахәыз убри «ахәмарра ду» аҟны ауаа ҭахар, наӡаӡа аибашьра адәқәа ирықәхар шалшоз.

Ахәыҷы ицәа ҩеихыбзааит, ихәы-ижьы қақаӡа иҩеилагылт. Саҭбеи илабақәа ирласны изеихгомызт, аҳәынҵәа ицәылахон. Ахәыҷы хыҧсырацәгьа баны урҭ алабақәа ааизыҵихуан.

Ахәыҷы агәашә ишынҭалаҵәҟьаз илаҧш зықәшәаз агәараанда азааигәара игылаз аҧошьҭамҩангаҩ иакәын. Уи дҵәыуон, илаҕырӡқәа иҿеибаҳәа иӡамҩа иахьыкәкәон. Зегьы азеиҧшны, иҟәызгаӡа игылан минуҭқәак рышьҭахь даазҽыжәҵыз аҽы.

– Ианбааи ашәҟәеиқәаҵәа, – иҳәеит Саҭбеи илаҕырӡқәа рыцқьо.

– Иахьа ашьжьымҭан.

…Ахәыҷы убасҟак мчыла иҽирааҧсахьан, абжьааҧны акәызҭгьы, ацәа дагахьазаарын. Уи аибашьра иазкыз киносахьакгьы имбацызт, шәҟәыкгьы дамыҧхьацызт, аҧхыӡ иибазгьы зыбзоураз Саҭбеи ипатреҭқәеи иажәабжьқәеи заҵәык ракәын. Ахәыҷы уажәшьҭа аҧхыӡ иацҵан башьа имаӡамызт. Убри азы акәын машәыршәагьы уи аҧхыӡ изырхынҳәӡаргьы ахызаҵәқәа рышьҭыбжь дзарҿыхоз.

Нас ауп уи зынӡаск дызқәымгәыҕӡоз, ихы иҭаӡамыз аҧхыӡ аниба. Аҧошьҭамҩангаҩ аҳәҳәабжь ахьгаз ашҭаҟны дибеижьҭеи уи иаҟара ицәымҕыз адунеи уаҩ дықәыр­шәымызт. Ахәыҷы ус игәы иаанагон: абри аҧошьҭамҩангаҩ иакәызшәа абарҭ зегьы аҧсра рзызшоз, аҧсра иаҧызгалоз, убри азы акәын ҳәашьа изамҭо дзицәымҕызгьы.

«Абар, агәарабжьара дыбжьалан дааихуеит аҧошьҭамҩангаҩ, ҽабаак дақәтәахуп. Агәашәқәа днарыдгыланы ибжьы наиргахуеит дҿаҧха-ҿаччо, «уаҩ шәахӡами?» ҳәа. Ашәҟәқәа надиркыхуеит. Нас, аҳәҳәабжьқәа… Абар акгьы игӡам дара рыҩнгьы дазааигәахаразы. Ахәыҷы ацәа дахьалаз иҧсахы еибакуан, игәы ҧжәон. Нас дцәырҳаны дааҿыхеит.

Игәы ҭыҵны ицон, уажәыгьы агәра изгомызт уи шыҧхыӡыз, ашә ааимҧааны ашҭа днықәыҧшит. Ишҧхыӡыз инагӡаҵәҟьаны агәра анигагьы игәы измырҭынчит. Иахьа изымдырӡо агәра ганы дыҟаҵәҟьан знымзарзны уи аҧошьҭамҩангаҩ агәашә дшаалагылоз, иҽабҕа гәардӡа, ҽаҩраҭагалан зҧара ихашҭыз аҧырцәқәа имыркыџьы мацараха.

Адәахьы дындәылҵит. Иҟәандаӡа акы дааимнадеит. Уи абас инырыз иагьыҧшаҟәандамызт, иагьышәахәамызт. Иҟалап, уи иҟәандаӡа деимыздаз абри иибаз зегьы ахьыҧхыӡыз азы иоуз агәҭынчра акәзар.

Ахәыҷы ашҭа дықәгыланы днаҧшы-ааҧшуан. Игәы ашьҭыбжь ҧшьаала аҽарҭынчуан. Есышь­жьымҭан игәы ҭырхьахьа абарҵа дыҵагыланы илаҧш иахьынӡеилнаргоз анаӡара дазҧшуан, уи анаӡара нахыс жәҩанын, ҳауан, ахәыҷы акы ааизеилыргомызт. Игәгьы иаанагон убракәызшәа адгьыл ахьынҵәоз, насгьы ихы агәра ахаирҵахьан иабгьы убра аибашьра даҿызшәа. Хымҧада, иаб дхынҳәуазаргьы убасынтәи даар акәын.

Аҳәыҷы иааикәыршан илаҧш ахьынаӡоз акәын аҧсҭазаара, адгьыл ыҟоуп ҳәа иахьишьоз. Аб ихьчон ахәыҷы илаҧш ахьзынамӡоз ишьҭаз акаршәрақәа, аӡиасқәа, ажәакала ҳарҭ зегьы иааидкыланы Аҧсадгьыл ҳәа ҳзышьҭоу – мышкы зны хьаҳәхьачарада иаҭаххаргьы ҳаҧсҭазаара зыхҭнаҳҵо. Нас какалк мкӡакәан аӡиас ашҟа дылбааит. Амҩан аӡиас аҟны днеиаанӡа иҵәгәыр иаҿеиҵарц ахәацқәа сыҧшаауеит ҳәа шә-хаҳәк ааирҳәит. Инацәкьара ҧшқа хәыҷқәа ахьуан уажәы.

Ахәыҷы иахьак иқәҿиаӡаны дыҟан. Аӡы инхиршәлаанӡа инамҵасуан иҵәгәыр, ргәышҵақәа еилаарцыруа аҟәара хырҟьахьан аҧсыӡқәа. Ахәыҷы изгәамҭаӡакәа аамҭа такә цеит. Ҭагалантәи амра ашәахәақәа хаара зҵамкәа амца зҭакьаҭоз ауаџьаҟ еиҧш аҧхарра рымҵәон. Ахьҭа дакуа далагеит. Хыхь ишәыз акьаҿ ҩаза идирҕәҕәалон, аҳәынҵәрақәа зегьы еибаиркуан. Убасҟан ауп ахәыҷы ихьӡ ҳәаны аӡәы иҿыҭбжьы игәы ианықәҩыз. Ихы данҩаха, иҩадахьшәа 30 метра ныбжьаны амгәацәа аӡы ыҵаҽҽо иҽы аӡы аиржәуан аҧошьҭамҩангаҩ. Ахәыҷы иаразнак илаҧш нақәшәеит исумка еиқәаҵәа, иҧеи-ҧеиуа аӡы ихҵаны иаанагоз аҽабаа ахәыцқәа.

– Аранӡа уааи, Адамыр, уаб ишәҟәы усҭоит, – иҳәеит аҧошьҭамҩангаҩ ахәыҷы дангәеиҭа.

«Сара исымдыруази, сара сгәы ишаанагоз иҟалеит». Ахәыҷы уаҳа ара аҟазаара изхымго, иҵәгәыргьы иҧсыӡқәагьы нкаҧсаны ихы ахьынахоз дыҩит.

– Уаагыл уара, уеилагама, хәыҷы мыжда, уаб иҟынтәи ашәҟәы усҭоит, – иҳәан ахәыҷы ихы ахьирхаз аҟәарашҟа иҽы днаҵаҟьеит уи.

Аҟәара ҩнык иаҟараз ахаҳәқәа ықәжьын. Ахәыҷы хыма-ҧсыма ахаҳәқәа руак иҽаваиӡеит.

– Адамыр, уабаӡи уара? Исҳәо умаҳаӡои, уаб иҟынтәи ашәҟәы ааит, ашәҟәы бзиа.

– «Мап, мап, амц уҳәоит, уара узгашагьы аҧсцәаҳа дҟамлеит» – ахәыҷы игәи-илаҕырӡи еилаҵәо, дгәыҭҟьа-ҧсыҭҟьаха ахаҳә дахьаваршәыз дааҟәынд-ҟәындит.

– Адамыр! Шәара шәҟынӡа ацара сықәумыршәан, исҳәо уаҳауама, сыҽгьы ааҧсахьеит, аҽеимаақәагьы аҵышәшәахьеит.

«Исышьҭихуазеи анаџьалбеит, наҟ дсыцрыӡаарауазеи, уаҳа ламыс имаӡами, аҧсцәаҳа дышҧеихашҭи абри. Шаҟа ҧсӡы ақыҭа иалаирҩхьоузеи, дагьыҧхашьом. Уажәы саргьы иаасиркуеит уи ашәҟәы – саб иҧсӡы зну. Мап, мап. Сара саб аҧсра ихәҭаӡам, уи иҧсы ҭоуп хымҧада».

Ахәыҷы ахаҳәқәа иҽрывакуа мацара, аҟәара давсны аҩны дазааигәахо даналага, игәеисра иацлеит, анеира изымгәаҕьит. Данҧшы, илаҧш нақәшәеит амасар гәара иадҿаҳәалаз аҽы. Уи кәыкәы-цыкәуа амасарқәа ирыбжьиааз аҳасқьын ҧшқарах афара иаҿын.

Иангьы аусурахьынтә даахьазар акәхарын.

Ахәыҷы длак-ҩакуа, иҟаиҵара изымдыруа, агәашә хәыҷы дҭысны аҩныҟа иҿааихеит.

– Шьҭа сцалароуп, – иҳәан аҧошьҭамҩангаҩ дҩагылт.

– «Мшәан, ашәҟәы лимҭаӡеи? Мшәан, абасҟак дзылахҿыхузеи, агәырҕьара зылҿықәузеи, мшәан, саб дылҭахӡами уи?» – Аҳәыҷы ааҵра дахьавагылаз илаҕырӡқәа нхаддылт.

– Ари амҩан унацҳап ҳәа џьынџьыхәақәаки, ахьхьаҳәа арасақәа иџьыба иахьынҭалыҧсази рышьҭабжь игәы инықәҩит. – Уааҧ­сеит сабиц, ари амӡышәа даар, сара сиацәҳап, илымҳақәагьы кыдсыршаап.

– Ари аҩыза ашәҟәы бзиа усумка иҭаҵаны узлатәарызеи! Сымҩа ааиркьаҿып сҳәан, аха дысцәыбналеит. Аҧошьҭаныҟәгаҩ иажәақәа ахәыҷы даашьҭырҧааит. «Иҧсы ҭоуп, иҧсы ҭоуп!» – ахәыҷы ибжьы изҭымкаауа агәырҕьара иоуразоуроу илсхьан.

«Мшәан, иҟамлоз саб ишәҟәы мааӡар? Хымҧада, аибашьра – еибашьроуп, ахызаҵә аӡәгьы иаҩсӡом. Аха насыҧшәа, саб Аҧсадгьыл шихьчо еиҧш, иаргьы убасҵәҟьа дахьчозар амуеи».

– Уара иахьантәарак аҧошьҭамҩангаҩ дыҩуа душьҭан, иарбан узаанымгылаз, иаргьы гәаҟк иоуп, арахь игәаҟра агәаҟра ацуҵоит, аранӡа дзааушьҭуаз, уара иааимхны иааугар, иџьабаагьы иагумырхоз, иараӡәзаҵәык иоуп ари ақыҭа иалахаз шәҟәы бҕьыцк ҳзаазго. Уи аҩны даатәар, араион ахь ҳцаны иаагалароуп, уи удыруоу? – аҽҧныҳәа ныҟалҵеит иан.

Ахәыҷы иҳәарц иҭахын, дыш­шәоз, иаб иҧсы шҭоу зҳәо акәымкәа, аҧсӡы зҳәауа ииркыр ҳәа. Аха уи шьҭа аҳәара аҭахӡамызт. Иан иҽыналгәыдиршәлан дааигәыдиҳәҳәалт.

Аҧошьҭамҩангаҩ зынӡаск уаҩы димбаӡо амҩа дагахьан. Ахәыҷы уажәы иаҟара иҧшӡаз, бзиа иибоз уаҩы адунеи дықәыршәымызт.

Аибашьра макьаназы еилымгацызт…

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me