Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Даҽа ҧсадгьылк сымаӡам…»

Леон иорден занашьоу аибашьра аветеран Заур Ахба, 23 шықәса ракәын ихыҵуаз Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагоз. Ҳаиҿцәажәараан излазгәеиҭаз ала, аррамаҵзура шихигахьазгьы, 5-нтә рыда абџьарла дымхысӡацызт. Аибашьра иалагаанӡа аус иуан машьынаныҟәцаҩыс Алашарбага автоколонна 2654 аҟны.

Аибашьра ианалагоз, уи иҩыза Нури Аибеи иареи ахәаахәҭра аганахьала Днепропетровск иҟан, уа ишыҟаз ауп Аҧсны аибашьра ишалагаз ала ажәабжь бааҧс шиаҳазгьы!

«Урыстәылаҟа амҩа санықәлозгьы, Аҧсны аҭагылазаашьа уаҩ игәы иахәартә иҟамызт, аха аибашьра ҟалоит ҳәа аӡәгьы агәаанагара имамызт. Ҳаҧсадгьыл аҿы аибашьра ишалагаз анҳаҳа, иҳаураны иҟаз аҟәры­шьқәа ҳзыхьӡаз аашьҭыхны ҳашзахәоз Аҧсныҟа ҳдәықәлоит.  Аха, аҳәааҿы ҳанааи, иадыркхьан, Аҧсныҟа аашьа ыҟа­мызт. Аҳәа­аҿы иҳақәшәеит аҧсуаа маҷҩымкәан, урҭ дрылан аибашьра ашьҭахь зыҧсҭазаара иалҵыз ахаҵа бзиа и- Лашькьындартәыз Оҭар Барганџьиа. Аҳәааҿы еиқәшәаз аҧсуаа ҳҽааидаҳкылан, иҳаӡбеит Нхыҵ-Кавказҟа ҳхы ҳархарц, уантәи шьхала ҳхыҵны Аҧс­ныҟа ҳцарц»,– иҳәеит аибашьра аветеран, 30 шықәса раҧхьа изҭагылаз аамҭа игәаларшәо.

Заур Ахба иажәақәа рыла, изқәылаз амҩа мариамызт, аха хьаҵшьагьы рымамызт. Ахҭысқәа ак иаҩмыршәо, ибжьамыжькәан ҳзеиҭаҳәара иҽазишәон.

Амҩа ҳшықәыз Маиҟәаҧ ақалақь аҟны ҳаннеи, ҳашьцәа адыгақәа ҳҧылеит, ҳаҭыр ҳақәырҵеит, ауха уа асасааирҭаҿы ҳаҧхьеит. Адырҩаҽны автобус ҿыц «Лаз» ҳәа изышьҭоу амашьынаныҟәцаҩ дацҵаны иҳарҭеит, ҳамҩагьы иацаҳҵеит, урҭ ишҳабжьаргаз ала Грозныи ақалақь ахь. Уа ҳаннеи еилаҳкааит Шамиль Басаев игәыҧ Аҧсныҟа ацаразы аҽеидкылара ишаҿыз. Уаҟа еиҿкааз аштаб аҿы Шамили ҳареи ҳаиқәшәеит. Усҟан Шамиль дызусҭоу аӡәгьы иҳаздырамызт. Шамиль даҳбарц шаҳҭаху, ҳара ҳшаҧсуаау, игәыҧ ҳрыцны Аҧсныҟа ҳцарц шаҳҭаху анаҳҳәа, азҵаарақәа еишьҭар­гыланы рҿаархеит: «Абџьар ахархәашьа жәдыруама?», «Ашьхақәа бзианы ижәдыруама?» ҳәа иаҧхьа иқәыз Аҧсны ахсаала дхыҧшыло.

Хаҭала, сара Шамиль изҵаарақәа рҭак аҟаҵара схахьы изгеит, имӡакәан исҳәеит 5-нтә рыда абџьарла сшымхысыцыз, амала Архызынӡа ҳаннеи, анаҩс амҩа шыздыруа, избанзар, ашәарыцацәа срыцны сцахьан аҟнытә ишысгәалашәо.

Уаҟа дҳақәшәеит даҽа аҧсуак–Џьон Дочиа. Адырҩаҽны, Шамиль, Резван ҳәа аӡәы ҳицҵаны апулемиот ҳаҭаны ҳишьҭит дәҳәыҧшк ахь ахысшьа ҳарҵаразы. Ииашаны раҧхьаӡа акәны апулемиот ахьызбазгьы уа ауп.

Заур Ахба излаҳаиҳәаз ала, ахҧатәи амш аҽны, рдәықәламҭаз, 8-10 машьына «Урал» ҳәа изышьҭоу, аштаб ахь иҭалеит, уи аамҭазы дзыхьчоз ауаа ицны Чечентәыла апрезидентс иҟаз Џьохар Дудаевгьы иахьгылаз дааит. Уи зҽеибыҭаны игылаз арҧарцәа рахь ихы наирхан, «Аҧсны ҳахьчар–Кавказ зегь ҳахьчеит!»–иҳәеит.

Анаҩс, амҩа иқәлеит Аҧсныҟа.

«Грозныи ҳаалсхьан еиҧш, абинокль ала иҧшуа ашьҭахь иақәтәаз аибашьҩы гәымшәа, Аҧсны ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз Хамзат Ханкаров игәеиҭеит аурысцәа ҳамҩа шыркыз. Уи акәхеит, аурысцәа ахьгылаз ахь ҳназгоз, амҩа ҳааныҵын, аџьықәреирҭа злаҟаз ала, «Уралқәа» рыла ҳҿынаҳхеит. Уи амҩа ҳаблак аҟны ҳкылнагеит, нас ашьха ашьапаҿы. Ус ҳаҧшызар, БТР аршьаҟауаа ацны ишгылаз аабеит. Аха Шамиль, «ара шәыҟаз, сара сцоит, снапы сҟьар, «зегь шәцҟьа», мап анакәха, зегь бзиахоит»– иҳәан иҿынеихеит. Ҳшақәымгәыҕӡоз аусқәа маншәалахеит, ҳамҩагьы иацаҳҵеит. Нальчик ҳаннеи, ҳашьцәа аҟабардақәа, абылтәы ҳазҭаҭәаны, амилициа ҳацҵаны ҳнаскьаргарц иҳацны идәықәлеит. Амҩахь авертолиотқәа шаҳхаҧраауаз, ҳашҧшықәырҵоз, иаҳаулак ашьха ашьапаҿынӡа ҳааӡеит. Анаҩс, Аҧсныҟа аҳәаа иахьалагоз амҩахәасҭа ҳнангылеит»– дҳацәажәон Заур Ахба шьхала Аҧсныҟа аара даара ауадаҩрақәа шацыз, иагьшшәарҭаз азгәаҭо.

Уи иажәақәа рыла, Архыз, Аҧсны аҳәаа аҟны инаӡарц хәыҷык шрыгыз, ирықәшәеит иахьцо ззымдыруа игылаз аҧсуа ҷкәынцәа аӡәырҩы: Гәырам Аҳәба (иҧсҭазаара далҵхьеит), Рамаз Ашәуа (иҧсҭазаара далҵхьеит), Адамыр (Гоги) Аҳәба.

Аҧсуа ҷкәынцәа инарҷыдангьы, ашәарыцаҩ Оҭанди Агәхаа иҭыҧ аҿы итәаз авертолиот иааҭыҵыз ҳашьцәа аҟабардақәеи дареи еицны Ауадҳара ашьхаҿы инеит.

«Ауадҳара ҳаннеи, сгәыла, сҩыза (Кох) ҳәа заҳҳәоз Анзор Шамба дсықәшәеит. Уи нахыс, Кохи сареи, 160 -170-ҩык еидызкылоз Шамиль игәыҧ аҟны ҳанхеит. Ҳаибашьратә мҩагьы хацҳаркит раҧхьа Ешыратәи ахырҕәҕәарҭа ала. Уаҟа аҧшыхә­рақәа мҩаҧаагон, Депо ҳәа иахьашьҭоу аҭыҧ аҟынӡагьы ҧшыхәра ҳанаауаз ыҟан. Анаҩс, Гагра ахақәиҭтәраан, Мамзышьха иаду ашьхақәа ҭарцәны, аиҩхаала– Колхиданӡа инаӡеит ҳгәыҧ».

Аибашьра аветеран иажәақәа рыла, Колхида ианнеи аибашьцәа ҩ-гәыҧкны рҽыршеит: шьоукы хыхьла ицеит, егьырҭ – ҵаҟала ицоз амҩала.

Аибашьратә хҭысқәа игәаларшәо, Заур Ахба ҳаиҿцәа­жәараан иаҳзеиҭеиҳәеит акымкәан ахҭысқәа.

«Ҳашнеиуаз, Колхида азааигәара, ҳаҧшызар, АГС-апулемиот гылоуп, аганаҿы иҟаз «ачықь» ҩыџьа ақырҭцәа рҽыҵәахны ишаватәазгьы гәаҳҭеит. Уи акәхеит, иҳаҧцаны рҿынаҳархеит. Анаҩс, ачеченцәа ираҳҭеит урҭ аҭҟәацәа», – абас иажәабжь аахиркәшан аҩбатәи ахҭыс аиҭаҳәарахь диасит аибашьра аветеран.

«Ҳгәыҧ–Гагра, «Украина» захьӡу асасааирҭаҿы унаӡаанӡа иаангылеит ҳамҭакы. Ҳаҕацәа шзахәоз «рыҧсы рыз­гозар» ҳәа рабџьар­қәа, ртанкқәа, ртехника аус ауа ишгылаз икажьны ицон, аха «аҩра» иахьымӡаз, ана-ара зҽыҵәахны итәаз ҳаҕацәагьы ыҟан». Ҳәарада, ишәарҭан, агәҽанызаара аҭахын. Убас зҽыҵәахны ҳаибашьцәа «ирзышәарыцоз» гәыҧҩык ҳаҕацәа ҳрыхҭыгәлеит, урҭ рытҟәарагьы ҳалшеит. Шамиль «ишәымшьын, иҭҟәаны иҟоу ҳаибашьцәеи дареи еиҭнаҳаҧсахлоит» ҳәа адҵа ҳаиҭан, «ҳгәы шыҧжәоз», рыҧсқәа ҭаны инҳажьит»,–иҳәан аҩбатәи ахҭыс анаҳзеиҭеиҳәа ашьҭахь, ихы ӡырымго, «ирацәоуп аибашьра адәаҿы сҩызцәа ирхыргаз, урҭ ахҭысқәа зегь еиҭаҳәашьа рымам»–иҳәеит.

Аибашьраҿы зхы бзианы иаазырҧшыз аӡәык-ҩыџьак реибашьратә мҩа шәазааҭгыларц шәылшозар ҳәа аниаҳҳәа, «сара сызцеибашьуаз, ҳгәыҧ аибашьцәа зегьы фырхацәоуп, урҭ зегь агәымшәареи афырхаҵареи злаз еибашьцәан, амала урҭ зегь хьыӡҳәала исгәалашәом»–иҳәан, игәалашәоз аибашьцәа рыхьӡқәа дырзааҭгылеит: Родик Агрба, Гиа Кәаӡба, Ҭенгиз Какәубаа, Анзор (Кох) Шамба, Сенер Гогәуа…

Гагра ахақәиҭтәра, Мамзышьха ашьха анҭадырцәы ашьҭахь Заур Ахба дызлаз агәыҧ алахәын Шроматәи ажәылара. Уи ахақәиҭтәраҿы аҧсуа еибашьцәа зегь реиҧш, ирылдыршаз шьардоуп Заур Ахба иҩызцәеи иареи. Анаҩс, Заур Ахба дызлаз Шамиль Басаев игәыҧ цоит Мраҭашәаратәи афронт ахь. Уаатәи реибашьратә мҩа хацдыркуеит Кәачара ахақәиҭтәразы имҩаҧгаз ажәылара ала.

– Мраҭашәаратәи афронт аҟны еибашьуаз ҳҵеицәа–фырхацәан… Абџьар, аџьаҧҳаны рызхара рымамызт, арахь «рҽырҕәҕәаны», «гәымшәарыла» ҧхьаҟа ицон, аҕа рхыҧшеи рхаҵареи рыла дыҧхьарцон…

Хаҭала, Кәачара ақыҭа даара амҽхак ҭбаан, уи ахақәиҭтәрагьы мариамызт. Қәачара ахақәиҭтәраан дҳацәҭахеит ҳҩыза еибашьҩы, ҳџьынџьуаҩ Ведаҭ Кәаӡба, ахәра ҕәҕәа иоуит Феликс Ҟәыруа. Аиашазы, иҭахази ахәра заузи ҟалагәышьеит, аибашьцәагьы иага аџьабаа ҳбазаргьы иҳалшеит уи ахы ақәиҭтәра, аха зыҽхьакны иҟаз ашәанцәа амҩа ҳзыркит шьҭахьҟа ҳаныхынҳәуаз. Уи акәхеит, ақыҭа зегь «лашон» 20-30 минуҭ инарзынаҧшуа, еихсыҕьрада аиҿа­хысра ҕәҕәа цон. Уаҟа ахәра иоуит Ҭемыр Жанаа, Ҷлоутәи аибашьҩы гәымшәа Шьоҭа Адлеиба ҳгәыҧ далаӡамызт, аха ари аиҿахысра ҕәҕәаҿы дҳацеибашьуан. Аибашьра аҧышәа бзиа змаз Шамиль Басаев усҟан наҟ-ааҟ аа-ҩык аибашьцәа иваргыланы, иара рыгәҭа дгыланы деибашьуан хаҵарыла. Аиҿахысра ҕәҕәа аҟны иҳавыршьааз ҳҩызцәа еибашь­цәеи ахәра заузи ҟалагәышьеит, аха Кәачара ахы иақәиҭтәны ахырҕәҕәарҭа аанкылара ҳалшеит.

Заур Ахба дрылахәын Аҧсны ахақәиҭтәразы имҩаҧгаз, шамахамзар, ажәыларақәа зегьы: ианвартәии марттәии, аиааира зырааигәаз, аха илыҵ­шәадаз. Ажәыларақәа раан сиҵааи, ҷыхьи зегь рхыргеит усҟан иҩызцәа еибашьцәеи иареи.

Хаҭала, Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаҧгаз ажәылараан, Заур Ахбеи Анзор (Кох) Шамбеи Афон-Ешыратәи абаталион ахь ишиасхьаз, урҭ ишрыцеибашьуаз азгәаҭо, инаҵшьны даза­аҭгылеит ажәылараан ҳаҕацәа акыр аҿагылара ҕәҕәа шаадырҧшуаз. «Еиҳарак, «Асаркьа» ҳәа иахьашьҭоу, Ачадара аҳаблаҿы, нас Ареспубликатә хәышәтәырҭа ааигәара, 16 еихагыла иҟоу аҩнқәа ахьгылоу аҭыҧқәа рҿы ҳаҕацәа рҽыҵәахны, аихагыла аҳаракырақәа, аҩны ахыбқәа рҟнытә апулемиот, агранатаршәгақәа рыла иҳаихсуан, аҧжәагақәа ыршәны иаҳгәыдырҵон… Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылараан Габниа ҷкәынак дҳавыршьааит, уи иҧсыбаҩ аазгоит ҳәа дшаҿыз, ҳаҕацәа дҭадырхеит класск аҿы аҵара сыцызҵоз, сҩыза Џьамал Хаҳәбиа. Аҩнеихагыла ҳаҩналарц Анзор (Кох) Шамбеи сареи ҳашнеиуаз, аҩбатәи аихагыла аҟнытә аҧжәага ыршәны иаҳгәыдиҵеит «моди ақ»-ҳәа иҳәҳәоз ақырҭуа. Сара сахьӡеит аҩналара, аха Кох дахьымӡаӡеит, ахәра ҕәҕәа инаҭеит аҕа иршәыз аҧжәага. Даҽазныхгьы, гәыҧҩык аибашьцәа ҳшеилагылаз аҕацәа аҧжәага ыршәны иаҳгәыдырҵеит, аха уи ҧымжәаӡеит, зегь ҳаиқәхеит», – игәалашәоз ахҭысқәа рацәан, аибашьра адәаҿы зҩызцәеи иареи акырынтә аҧсра абла иҭаҧшхьаз, аҧсреи-абзареи ирыбжьагылахьаз аибашьра аветеран Заур Ахба.

Иахьа х-ҩык ахшара ирабу Заур Ахба, занааҭла иааӡаҩу ихатә ҩыза Ирина Арсалиа-ҧҳаи иареи ирааӡоит сынтәа агроном изанааҭ ала Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет хзыркәшо рҧа еиҳабы Инали, апедагогикатә факультет аҟны ахҧатәи акурс аҟны аҵара зҵо Еланеи, Аҟәатәи аҧшьбатәи абжьаратә школ аҟны 7-тәи акласс аҿы аҵара зҵо рыҧҳа еиҵбы Нанеи.

Аибашьрамца зегь зхызгаз, Аиааира Амш Егры аҳәааҿы иаҧылаз аибашьра аветеран ҳаиҿцәажәара хыркәшо, Аиааира агәра жәгозма ҳәа азҵаара иаҳҭаз, аҭак ҳаиҭеит абас:

–«Знымзар-зны, илыҵшәадаз ажәыларақәа раангьы, сгәы иаанамгеит Аиааира ҳара иаҳтәхом ҳәа. Хыҧхьаӡаралеи, бџьарлеи, џьаҧҳанылеи уҳәа ҳаҕа иаҵкыс ҳшеиҵазгьы, аханатә инаркны сҩызцәа еибашьцәа зегь реиҧш Аиааира ҳажәлар ишыртәхоз агәра згон. Усҟангьы, иахьагьы, Анцәа еибашьра ҟаумҵан, аха сара даҽа ҧсадгьылк сымаӡам, сыҧсадгьыл ахьчара сазыхиоуп. Сҩызцәеи сареи зегь раҧхьаӡагьы иҳахьчаз ҳаҩнаҭақәа роуп».

Аиашазы, аҧсуаа Аҧсны ада, даҽа ҧсадгьылк ҳамаӡам. Шьоук ҳаҧсадгьыл-даргьы ирыҧсадгьылны иршьоит иахьықәынхо, иахьалаҭхаџьуа азы. Аха, ҳара аҧсуаа ҳахьынхалак, ҳахьыҭхаџьлак ҳәа ҳаҟам. Атәым дгьыл, атәым жәҩан ҧсадгьылс иҳазшьом. Ҳабацәа, ҳабдуцәа ршьала икәабоу ҳџьынџь ада ҧсы ҳхам. Иагымхааит Аҧсны зыҧсадгьылу, уи аиқәырхаразы зхы-зыҧсы иамеигӡо аҵеицәа гәымшәақәа наунагӡа!


Алиса  Гәажә -ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me