Ззанааҭ зыҧсҭазаароу

Ишдыру еиҧш аҟазара ахырхарҭақәа акырӡа ирацәоуп. Иарбанызаалак иара ахатә знеишьа амоуп. Аҟазара ауаҩы дазааигәазар ҩнуҵҟала, иаразнакы инапахьы аагара илиршоит.

Адгур Ҧлиа даныхәыҷыз аахижьҭеи асахьаҭыхра инапы алакуп, уи аус иҧсҭазаара иахәҭакуп уажәшьҭа. Данмаҷыз, асахьаҭыхра шилаз ангәарҭа иҭаацәа дҭарҵоит Гәдоуҭатәи асахьаҭыхратә школ. Уаҟа аҵара иҵон ҧшьышықәса. Анаҩс дҭалоит А.Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа. Имаҷым  автор зсахьа ҭиххьоу еиуеиҧшым аҭыҧқәа, еиҳарак амшын ҿықә иазку иусумҭақәа. Раҧхьаӡатәи иҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа мҩаҧган 2010 шықәсазы. Аҧсныи Урыстәылеи асахьаҭыхцәа Реидгыла далахәылоуп. Ирацәоуп иҭыхымҭақәа Аҧсны анҭыҵ атәылақәеи ахатә галереиақәеи рҟны:  Москва, Даниа, Франциа, США, Италиа, Турциа, Германиа убас иҵегьы.

Асахьаҭыхра унадыххылан инаугӡо усым иаҭахуп аџьабаа рацәа,  насгьы ҧсабарала иулазароуп, убасҟан ауп алҵшәа аныҟало, – ҳәа дазааҭгылоит Адгур изанааҭ. Аус аниуа  ҭынчразароуп аҟынтә аӡәгьы дахьиҧырхагам аҭыҧ алихуеит.

Адгур диит 1967 шықәсазы Гәдоуҭа араион, Лыхны ақыҭан. Аибашьра даветерануп. Урҭ аамҭа уадаҩқәа анихига, игәы ааҧсахны изанааҭ аанмыжьӡакәа арҿиара иҽазикит. Иҟан аамҭақәа, аибашьра ацәаҳәаҿы хҭацәыхак шааиоулак асахьа анҭихуазгьы. Адгур дҭаацәароуп, диааӡоит аҧа, илызҳауеит имоҭа. Иашьеиҳаб Алхас Ҧлиа, иакәзаргьы, иара иеиҧш дсахьаҭыхҩуп, раҳәшьагьы убас.

Сынтәа иара еиҿикааит аҵыхәтәантәи ажәашықәса аҩнуҵаҟа иҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа. Дахьынхо Лыхны, иашҭаҿ данқәыҧшыз аахижьҭеи гәҭакыс имаз, ацәыргақәҵа ахьеиҿкаау ахыбра инапала  иргылеит. Иахьӡиҵаз ахьӡ «Галла» ус машәыршақәа иҟамлаӡеит алхра, уи иан лыхьӡ ауп.

Зыҧсадгьыл абзиабара ҵаулоу, уи аҧшӡарақәа ҧшшәырацәала раарҧшра иамырааҧсо Адгур ирҿиара тәамҩахә амам. «Узҿу уус уацәымаашьозароуп, иамоу амаӡақәа реилкаара ианакәызаалак уашьҭазар, еиҳа-еиҳа удыррақәа еизурҳауазар уадаҩра ҟалаӡом, ҧынгылада инаугӡалоит, иагьуқәҿиоит уи», – иҳәоит Адгур.

Зҟазара аҳәаақәа акырӡа иҭбаау, ззанааҭ бзиа избо, ишахәҭоу еиҧш иназыгӡо ауаҩҧсы иҿцәажәара аҧсҭазара азҿлымҳахара ду ҳзаҵанаҵеит, араҟа иаҳбаз агәахәара ҳарак ҳнаҭеит. Дарбанызаалак илшоит ацәыргақәҵа аҭаара, агәаҳәара змоу зегь рзын агәашәқәа аартуп еснагь.


Алхас Ҧсардиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me