Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адәыҕбақәа русура иацҵоуп

Мышқәак раҧхьа иҟалаз амшцәгьа Гагра араион иахьаҵанакуа аихамҩа ахәҭак аҧхасҭа ҕәҕәа анаҭеит. Хымш-ҧшьымш рыҩныҵҟа адәыҕбақәа мҩасыртә еиҧш аҭагылазаашьа ыҟамызт, убри аҟынтә аамҭала русура аанкылан.

Аҧсабаратә рыцҳара аныҟалаз аҽны араион даҭааны амшцәгьа иҟанаҵаз аҧхасҭа гәеиҭеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа. Иара убасҟан ареспубликатә унитартә наплакы «Аҧснытәи аихамҩақәа» адҵа риҭеит аамҭакьаҿк иалагӡаны аҧхасҭа аҧырҟәҟәааразы. Аҳәынҭқарра Ахада иажәа инақәыршәан, аусурақәа нап дыркын. Аихамҩа аҧхасҭа ахьаҭаз аҭыҧқәа реиҭашьақәыргыларазы ауснагӡатәқәа мҩаҧысуан уахгьы-ҽынгьы иааиҧмырҟьаӡакәа. Аихамҩа ҭыҧ-ҭыҧла ауп ишышьақәдыргыло, аха иааидкыланы аҧхасҭа амоуп ҧшь-километрак инарзынаҧшуа.

Араҟа иҳәатәуп, амшцәгьа адырҩаҽны, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рҟны ацхырааразы ишааз Урыстәылатәи аихамҩа иатәу аспециалистцәа. Урҭ Аҧснытәи рҩызцәа ирывагыланы усурақәа мҩаҧыргоит. Дара анаауаз иааргеит хыҧхьаӡара рацәала ихымҧадатәу атехника ҷыда. Аҭыҧантәи аихамҩа аусзуҩцәеи, Урыстәылатәи аихамҩа   ахаҭарнакцәеи хымш ирылагӡаны ирылдыршеит иҟалаз аҧхасҭа аиҳарак аҧыхра. Аихамҩа аиҭашьақәы­р­гы­лара ахьцо аусурақәа реиҿкаашьа иааиҧмырҟьаӡакәа хылаҧшра аиҭоит «Аҧснытәи аихамҩақәа» аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа.

Ареспубликатә унитартә наплакы «Аҧснытәи аихамҩақәа» анџьныр хад Леонид Ҟәыруа иазгәеиҭеит ас ирласны аихамҩа аиҭашьақәыргылара алыршахоит ҳәа ишақәымгәыҕуаз. Избан акәзар, аҟаҵатәы амҽхак азныказы игәкажьган, аха аусбарҭа амчқәа зегьы азкын азҵаара аӡбара. Аҧшьымш раан иалыршахеит адәыҕбақәа рныҟәара аиҭахацыркра.

Иазгәаҭатәуп, Урыстәылантәи Аҧсныҟа иаауа адәыҕбақәа рхыҧхьаӡара шмаҷым. Урҭ рыбжьара иҟоуп аидара мҩанызго реиҧш, апассаџьыр ныҟәызгогьы. Адәыҕбақәа ахьынӡаныҟәоз хымш ирылагӡаны Аҧсныҟа иаауаз Урыстәыла ауааҧсыра автомашьынақәа рыла иахьырҭаху аҭыҧқәа рҟынӡа инаргон. Уи иадҳәалоу ахарџьқәа зегьы ахахьы иагеит ареспубликатә унитартә наплакы «Аҧснытәи аихамҩақәа».

«Ари аҩыза аҧхасҭа Аҧснытәи аихамҩақәа ирмоуӡац аибашьра ааилгазар. Амҩа ааџьара аремонт аҭахын. Быжьба-ааба метра инарзынаҧшуа ахаҳәи абҕанҷи ықәнажьит. Џьара-џьара иҵнаӡәӡәааит. Аҧхасҭа аныҟалаз аҽныҵәҟьа Урыстәылантәи иааз ҳҩызцәеи ҳареи аусурақәа ҳрылагеит. Уажәшьҭа раҕьырак нагӡоуп, адәыҕба дәықәаҳҵартә иҟоуп», – иҳәеит Ареспубликатә унитартә наплакы «Аҧснытәи аихамҩақәа» анџьныр хада Леонид Ҟәыруа. Уажәазы адәыҕбақәа рныҟәара алыршахоит арласра ҧкны. Аха аҧхьаҟа иазгәаҭоуп амшцәгьа иҵнаӡәӡәааз аихамҩа   акапиталтә ремонт ахыжьра. Уи нагӡахалоит аихамҩа сааҭқәак иҭацәны ианыҟало аамҭақәа инықәыршәаны.

Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me