Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсни Абазашҭеи еимаздо

Амассатә информациатә хархәагақәа зегь рахьтә агазеҭ хадароуп, иара зтәу ажәлар (еиҳараӡакгьы хыҧхьаӡарала имаҷу) рхьаа, рыгәҭыха, реихьӡарақәа уҳәа саркьалҵас илыҧшааху хатәы бызшәала аҧхьаҩ игәаҵанӡа анагараҿы ҳҳәар агха ҳахьрым.

Уи шьақәнарҕәҕәоит анаҩстәи ахшыҩҵакгьы: «Зыҧсадгьыл бызшәала агазеҭ зауз, изызныҟәгаз ажәлар рыӡра алшом». Амилаҭтә газеҭ аусзуҩцәа ианакәызаалакгьы зыжәлар рхаҿра аиқәырхаразы згәы былуа, урҭ реизҳара ажәала иазықәҧо, уи азы уахи-ҽни еиҧшьны аус руеит.

   Анкьа даракәацк иатәыз, иахьа Кавказ-Нхыҵ ибзазо, ҳажәлар рыхәҭа - абазақәа рбызшәала мчыбжьык ахьтә ҧшь-даҟьакны ҩынтә иҭыҵуа (зҭыжьратә хыҧхьаӡара 3000-цыра инареиҳау) ауаажәларра-политикатә газеҭ «Абазашҭа» аҭыжьра хацыркын, абаза милаҭтә ҩыра шьақәгылеижьҭеи 6 шықәса ааҵуаны, ииуль 23, 1938 шықәса рзы «Черқьес ҟаҧшь» ҳәа хьӡыс иаҭаны. Анаҩс, ахьӡ еиҭакхахьан: «Асоциалисттә  Черқьессиа»,  «Комунизм алашара» рыла.

1991 шықәса инаркны ишьақәырҕәҕәан «Абазашҭа» ҳәа. Агазеҭ аҵакы даараӡа иҵаулоуп абаза милаҭтә шәҟәыҩҩреи, алитературатә бызшәа ашьақәгылареи арҿиареи рҟны. Еиуеиҧшым аамҭақәа раан аредакциаҟны аус руан, здырреи зҧышәеи рыла зыжәлар гәакьа рдоуҳатә ҭоурых адаҟьақәа рҟны наӡаӡа иаанхо: Б. Ҭҳаиҵыҟә, Ҳ. Џыр, М. Чкәту, Қь. Мхцы… уҳәа абаза рҿиаратә интеллигенциа  «аеҵәаџьаа» аӡәырҩы.

 «Жәақәашҭк ахьеицу аб рыламзар рымҩа иақәиҭхом» ҳәа ажәлар ражәа  ишалоу еиҧш, иахьа 14-ҩык рыла зредакциатә еилазаара шьақәгылоу, мышқәак рнаҩс 85 шықәсхыҵра азгәаҭахо, агазеҭ «Абазашҭа», аҧсҭазаара зегьы адырдхеиҧш илхагьежьуеит -  аредактор хада Кулова Фардаус Казибан-иҧҳа.

Фардаус Кулова диит ииуль 5, 1963 ш. рзы Абазатәи араион Ҧсыж (жәытәла Дарыҟәақыҭ) ақыҭан. Лқыҭа гәакьаҿы абжьаратә ҵара анхлыркәша лдырра еизлырҳауан Черқьесктәи арҵаҩратә ҵараиурҭеи, Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-филологиатә факультети рҟны. Еиҳау аҵара анхлыркәша,  ҧыҭраамҭак абжьаратә школқәа рҟны рҵаҩыс аус луан. Уи ашьҭахь Ҟарачы-Черқьесстәи автономтә област акомҿар еидгыла аобком амаӡаныҟәгаҩыс; амилаҭқәа русқәеи, амассатә коммуникациақәеи, акьыҧхьи рзы Аминистрра азанааҭуаҩ хадас; Ҟарачы-Черқьесиа ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩыс. Лус  хада инаваргыланы, ауаажәларра политикатә ҧсҭазаарагьы ҽышәала далахәуп Ҟарачы-Черқьесиа жәлар реизара 4-тәи ааҧхьара алахәылас дыҟан; Урыстәылатәи ахәыҷтәы фонд Ҟарачы-Черқьестәи арегионтә ҟәша ахантәаҩыс дыҟоуп.

2002 шықәса раахыс, агазеҭ «Абазашҭа» аредактор хадас аус луеит. Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика «Зҽаҧсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп. Аҧсны Ажурналистцәа Реидгыла далахәылоуп.

 Аҳәынҭқарратә маҵурақәа рҟны лусурала есымшааирагьы анапхгаратә ҧышәа иазлырҳауан, дызҧылоз, дзыҿцәажәоз ауаа – аполитикцәа,аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа уҳәа  ирҿылҵаауаз рацәан. Абарҭқәа зегь раан, Фардаус Казибан-иҧҳа ишлыцыц илыцуп дарбанзаалак ауаҩы иаҳаҭыр аламырҟәра, ихаҵгылара, иақәнагоу ажәала аҧсшәа иаҳәара.

Ишырҳәо еиҧш, аҳаракырахь инагоу амҩа еснагь икәараҵоит. Аха, ҧынгыла згым уи амҩа анылара злахьынҵахаз, ихықәкы дызлыҵыз рдоуҳатә дацҧашә ҧсыцқьала аиқәырхара иазкызар, Ҳазшаз илаҧш хааи ижәлар рыбзиабареи игхом.

Дышқәыҧшӡаз инаркны зыуаажәлар ргәеисра иалагылоу Фардаус Кулова  ишазгәаҭоу еиҧш, данысит иеиҟара мацарамыз, аха иҿырҧшыгоу аҧсҭазааратә мҩа. «Уҽыззукуа аҽузнакуеит» шырҳәо еиҧш, Фардаус Кулова ҩ-жәашықәсак инарыцны дызхагылоу амилаҭтә усгьы, ҩынтәны акәым, еиҳангьы  аҽлызнакит. Уи лнапхгараҭара аамҭа иалагӡаны, амилаҭ рҿахәҳәага – агазеҭ «Абазашҭа» аҩаӡара акыр иҳаракхеит. Мҽхакыҭбаала еснагьтәи лусуреи, ааҧсара зҵам лгәыцыхцыхреи ирылҵшәаны, ирацәоуп еиҿылбаауа, ажәлар маҷ рхеиқәырхара иашьана хадоу – ахатәы бызшәа аиқәырхареи арҿиареи рзы. Ажәлар рыбзазара еиуеиҧшым аганқәа аазырҧшуа ажәабжьқәа, ан лкыкахш иаҩызоу, хатәы бызшәала акьыҧхь иахьабо аҭыжьымҭа абиҧарақәа азҿлымҳахарц, лассы-лассы аредактор хада лаҧшьгарала, агазеҭ адаҟьақәа рҟны имҩаҧыргоит: «Ажурналист қәыҧш», «Илахҿыху ахәыҷра», «Исызгәакьоу  сан» уҳәа азеиҧш республикатә ҵакы аазхәо аусмҩаҧгатәқәа жәпакы. Убасгьы, Фардаус Кулова апублицистикатә шәҟәқәа: « Вечная слава героям», «Эхо Чернобыля», «Абазинский муниципальный район. 10 лет созидания», «Афганистан – наша память и боль» дреиқәыршәаҩуп. Лредакциа ала еиҭаҭыжьуп, еицырдыруа арҵаҩы Малхозов Ф.Н. абаза бызшәахьы иеиҭеигахьаз аҩымҭақәа: «Сын полка», «Село Городище».  

Иахьазы уи лыцнагаҩцәеи лареи рнапы алакуп, 30 шықәса раҧхьа Аҧсны аамҭа цәгьа ианҭагылаз, Ҟарачы-Черқьесиантә хатә гәаҧхарала иааны, ҳаҧсадгьыл ҳацзыхьчаз еиуеиҧшым амилаҭқәа ирхаҭарнакцәоу зхыҧхьаӡара 150-ҩык инареиҳау аҵеицәа гәымшәақәа рҭоурыхқәеи ргәалашәарақәеи еидызкыло ашәҟәы аҭыжьра азырхиара.

Ахааназгьы ицәаран иҟам ажәлар рхәышҭаара акәицқәа, урҭ амцабз рхылҵырц реибаркразы, тәамҩахә рымамкәа иазыхандеиуанаҵы, Фардаус Кулова леиҧш, уадаҩрак аҿаҧхьа ихьамҵуа, аҳкәажәреи ахаҵамҧҳәысреи еилазыгӡо аҵеицәа. Уи гәык-ҧсыкала ауаа рзыҟазаареи, лзанааҭ адырреи рыла лҽаҧсалтәит лыжәлар гәакьа рыбзиабара.

Фардаус Кулова даараӡа бзиа илбоит лабдуцәа рџьынџь - Аҧсны. Араатәи амшыни, ашьхақәеи, амра аҧхарреи, ауааи лгәы-лыҧсы рымадоуп. Иааиҧмырҟьаӡакәа лыҽрылалырхәуеит Аҧсны имҩаҧысуа акультуратә усмҩаҧгатәқәа. Иаҳҳәарц ҳалшоит гәрагарала, уи Аҧсни Абазашҭеи еимаздо ацҳа хадақәа дыруаӡәкуп ҳәа.

Фардаус Кулова лиубилеитә шықәсхыҵра инамаданы, амилаҭтә журналистика арҿиараҟны лылшарақәеи, Аҧсни Ҟарачы–Черқьесиа Ареспубликеи рмассатә информациатә хархәагақәа русеицураҿы ллагалеи рзы, Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусҧҟала иланашьоуп «Ахьӡ- Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.

Лыҩнуҵҟатәи лдоуҳатә ҧсҭазаара аҳаракыра иабзоураны лықәранҵыра лныҧшӡом Фардаус Казибан-иҧҳа. Ҧхьаҟагьы иҟалҵаша аумаҷху, аҧшьгамҭа ссирқәа ргәаҳәареи уи хазырҭәаауа аҟыбаҩ шьахәи рыла здунеи еибарку афырҧҳәыс.

Агазеҭ «Аҧсны» аредакциа аусзуҩцәа ҳахьӡала Фардаус Кулова 60 шықәса лхыҵра лыдныҳәало, илзеиҕьаҳшьоит лыбзазараҿы агәалаҟазаара бзиа еснагь еиҳаны, лаҧхьаҟа ишьҭоу лхы-лгәы азҭаны, леиҿкаара-рҿиаратә усура еиҳау аҩаӡарахь анагарамҩа шьаҿа ҕәҕәала анызаара Ҳазшаз илаҭәеишьарц!


Ахра Анқәаб,

агазеҭ «Аҧсны» аредактор хада

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me