Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҟазара амҩала

Ииун 19 инаркны, ииуль 15-нӡа Ростов ақалақь ацәыргақәҵатә центр  «ДонЭкспоцентр» аҟны имҩаҧысуеит «Юг России 13: живопись, скульптура»  захьӡу ацәыргақәҵа. Уаҟа аҧсуа сахьаҭыхцәагьы русумҭақәа цәыргақәҵоуп.

Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа алшара роуит аҧсуа сахьаҭыхцәа: Витали Џьениа, Баҭал Џьопуа, Нугзар Логуа, Амиран Адлеиба, Руслан Габлиа, Лаша Габелиа, Адгәыр Амҧар, Витали Қацәба, Аҧшьа Ҳагҧҳа, Мариа Делҧҳа, Диана Хынҭәҧҳа, Руслан Чхамалиа, Екатерина Гускова русумҭақәа лабҿаба рбара.

Ацәыргақәҵахь идәықәҵоуп асахьаҭыхцәа аҵыхәтәантәи хәышықәса рыҩнуҵҟа иаҧырҵаз 45 - сахьеи 5 – скульптураки.

 «Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа, Урыстәыла аҿацәқәа, Краснодар, Ростов уҳәа зегьы алахәын. Ари еиҿнакаауеит Урыстәыла асахьаҭыхцәа ракадемиа. Иара даара акрызҵазкуа хҭысуп аҧсуа сахьаҭыхцәа рзы. Ҳәарас иаҭахузеи, уахь ицо аусумҭақәа зны ацәыргақәҵатә зал аҿы иахәаҧшны, еилыхны, еиҳа иреиҕьу ҳәа ирыҧхьаӡаз, акомиссиа иазгәаҭаны иалырхқәаз роуп. Сара ҩ-усумҭак рыла салахәхеит, урҭ композициақәоуп рыҩбагьы, акы «Ашьыжь» ахьӡуп, егьи «Ахәылбыҽха». Рыҩбагьы иаадырҧшуа аусумҭақәа аҧҳәыс лхаҿсахьоуп. Дара сынтәатәи ашықәс иалагӡаны иҟасҵақәаз роуп» - ҳәа иҳәеит ААУ аҟазарақәа рфакультет адекан, асахьаҭыхҩы Нугзар Логуа.

Аҧсуа сахьаҭыхцәа рхеилак ахантәаҩы Витали Џьениа: «Сынтәатәи ашықәс азы, аҧсуа сахьаҭыхцәа акрызҵазкуа ауснагӡа ашҟа ааҧхьара ҳарҭеит. Уи лшара дууп аҧсуа сахьаҭыхцәа рнапкымҭақәа рцәыргаразы,аҳәаанҭыҵ  дырбаразы. Ҳара гәахәарыла ҳхы алаҳархәит ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатә».

Ари аусмҩаҧга ашьаҭа акит 1964 шықәсазы. Хәышықәса рыҩнуҵҟа знык ауп ианымҩаҧысуа. Уаҟа рхы аладархәуеит афедералтә округ иаҵанакуа ақалақь дуқәа рҟнытә аҟазацәа.  2012, 2018 шш. рзы  ақалақь Ростов  имҩаҧган ари  ацәыргақәҵа.

Ҳара ҭоурыхла иаадыруеит, Аҧсны егьырҭ атәылақәа рҟнытә изныкымкәа еицырдыруа асахьаҭыхцәа шаҭаалоз. 19-тәи ашәышықәсазы аурыс сахьаҭыхцәа маҷҩымкәа Кавказтәи рныҟәарақәа раан, Аҧсны усҟантәи ахаҿҧшра еиуеиҧшым шәыгаҩычала  иаҳзынрыжьит.

Иара убасгьы, Аҧсны иаҭаахьан Илларион Прианишников, Николаи Иарошенко, аха урҭ ара аҭыхымҭақәа ҳәа акгьы ҟарымҵеит. Репин Аҧсны иҟазаара акәзар алегендақәа ахылҿиаан иҟоуп. Еиҭарҳәоит Репин ара даныҟаз   аҭыҧантәи анхаҩы Бида Чхамалиеи иареи еибадырит ҳәа.  Бида исахьақәагьы ҩба ҭихит, руак иара ииҭеит, егьи ихазы иааникылеит. Руак 1942 шықәса рзы иӡит, егьи Финлиандиа ахатәы коллекциаҟны иҵәахуп ҳәа рҳәоит. Репин Аҧсны иҟазаара атәы зҳәо ҳәа иҟоу исалам шәҟәқәа рҟны иуҧылоит абарҭ реиҧш иҟоу ацәаҳәақәа: «Аҟәа даара исгәаҧхеит, исҭахын адгьыл аасхәарц, аха акыр ихарацәоуп» ҳәа. Аҟәа адгьыл ҽыҭ аахәара иҭахын «Апофеоз войны» автор Васили Верешьчагингьы. Уи Алада Ешыра адгьыл аахәаны аҩны хәыҷы иргылеит, арахь ласы-лассы дшымаалозгьы. Аҧсны усҟантәи аамҭақәа рзы рацәак ауаа ирыҿхырсҭамызт, ацара-аара уадаҩын азы.

Аурыс сахьаҭыхҩы – амаринист Иван Аивазовски иакәзаргьы акырынтә Аҧсны даҭаахьан. 1839 шықәсазы агенерал Раевски дицны арратә ҕба «Силистиа» ала Аҧсны иаҭааит. Аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа иажәақәа рыла, Аивазовски аҧшаҳәа ашҟа дыӡхыҵу дыӡхымҵу еилкааӡам. Аҧснынтәи даныхынҳә ашьҭахь иаҧиҵаз ируакхеит «Шторм» захьӡу иҭыхымҭа. Абжаҩык уи Гагра араион аҟноуп иахьҭыхыз ҳәа агәаанагара рымоуп. Иахьазы асахьа «Шторм» ҵәахуп Челиабинск аобласт аҟазаратә музеи аҟны. Аивазовски ирҿиамҭа «Аурыс ескадра Аҧсны аҟәараҟны» 1840 шықәсазы иҭыхын. Асахьа иаҵаҩу ахьӡ акәымзар, иҭыху аҭыҧгьы удырратә иҟам. Иара ианыҧшуа амшын иаҽҧынгылоу ашьхақәеи аҧшаҳәа зҽавак инеиуа аҕбақәа реишьҭагылеи роуп. Иҭыхымҭақәа рҟынтәи зегьы ирылукаауа «Буря у берегов Абхазии» ҳәа изышьҭоу ауп. 1843  шықәсазы афранцыз еиҳабыра ааҧхьара ирҭеит Лувраҟа, иҭыхымҭақәа цәыригарц. Иалихыз иусумҭақәа хҧа рхыҧхьаӡараҿы иҟан «Буря у берегов Абхазии» ҳәа хьӡыс измоу иҭыхымҭагьы. Уи иусумҭа ауаа рацәа аднаҧхьалеит,  иалкаахеит. Ианаршьеит ахьтәы медаль.

19 ашәышықәса иаҵанакуа Аҟәа асахьақәа ҩба ҳзынрыжьит Пиотр Верешьчагини Лев Лагориои. Рыҩбагьы рҟны иубарҭоуп акипарисқәа. Лагорио иҭыхымҭа 1873 шықәса ҳәа арыцхә аҵаҩуп, Верешьчагин иҭыхымҭа аҟны 1870 шықәса ҳәа.

Аҟазара аамҭа еиқәнархоит, иара аҧызҵаз рыхьӡқәа арнаӡаӡатәуеит.


Саида Ҳаразиаҧҳа

ААУ Афилологиатә факультет, ажурналистика аҟәша актәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me