Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Изҳәада ианаҭаххалак ауаҩы аамсҭашәа абџьар шьҭихӡом ҳәа

Жәытә-натә аахыс аҧсуаа амилаҭ рлахьынҵа аӡбара ианаҿу зхы ҧхьамкыкәа, згәымшәара аҧхьа изыргылаз, «Нарҭаа гәымшәақәа дырхылҵшьҭроуп» ҳәа ишьҭан.

Аҧсадгьыл амца анакы, аҕацәа уи ртәыртәырц ианалага, қәреилых, занааҭ еилых, милаҭ еилых ҟамҵакәан Аҧсны ахьчаразы игылеит уи аҧацәа, дара инарывагылеит Аҧсни аҧсуааи рҧеиҧш зызхьаахаз хатәгәаҧхарала иааны зашьцәа ирывагыланы еибашьуазгьы.

Еибашьуаз ҳҵарауаа дыруаӡәкуп афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аҵарауаҩ, «Агәымшәараз» амедал занашьоу Иван Ҭарба. Аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны иара абџьар днаҵагылеит. Аҵарауаҩ, аибашьра аналагаз аҽны ақыҭараҿ дыҟан, аибшьра шыҟалаз ахьиаҳазгьы Мгәыӡырхәа ауп. Иван Дарофеи-иҧа иҭааацәара рҟынтәи хә-ҩык еибашьуан. Абџьар маҷын, бџьарк ҩыџьа аибашьцәа ацын, аха убри аан гәкаҳара ҳамамызт, иҳәоит иара. Ҳқыҭа иахьаҵанакуа «Ахьтәы ҟәара» ҳәа иахьашьҭоу агырцәа нхон, жәамшҟа уаҟа аҟәара ҳахьчон, уи ашьҭахь Гәдоуҭа бџьарқәак ҟалеит, жәабаҟа цыра Мгәыӡырхәаа рыҷкәынцәагьы иргеит, уи нахыс ҳацыҧхьаӡа абџьар ҳаман. Аибашьцәа ааизан, иҟоу ҳхыҧхьаӡара взводк ҟалоит, ҳаҧхьа угылароуп ҳәа сарҳәеит, уи сара изсықәыркыз сахьреиҳабыз азы акәхап, иҳәоит Иван Дарофеи-иҧа. Усҟан командаҟаҵаҩыс дыҟан Мушьни Хәарцкьиа, Амиран Берзениа дкомбатын.

Аҧсуа жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы илахьынҵаӡбагаз аоперациахеит иультәи ажәылара. Уи хацыркын иаразнак ҩ-хырхарҭак рыла Мрагыларатәи, Гәымсҭатәи афронтқәа рҟны. Ажәылара иалагеит иуль ҩба, Тамшь адесант рыӡхыҵра ала. Урҭ хыдҵас ирыман ақырҭқәа рырхәҭақәа Аҟәаҟа риагара ал­мар­шаразы астратегиатә ҭыҧқәа раанкылара. Уи аамҭазы, аҵх рҽалакны Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы еибашьуаз актәи абригада, Аладатәи Ешырала ажәылара иалагеит. Гәымсҭа аӡиас ирны, жәибжь сааҭ рыҩныҵҟа аҕа дынкыланы дрыман уи агәыҧ аибашьцәа. Уи аамҭазы Гәымсҭатәи афронт армарахьтәи аганала ажәылара цон аҳаракырақәа Цугуровка, Ахалшени, Каман, Аҳабҩы раанкыларазы. Иуль ҧшьба рзы, Афон-Ешыратәи абатальон ииаган Камантәи ахырхарҭахь. Аибашьцәа ирзыҧшыз ажәылара рҽазыҟарҵон. Абатальон бџьарла еибыҭан. Каман аҭарцәра рҽазыршәеит ҳаибашьцәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла: Афонтәи арота дҵас иаман «Дача» ҳәа иахьашьҭоу аҭыҧ аганахьала ацҳа азааигәара аҕа иҿалара. Ешыратәи арота Каман арымаратәи аган ала. Шыцкәаратәи арота резерв ҳасабла иҟан. Амала уи аҟәыҵәақәа руак ажәылара ацара рыдын. Ажәылара иалагеит иуль хәба ашьыжь асааҭ фба рыбжа рзы, аҕа ихырҕәҕәарҭақәа агранатыршәгеи ахыршәгеи рыжәҵарала. Аҕа иҭабиақәа аӡиас иавырххны иган. Иуль акы 1993 ш. Аҧсны атәылахьчара акомандаҟаҵарала Двуречье адесант ртәан. Авертолет МИ-8 жәаҩантә ибжьысит. Ажәылара иалахәыз абатальонқәа зегьы рыдҵақәа еилкаан.

Ахәбатәи абатальон дҵас иаман Аҟәатәи аӡыфымцатә станциа акәшара. Уи хаҭала рнапы ианын Бзыҧҭатәи арота. Егьырҭ аҩ-ротак дҵас ирыман «Астанциа» акәша-мыкәша аанкылара, иара убас Ахалшенитәи амҩагьы. Актәи хаз игоу ашьхахысратә рота агәыҧқәа ҩажәи ҩба километра иакәшаны Гәыма икылсны аҕа ааха ирҭыр акәын. Ус иагьыҟарҵеит. Иуль ҧшьба, асааҭ жәаба рзы Ахалшениҟа зхы хаз артиллериатә жәыларақәа хацыркын. Аҕа ихырҕәҕәарҭақәа амца рыжәҵан аминаршәгақәа рыла Шубарантәи. Анаҩс аҕацәа рпост ааныркылеит аҧсуаа. Уи амш аҽны, асааҭ жәаф рзеиҧш Ахалшени ахы иақәиҭтәын.

Иуль фба рзы аҕацәа Гәыма ақыҭаҿы амҩа аихҵәара рҽазыршәеит. Урҭ Аҟәатәи астанциа аҟны аҧсуаа амацәаз иҭаркыз ацхыраара рырҭарц иашьҭан, аха аҧсуа ҧшыхәаратә рота абзоурала рымҩа аанкылан.

Иуль быжьба рзы, Ахалшениатәи амҩеихда аҭарцәра иалагеит. Хара имгакәа аҕацәа уаантәи иқәцан. Аҳбҩыктәи – Цугуровкатәи ахырхарҭа иуадаҩқәаз иреиуан. Иуль хҧа ашьыбжьонынӡа аҩбатәи абригада аҧшьбатәи абатальон аибашьцәа хышәҩык инарзынаҧшуа ашьха Аҳбҩык ихалеит. Аха ҳаҧшыхәцәа гәазҭаз аҕа иҽыҧхьакырҭа аҭыҧ аҟынтәи реихсра далагеит. Аҧсуа еибашьцәа уи аҭак ирҭеит, аҕацәа рхырҕәҕәарҭақәа аанырмыжьыр ада ҧсыхәа рмоуит. Ахәылбыҽха асааҭ жәаф рзеиҧш Аҳбҩык зҭыҧ аанызкылахьаз аҧшьбатәи абатальон аибашьцәа ирықәкны ахысра аартын, усҟан иҭархази ихәызи рацәаҩхеит. Аиҿахысрақәа цон иааилахәлаанӡа, ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа гәымшәарыла рхы аадырҧшуан.

Акомандаҟаҵаҩцәа реилацәажәараҿы иӡбан Аҳбҩык ашьхаҳаракыра аанызкылаз абатальон ацхыраара рыҭаразы аҳаиртә десант артәара. Асааҭ хҧа рзеиҧш Аҳбҩык итәаз авертолиот, аҕацәа рҽеибыҭан иазыҧшын. Гәыҧҩык аҧсадгьыл ахьчаҩцәа уаҟа иҭахоит, иаанхаз ирылшоит ахынҳәра.

Аҳбҩык итәаз адесант дрылан «Агәымшәараз» амедал занашьоу Борис Багаҭелиагьы. Иара дицын иашьа Гопал. Аибашьҩы иҳәоит авертолиот иҭалаз рыбжьара ишыҟаз зынӡа иқәыҧшӡақәаз, аибашьра аҧышәа зынӡа измамыз. Иҭыргақәазгьы рацәаҩуп, урҭ рыбжьара дыҟан Аҧсны Жәлар рартист Тото Аџьапуагьы, авертолиот иҭан иара иҧеи иашьа иҧеи. Авертолиот атәара аҽаназнакы нахыс иҟалаз ахҭысқәа еимгеимцарак иалагӡаны имҩаҧысит. Уаҩы ицәа иҭеимыгӡо ҳәа иҟоузеи, ахаҳәҵәҟьагьы иазышьҭхӡом уи ахьанҭара рҳәон ажәытәуаа. Уи иагьиашаҵәҟьоуп. Ус шакәу еиҭахгьы иаршаҳаҭуеит Борис Багаҭелиа иҭоурых. 

«Агәымшәараз» амедал занашьоу Борис Багаҭелиа иҳәоит, усҟан ашәаха мамзаргьы имҩаҧысуа ахҭысқәа рызхәыцха шыҟамыз, ихәыз алгатәын, еиқәырхашьа змаз еиқәырхатәын. Амца зҭагьежьуаз авертолиот иҭахаз абылра иаҿын, иара дҳәазаны ашә ахь деихон. Адәахьы акәзар аиҿахысрақәа цон. Авертолиот аҩныҵҟагьы ҧсран, адәахьгьы ҭахаран, еибганы иҭыҵыз Борис Багаҭелиеи иашьа Гопали амҩа еихҵәаны абна илалар акәын. Аха уи аҟаҵара ус имариамызт. Иааҳакәаршаны иҭахаз шьҭан, иҳәоит аветеран.

Ииуль ааба, асааҭ жәаа рзы Шрома аҭарцәра иалагеит артиллериа ацхыраарала. Гагратәи абатальон ажәылара иалагеит Шроматәи ацҳа азааигәара. Хәлаанӡа Шрома ахәҭак ҭарцәын, ианааша ажәылара иацҵан. Ииуль жәба рзы ажәылара иалагеит Афон-Ешыратәи абаталиони актәи абаталион аҩбатәи абригада аротеи. Ииуль жәба рзы ақыҭа ахы иақәиҭтәын. Аҕацәа ҭаха рнаҭомызт Шрома аҳаракыра ахы ақәиҭтәра. Рнапаҵаҟа ишыҟамызгьы зегьы акоуп артиллериеи аминаршәгақәеи аҳаиртә мчқәеи рхы иархәаны Шрома иалахысуан.

Ииуль жәеиза рзы ақырҭқәа Шромеи Одышьи рганахь ала еиҭажәылеит. Усҟан аҧсуа еибашьцәа иҟарҵаз аҿагылара ҕәҕәа иабзоураны аҕацәа хьацан, аха адырҩаҽны Шроматәи абҕанҷҵхырҭа ала даҽазнык ақыҭа ампыҵахалара рҽазыркуеит. Уигьы лҵшәадахоит. Иара убас, ииуль жәаф рзы Шромеи Аҟәеи еимаздо амҩа аанкыларазы аҽазышәара ҟарҵоит, аха уигьы акгьы рзалымҵит. Шрома ҭарцәын, аха Аҳбҩык аҳаракыра аҕа инапаҟны иҟан. Ақыҭа инаҧсаргәыҵа иқәушәа далаҧшуан. Уи иахҟьаны Аҧсны арбџьармчқәа ааха ду ро­уан. Хара имгакәа иӡбан Ашьха Аҳбҩык аҭарцәра. Иҭахази ихәызи рхыҧхьаӡара шмаҷымзгьы аҧсуаа ирылшеит ашьха агара, анаҩс уи аанкыларагьы. Аҳбҩыктәи аибашьра ацәаҳәаҿы аҕа ицәыӡқәагьы рацәан.

Ииуль ҩажәи быжьба аҽны ҳа­руаа рнапахьы иааргеит аҳаракыра 920, иара убас ақыҭа Старушкино. Абас, Гәымсҭатәи афронт аҟны зымҽхак ҭбааз ажәылара иабзоураны Шрома ақыҭа, 920-тәи аҳаракыра, ашьхақәа Аҧианда, Шрома, Аҳбҩык, Аҧсны арбџьармчқәа ампыҵахалыҩцәа рҟынтәи рхы иақәиҭыртәит. Убри алагьы Аҟәа иалаҧшуа ахырҕәҕәарҭақәа ааныркылеит. Уи Қарҭтәыла анаҧхгара еиҵанарҕәҕәеит, аиҿцәажәарахьгьы иианагеит. Уажәшьҭа еилкаан аҕацәа рымчқәа шҧсыдахаз.

Арҭ ажәыларақәа ирыбзоурахеит анаҩс игаз ҳиааира!


Елана Лашәриаҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me