Ашәқәа рџьармыкьа

05 Лаҵара 2023 10:42
Лассы-лассы акультура-устә ҭыҧ «Гәыма» имҩаҧысуеит еиуеиҧшым ацәыргақәҵақәа. Егьырҭ амилаҭқәа аӡәырҩы реиҧш, аҧсуа изы иалкаау аҭыҧ ааннакылоит ахш-хырҵәы, ашә. Арҭ амшқәа рзы араҟа имҩаҧган афермаҿы иҟаҵоу ашәқәа рцәыргақәҵа. Уи иалахәын ашәеилаҵара знапы алаку 8-ҩык аҭыҧҳацәа. Асеиҧш иҟоу аџьармыкьа, хаҭала ашә хкқәа ирызку мҩаҧысуеит ара ҩынтәны.
Аԥсныпресс. Харитон Агрба атехникатә нокаут ала Узбекисҭантәи аспортсмен Мирзакамол Нематов дииааит ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура. Аиндаҭлара мшаԥымза 28 рзы Ҭаџьыкьысҭан аҳҭнықалақь Душанбе имҩаԥысит. 63,5 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара 8 раунд рыла иҟаз аиндаҭлара аԥшьбатәи араунд аҿы ҳџьынџьуаҩ иигаз аиааирала ихыркәшахеит.
Ицәырызгарц исҭаху азҵаара сгәы иҵхоижьҭеи акрааҵуеит. Зегьы раҧхьаӡа иргыланы журналистк лаҳасаб ала акәымкәа, ҩыџьа ахшара зааӡо анык лаҳасабала. Иахьатәи аҭаацәа проблема хаданы раҧхьа иқәгылоу акакәны иҟалеит агадџьетқәа ахәыҷқәа раҧыргара. Аха ари апроблема инавагыланы ицәырҵуа акакәны иҟоуп иахьа аҿар рыҩнуҵҟа ахархәара рацәаны изауыз аелектронтә ҭаҭын ахара. Аҿар рымацара ракәӡам, даараӡа рхыҧхьаӡара рацәаҩуп ахәыҷқәагьы.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me