Леон иорден занашьоу аибашьра аветеран Заур Ахба, 23 шықәса ракәын ихыҵуаз Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагоз. Ҳаиҿцәажәараан излазгәеиҭаз ала, аррамаҵзура шихигахьазгьы, 5-нтә рыда абџьарла дымхысӡацызт. Аибашьра иалагаанӡа аус иуан машьынаныҟәцаҩыс Алашарбага автоколонна 2654 аҟны.
Ахәыҷы аҭҳарцәҳәа ацәа даалҵын, дҩагылт. Еимгеимцарак иалыршаны деиҵақыџьқыџьуа ихы инаркны ишьапаҟынӡа ахьҭа ҩаилсит. Иҽааирххеит. Ицәеижь, иҟәартәрақәа, имахәарқәа, ишьахәарқәа ахәшеиҧш иӡыҭны аҧхарра нрыбжьалеит. Аха уеизгьы ахәыҷы ахьҭа нагӡаҵәҟьаны изилымцеит. Насоуп, уи даназхәыц иахантәарак ахьҭа дшакәаз мацара ширшаз, дахьышьҭазгьы цқьа изивамыџьгәаз ихыза кәамҟьа хәыҷы иавҵышәшәаны иҵааршәха иуаҭәа хәыҷқәа шыҭнарҧсаауаз аҧша. Усҟан ахәыҷы дҳәаҵәыҳәаҵәуан, ицәеижь ауразароу ахьҭа аныруан. Иацы иааигаз афархь лабыҵәқәагьы амца…
Адунеи иақәлахо ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Ауаҩы мышкы зны идунеи иԥсахуеит усгьы. Убас еиԥш иҟоуп ауаҩытәыҩса иԥсабара. Ихадароу зыдунеи сыԥсахыз ижәлар ргәаҵаҿы иаанижьыз иԥхарреи иуаҩреи, иус лашақәеи иџьабааи роуп.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me