Амузеиқәа рыҵх

26 Лаҵара 2023 14:04
Ишаҧу еиҧш, маи 18 рзы жәларбжьа­ратәи амузеиқәа рыҵх азгәаҭара иамшуп. Убас ари амш азы Аҧсны амузеи­қәа зегьы рҿы рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭон. Амузеиқәа ирҭаауеит ашкол хәыҷқәа, аҵарауаа, ауаажәларра, агәаҳәара змоу зегьы.
Лаҵарамза 17 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармо­ниаҿы имҩаԥысит Очамчыра ақалақь аҟынтәи иааз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль «Ерцахә» аҳасабрбатә концерт.
Аԥсныпресс. С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаҧысит аинтеллигенциа рхеидкыла «Аламыс» аиҿкаара иазкыз аизара ду. Уи иалахәын Аҧсны ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Владимир Делба, Аҧсны Ахада Иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, ауаажә­ларра, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа. Абри атәы аанацҳауеит Аинформациатә маҵзура "Аԥсадгьылинфо".

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me