Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Нарџьхьоу еиҧхыӡуаз

Аҧсуа милаҭтә ҟазара, инеизакны акультура акыр шықәса амаҵ азызухьаз Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Валери Ҷолариа иҩызцәа, иааигәаны дыздыруаз макьанагьы ирцәыуадаҩуп ииасхьоу аамҭала иӡбахә алацәажәара.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы ихьуаз ачымазара иахҟьаны дҳаҧхеит зыҧсҭазаара зегьы аҧсуа ҟазареи ажурналистикеи ирызкыз.

В.Ҷолариа диит 1947 ш. рзы Очамчыра араион Агәы-Бедиа ақыҭан. Абжьаратә школ даналга Аҟәаҟа даауеит, А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт дҭалоит. Аамҭак азы аус иуан Аҟәатәи атипографиаҿы, агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсы») аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ ицхырааҩсгьы дыҟан. В.Ҷолариа данқәыҧшыз нахыс аҟазареи, алитературеи, ажурналистикеи ргәыблра шьҭикаахьан. Аҟазараҿы иаликаауан ашәаҳәара, алитература бзиа излаибоз ала, ирацәаны даҧхьон, ажурналистикагьы гәыгәҭаижьуамызт. Ажәабжь кьаҿқәа раҧҵара дазҿлымҳахеит. Урҭ рахьтә иҟан ажурнал «Алашареи» агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшьи» ирнылахьаз, икьыҧхьуан астатиақәагьы. Иқәыҧ­шра ашықәсқәа раан иқыҭаҿ еиҿкааз жәлар рхор ахь днарыҧхьеит, абжьы бзиа шимаз гәарҭахьан. Убри нахыс еиҳагьы ашәаҳәара бзиа ибеит.

1976 ш. рзы иреиҳау аҵараиурҭа афилологиатә факультет (аҧсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала) далгеит, аха уаанӡагьы агәырҵҟәыл злоу ҳәа дыҧхьаӡаны В.Ҷолариа иӡбахә анраҳа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаҧсазтәыз ансамбль ахь днарҧхьеит.

1970 – 1980-тәи ашықәсқәа раан аҳәынҭқарратә ансамбль, усҟантәи Асовет Еидгыла еиднакылоз ареспубликақәа рҟны еиҧш, аҟазара ӡырнагон: Чехославакиа, Польша, Германиатәи Адемократиатә Республика, Германиатәи Афедеративтә Республика, Шьамтәыла, Бырзентәыла, Ефиопиа, Аргентина, Мексика, Мозамбик, Танзаниа, Голландиа уҳәа аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟны. Абарҭ агастрольқәа зегьы дрылахәын В.Ҷолариа. Араҟа иазгәаҭатәуп, усҟантәи аамҭақәа рзы, аин­тер­­нети асоциалтә ҳақәеи аныҟамыз, аҧсуа ансамбль агастрольқәа дрыхцәажәаны акьыԥхь ианызҵоз (аҧсышәалеи урысшәалеи) иара шиакәыз. Ари аус аҟнгьы иааҧсарақәа ахәшьара бзиа арҭон иҩызцәа.

30 ш. инареиҳаны ансамбль аҟны ашәаҳәацәа ируаӡәкыз В.Ҷолариа даҧсаҵәҟьаны зҽаҧсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ихырҵоит. Арҿиара аус иара изы акыр амҽхак ҭбаан, еидибалоз ахьмаҷмыз азы. Ажурналистикаҿы иоухьаз аҧышәа акыр ицхраауан еиуеиҧшым аочеркқәеи астатиақәеи рыҩраҿы. Убри ҳасаб азуны, Аҧсны акультура аусзуҩцәа Рассоциациа иҭнажьуаз агазеҭ «Культура и жизнь» аредактор хадас днарҧхьоит, акыр шықәсагьы амаҵ азиуан. Убас иџьабаа маҷымкәа иҟоуп ажурнал «Аҧсны ҟазара» аредакциаҿы, араҟа аҟәша деиҳабын. Дыҟан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла ашәаҳәаҩысгьы. Акьыҧхь ианиҵон акультуреи аҟазареи русзуҩцәа ирзикуаз астатиақәеи аочеркқәеи.

Акыр шықәса аҟазара амаҵ азызуаз ауаа рдунеи дахьазааигәаз, дахьагәылаҧшуаз, ибзиангьы иахьидыруаз аҟынтә, урҭ ирзикуаз инарҵауланы аарҧшра илиршон. Ансамбль иналукааша артистцәа реиҧш, ажурналқәеи агазеҭқәеи ирниҵоз истатиақәеи рызкын Аҧсуа театр артистцәа, ашәаҳәаҩцәа, акәашаҩцәа, ахореографцәа, адирижиорцәа. Аҧсуа радио аҟнгьы акырынтә аҟазара ауаа дрыхцәажәахьан.

Ажурналист, апублицист иауз аҧышәа аҧсҭазаараҿы акыр ицхраауан инапы злакызаалакгьы ишақәнагоу аҧхьаҩи, ахәаҧшҩи, азыӡырҩи рызнагараан.

Уаанӡа иажәабжьқәа аперио­дикатә кьыҧхь ишанылахьазгьы, асахьаркыратә литература иаҵанакуа аганахьала хазы шәҟәны иҭыҵуеит (1988) иповест «Аиқәшәара». Уи арҿиара еиҳагьы агәацҧыҳәара инаҭоит.

Аҩбатәи ишәҟәы «Нарџьхьоу амҵан» акыр шықәса раахыс еизигоз аматериалқәа ирыбзоураны, иқыҭа гәакьа ажәытә-аҿатә ирызкны иҭижьит (1992). Уи нахыс арҿиара аус, аамҭа шимнахуазгьы, еиҳагьы дагәыланахалон. Иоухьаз аҧышәа игәҭакқәа рынагӡараҿы ицхыраагӡан. «У подножья синих гор» (2006) акәзар, араҟа ақыҭа аҭоурых инамаданы ицәыргоуп ирыхцәажәоуп еицырдыруа ахьӡқәа, аҵеицәа нагақәа.

1989 ш. раахыс Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла иалаз В.Ҷолариа, аҟазараҿы еиҧш, ажурналистикаҿы аҧышәа бзиа ирҳахьан. Акымкәа-ҩбамкәа урысшәалагьы иҭижьыз ашәҟәқәа иара даараӡа ибзианы зылшамҭақәа идыруаз ауаа ирзикит. Урҭ иаабац очеркқәоуп ҳәа узрызҳәом, избанзар аҟазара ауаа рыҧсҭазаареи рырҿиаратә мҩеи акыр дагәылаҧшны, иҭҵааны аҧхьаҩ изнеигеит. Ҳәарада, ҳаамҭазтәи аҧсуа милаҭтә ҟазара аҭҵаараҿы лагала бзианы егьаанхоит.

Арҿиаҩы аганахь изааныжьрымызт Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра атема. Иҩызцәа реиҧш, иаргьы уи даара игәы ахәра аннаҵеит. Убри ихымҽуаз ахьаа ауп дазхьазырҧшызгьы. «Сменив черкеску на комуфляж» (1996) зыхьӡиҵаз ишәҟәы иагәылоу иочеркқәа рҟны дрыхцәажәоит Аҧсадгьыл ахьчараан иҭахаз артистцәа: Андреи Қәаранӡиа, Руслан Кәлаа, Даур Акаба, Рауф Дасаниа, Ақсент Агрба, Аркади Чачхалиа, Темур Аршба, аибашьра хлымӡаах иалаӡыз: Хьыбла Нанба, Марина Картосиди – Жьиба, Даур Ҟолбаиа уҳәа.

Анаҩстәи ашықәсқәа раан иаҧиҵаз аочеркқәа рахьтә хазы шәҟәқәаны иҭижьыз рҟны ицәыргоуп аҧсуа милаҭтә ҟазара арҿиараҿы злагала шьардоу: «Танец и душа» (1995, ахореограф Акаки Малиа); «Ражденная для танца» (1998, жәлар рартист Маиа Герзмаа); «Служение искусству» (1999, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Едуард Нанба); «Леонид Чепелянский» (2001, акомпозитор ирҿиаратә портреҭ); «Рыцарь абхазского танца» (2004, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Арвелод Ҭарба); «Наш Томас, нас Хаджарат» (2006, ашәаҳәаҩ, акиноактиор, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Томас Кокосқьыр). В.Ҷалариа, И.Нарманиа авторцәас иаманы иҭыжьын «Закан Халваш» (1999); В.Ҷолариеи М.Габниеи еицҭрыжьит «Артистическая династия» (2002, жәлар рартистцәа Сусанна Џьениеи лыҧшәма Владимир Царгәыши ирызкуп). Акыр шықәса агазеҭқәеи ажурналқәеи ирнылоз (аҧсышәалеи урысшәалеи) егьырҭ истатиақәеи, иочеркқәеи, иажәабжьқәеи реизга аҭыжьра дзахьымӡакәа идунеи иҧсахит. Иҟалап, уи ахаҵгылара агәаҳәара зауа ҟаларгьы, избанзар урҭ зегьы аҧсуа милаҭтә культуреи аҟазареи рыҿиара ам­ҩа аадырҧшуеит.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаҧсазтәыз ансамбль Азиеи, Африкеи, Алатынтә Америкеи ртәылақәа рҟны ақәгыларақәа ирыцыз ахҭысқәа инарҭбааны акьыҧхь иахьанылоз ҳмилаҭтә культура аӡыргара иацхраауан, аҧсуа ҟазара аҭоурых азгьы хәарҭара алазаауеит.

Аҳәынҭқарратә ансамбль аҟны ашәаҳәареи, насгьы алитературеи, аҭҵаареи, ажурналистикеи, апублицистикеи қәҿиарала еилазыгӡоз В.Ҷолариа иҧсҭазаара ихаҿы изаагомызт урҭ рыда. Еснагь ижәлар рыгәҭа дгылазар акәын. Иқьиареи, иуаҩреи, иаамысҭашәареи ддырҧшӡон, ҟазшьа бзиангьы иныҟәигон. Игәыҳалалреи, есымшааира ихы-игәы иқәубаауаз иччаҧшьи, аҧсҭазаараҿы илиршази рыла дыргәаладыршәалашт дыздыруаз зегьы.

Ихаҭа иакәзар, аҧсуа ҟазара еиҧш, иҧсадгьыли, иуаажәлари, иқыҭауааи, икәакьацәеи, иҭаацәеи еснагь дрызгәдуун. Аҧсны аҧеиҧш бзиа агәра игон. Абас дымҩасит Нарџьхьоу ашьха амҵа – дахьиз, дахьааӡаз иқыҭа зыҧхыӡ иалаз, имҩашьауа зышьҭагьы аанзыжьыз Валери Ладикәа-иҧа Ҷолариа.


В.Аҧҳазоу  

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me