Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахылаҧшреи ацхыраареи зегьы ирыцкуп

 

Хаҭала, аҧсуа жәлар рхаҭарнакцәа аӡәырҩы реиҧш, сызлыҵыз сыжәлар срызгәыдууп, смилаҭ зегь раҧхьа исыргылоит.

Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы аҧсуа иаҭәам ахымҩаҧгашьақәа ахьызбо сшазыразым аартны исҳәар сҭахуп. Изааӡарызеи, шьоукы – изааӡаз рангьы аҧара азы дырҭиуа аҟынӡа инеихьеит, урҭ рзы иҧшьоу, изыхӡыӡаауа ҳәа акгьы ыҟам. Ҳбызшәа хьаас дара ирымам, ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи ирызхәыцуам, ҳажәлар уаҵәтәи рҧеиҧш акәзар, ргәы иҵхом, амала еицаҳзеиҧшу ҳаҧсадгьыл аҿы «рыла ҧхашьарак хымкәан» иаарбо, иаарымҧыхьашәо зегь аҧарахь ахырхарҭа арҭоит.  Ҳажәлар ирыхәо ак ҟарҵошәа, уи «аҧшра» аҭаны, абизнес алаҟарҵоит. Абизнес злухлакгьы, ашколтә форма абизнес алхра –  уиҵәҟьа Анцәагьы ауаагьы ир­џьыршьо иҟам.

Аҧсны аҵара аминистрра адҵа ҟанаҵеит ҳәа аҭаацәа агәра дырхаҵаны, школқәак рҿы, арҵаҩцәа даара ҳаҭыр шрықәысҵогьы, арҵаҩы иаҳаҭыр ла­зырҟәуа рҵаҩцәақәак «абри аҩыза ашколтә форма, абригьы-абригьы адәқьан аҟны иаашә­хәароуп» – ҳәа «ҧсыхәа змам акәны» аҭаацәа ирыдыргало иалагахьеит. Урҭ хьыӡҳәала ҳарзааҭгылом, ари астатиа иаҧхьар, хымҧада, рхы рдыруеит…

Азҵаара сызцәырҵуеит хаҭала, иахьзеи ҵыҧх иҧшӡаӡа ахәыҷқәа иныҟәыргоз ашколтә форма?! Аформа шхадароу зегь рзы еилкаауп, аха уи акзаҵәык аума хырҩаа зҭатәу, ихарҟьацәаны изызнеитәу?!

Сгәаанагарала, ахәыҷқәа рыҩнуҵҟа еилых ҟамҵакәан, аҵаратә процесс аиҿкаара, аизырҳара еиҳа хырҩаа аҭатәуп, уи еиҳа ихадоуп.

Ашколтә программа шеиҿкаау рацәак иалацәажәаӡом, ахәыҷқәа рырҵага шәҟәы иану рықәра ишаҵанамкуа аӡәгьы дазааҭгылаӡом, ашколтә форма заҵәык ауп проблемас иқәгылоу. Ашколтә форма заҧҵоу – аҵаҩы аҽырбарахь дхьанамырҧшырц, аӡә далкааны дҟамларц азы ауп зегьы еицырзеиҧшу ашәҵатәы зырӡбаз. Аха иара ахәыҷқәа еицырзеиҧшу ашколтә формагьы «аҽырбарахь» ииаагоит ҳәа ҳаҿуп.

Ашколтә форма ҳәа уажә иаҧшьыргаз 5-6 нызқь еиҵаны иузаахәаӡом. Ахәыҷы ҩынтә-хынтә иҽызлеиҭеикшагьы аахәатәуп. Шьҭа ҳазхәыцып аҭаацәара рацәа, иара убас малла ибеиам аҭаацәарақәа рхәыҷқәа ашкол ахь рышьҭра шаҟа ирцәыхьанҭоу, изҵаҳҵо аидара. Урҭ ирылшарыма рыхшара ашколтә форма рзыхәҳаны, еиқәыршәаны ашкол ахь рышьҭра?!

Абарҭ азҵаарақәа инарымаданы ҳара ҳамҩахыҵит Аҧсны аҵара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа-ҧҳа лахь.

Уи ҳаиҿцәажәараан, инаҵшьны иазгәалҭеит, Аҧсны аҵара аминистрра аҟнытә ашколқәеи арҵаҩцәеи аӡәгьы адҵа шырмоуз, хықәкыла, «абри аҩыза, абри адәқьан аҿы ихәҳатәуп» – ҳәа аӡәгьы ишрабжьимгаз. «Аҧсны аҵара аминистрра аҟнытә ус еиҧш азингьы ҳамаӡам, уимоу, аҵара апроцесс иаҵанакуа џьара лагалак анҳамоугьы атәы­ла анапхгара рыда иаҳзышьақәырҕәҕәом», – лҳәеит уи.

«Ашколтә форма ыҟазароуп, аха уи ахарҟьареи абизнес алхреи иашам сгәаанагарала. Ҳара хықәкы хаданы ҳҿаҧхьа иқәгылоу аҵарадырра ашьҭыхра ауп, уи раҧхьа иҳаргылароуп», – лҳәеит Аҧсны аҵара аминистр ак­әи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа-ҧҳа ҳаиҿцәажәара хыркәшо.

Аиашазы, рҵаҩцәақәаки, ҭаацәарақәаки ашколтә форма абизнес алхра згәы иҭоу рыххәыцра аҧсам. Аӡәгьы мчыла рыдгалара азин рымаӡам. Убри аҟнытә, уи хырҩаа аҭатәым…

Ада Кәарҷелиа-ҧҳа лыҿцәажәара ашьҭахь, хаҭала, ахшара рацәа змоуи малла ибеиам аҭаацәарақәеи ашколтә форма аганахьала цхыраарас иҟоу аилкааразы ҳиҿцәажәеит Аҧсны аҵара аминистрра аматериалтә-техникатә еиқәыршәара аҟәша аиҳабы Радам Кәурт-оҕлы. Уи иажәақәа рыла, иахьазы ашколтә формала еиқәдыршәо ахшара рацәа змоуи заагарҭа маҷу аҭаацәарақәеи шьақәыргылоуп Аҧсны Асоциалтә еиқәыршәара аминистрреи дареи русеицурала еиҿкаау асиа инақәыршәаны.

Радам ҳаиҿцәажәараан инаҵ­шьны иазгәеиҭеит, формала еиқәдыршәо ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара шынаӡо 800-ҩык рҟынӡа. «Аҧсны еиуеиҧшым араионқәеи ақалақьқәеи рҟнытәи ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа рыхьӡала арзаҳалқәа лассы-лассы иҳауеит, аха макьана ҳалшара азхом урҭ зегьы ацхыраара раҳҭартә еиҧш», – иҳәеит уи ҳаиҿцәажәараан.

Аиашазы, ҳтәыла даара ибеиамзаргьы, зынӡагьы иҕарны иҟам. Ҳалшарақәа ииашоу ахырхарҭа рыҭара ҳазхәыцуазар, уаҵәтәи ҳҧеиҧш зыӡбо, уи знапы иану аҿар рызхьаҧшреи ацхыраара рыҭареи зегьы ирыцкуп.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me