Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ақыҭанхамҩатә проект

Хышықәса инарыцны иҵуеит ҳтәылаҿ ақыҭанхамҩатә проект ФАО ООН захьӡу аартуижьҭеи. Иара хықәкыс иамоуп арахәааӡара знапы алаку ауааҧсыра ацхыраара рыҭара.

Лариса Салаҟаиа дынхоит Кәтол ақыҭан, ахеилак далоижьҭеи уажәшьҭа маҷ ҵуам, ирацәоуп иҟалҵо ашә хкқәа. Ақыҭаҿы арахә рзануп, зышьҭра бзиоу ажәхьақәа рымоуп. Ирауа аалыҵ аҭираз уадаҩра рымаӡам. Иаабац аҧсуа шәқәа инарҷыдангьы, апроект ирыднагалаз ахкқәа рыҟаҵара нап адыркит, хәыҷык иуадаҩзаргь уажәшьҭа иашьцылеит, еиҳа-еиҳа имарианы ишрыцааиуа инаҵшьны иазгәалҭеит лцәажәараҿ.     

Иааидкыланы ҧшьышәҩык инарыцны ҳтәылаҿтәи арахәа­аӡаҩцәа аиҿкаара иаладырхәхьеит. Ааигәа Аҟәа ақалақь, адәқьан «Аҵыбра» захьӡу аҟны  еиҿыркааит  хҩык  ашәҟаҵаҩцәа  рышә зеиҧшроу агьамабара,  арахь  иааир  рылшон  агәаҳәара  змоу  зегьы.   

Апроект напхгаҩыс дамоуп Владимр Кокарев. «Апроект ацхыраара аҟаҵара иазхиоуп ианакәызаалакгьы уи аҧҟарақәа иры­қәныҟәо рзыҳәан», ҳәа азгәеиҭоит иара. 

…Ари ахеилак аҿы аус зуа аекспертцәа иалахәу иддырбоит ииашаны еиуеиҧшым ашәа хкқәа рыҟаҵашьа. Аалыҵ ирауа акәзар, аӡыргараҿ ацхыраара рырҭоит. Дара ирҳәоит иалахәу зегьы агәацҧыҳәара рыманы ишаҿу рус, аҿыц аҧшьгарақәа ирыдаҳгало хшыҩзышьҭрала иазнеиуеит, ирзымдыруа аилкаара иашьҭоуп ҳәа. 

Ашьамаҟа иртәу ашә еиҧш араҟа иуҧылон аҧсаса иртәугьы, аҟаҵара знапалаку дыруаӡәкуп Наталиа Шевцова. Раҧхьаӡа рхала еиҿкааны иаҿын, анаҩс апроект аӡбахә анраҳа уи иалалоит. Ацхыраара анрырҭа ихымҧадатәиу амыругақәа рыла ианеиқәдыршәа рымҽхак акырӡа идырҭбааит. Лара иазгәалҭоит иахьазын аахкык рҟынӡа ашә шыҟалҵо. Аџьабаа рацәаны иаҭа­хуп, аха умаашьар зегь уқәманшәалахоит, лҳәоит. 

Лассы-лассы ари адәқьан иаҭаауа аахәаҩцәа рхыҧхьаӡраҿ дыҟоуп ашәаҳәаҩ Саида Габниаҧҳа, лара лажәақәа ры­ла, ақыҭаҟынтәи иаарго ашә даҽакы иалаҩашьом. Уаанӡа аҧсуа шәқәа рымацара ракәызҭгьы иҟаз, уажәшьҭа ирацәахо иалагеит еиуеиҧшым ахкқәа, урҭ зегь рыҟаҵашьа адагьы ргьамақәа хазхазуп, доусу игәы иақәшәо игартә аҭагылазаашьа ахьи­мо уеигәырҕьоит, ҳҭаацәа акырӡа пату ақәырҵоит ашә, ахәыҷқәа ракәзар иргәарҧханы ир­фоит. Саида леиҧш ирацәаҩын агәахәара знаҭаз иаҧшьгоу аиҿкаара.

Ҿыц ари апроек иалалаз иахьаранахыс адәқьан «Аҵыбра» аиҳаби дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ашәа аҭираз арахь аагара азин шрымоу ала. Ҳәарада, агәаанагара ҳамоуп аҧхьаҟа анхацәа рзы хәарҭара злоу ари апроект аҧхьаҟа ишацҵахо ала. 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me